Азҵаарақәа жәпакы: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Sputnik аҿы ипресс-конференциа

© Sputnik / Томас Тхайцук Алексей Двинянин
 Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа, акоронавирус иаҿагылан ақәԥара, Аиааира 75 шықәса ахыҵреи Урыстәыла Амши разгәаҭара уҳәа Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Россотрудничество анапхгаҩы Вадим Чехеи.

Аԥкыратә уснагӡатәқәа андырԥсыҽ ашьҭахь Sputnik аҿы имҩаԥысыз раԥхьатәи апресс-конференциа ажурналистцәа рзы аинтерес ду аҵан. Ажурналистцәа иаразнакы иазгәарҭеит асқамқәа уаанӡеиԥш акәымкәа апресс-центр аҿы рыргылашьа. Иҟан асоциалтә дистанциа иазхьамԥшуазгьы, аха аиҿкааҩцәа урҭ иргәаладыршәеит ашәарҭадара ишықәныҟәатәу.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Имаҷым ақәра

Урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа ирызкыз апресс-конференциа ааиртит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аофициалтә дипломатиатә еизыҟазаашьақәа  рхы ркит 12 шықәса раԥхьа. Аха, иазгәеиҭеит Двинианин, аизыҟазаашьа ақәра шмаҷугьы аусурақәа акыр иҭбаауп. Атәылақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра-зинтә база шәкы инареиҳаны документ аҵанакуеит. Арҭ аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы аусурақәа иахьагьы ирыцырҵоит. Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, ихырхарҭа хадоу 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз аусеицуреи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡароуп.

Города России. Москва - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи аинвестициақәа рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Двинианин дрылацәажәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы напы зҵаҩу адокументқәагьы. Арахь иаҵанакуеит Аԥсны арратә мчрақәа реиӷьтәразы аԥаразоужьра амҩаԥгаразы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо атәылауаа ркатегориақәак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра ацҵақәа.

2019 шықәса анҵәамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ишьақәнарӷәӷәеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҿиара иазоужьхоит ԥшь-миллиардки бжаки рҟынӡа.

"Ари ԥара маҷым. Ареспублика анапхгара рақәшаҳаҭрала дара азцоит Аԥсны аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара. Хаҭала: амҩақәа рремонт, афымцацәаҳәақәа рырҿыцра, аӡымҩангагатә системақәа реиҭашьақәыргылара, амедицинатә усҳәарҭақәеи Гагра акурорти рырҿиара уҳәа асоциалтә ҟазшьа змоу аобиектқәа", - ҳәа иҳәеит Двинианин.

Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны ацхыраара шанаҭо жәларбжьаратәи азхаҵаразы аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәеи иареи аимадарақәа рыбжьаҵараҿы. Арҭ аусурақәа реиҳарак бла иабом ҳәа азгәеиҭеит иара.

Флаги  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҿиаразы аинвестициатә программа 2020 шықәсазы еиҵахаӡом

"Асеиԥш иаартны ҳзаламцәажәо изыҟоу аиашара иадгыларц, Аԥсны азхазҵарц зҭаху атәылақәа ԥырхага рмоурц ауп. Избанзар Қырҭтәыла иадгылоу мраҭашәаратәи атәылақәа урҭ ирықәыӷәӷәоит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәеи ҳареи ҳусеицура иунарбоит ареспублика ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рзы ақәԥаразы Аԥсны иадгылоу атәылақәа шырацәоу. Иҟоу Аԥсны аиԥш зеиԥшу атәылақәагьы. Иаҳҳәап, урҭ иреиоуп аколониалтә қәыӷәӷәара иаҿагылан иқәԥо, аха макьаназ дара аполитикатә ма аекономикатә мзызқәа инарыдҳәаланы Мраҭашәара ду изаҿагылом".

Авирус аҿагылара

Алексеи Двинианин инарҭбааны дазааҭгылеит адунеи зымҽхазкыз акоронавирус иаҿагыланы ақәԥара амҩаԥысшьа.

"Авирус иазку аинформациа зны-зынла аибашьраҟынтәи адыррақәа иреиԥшуп. Аха, анцәа иџьшьаны, уажәы уи аԥсыҽхара иаҿуп. Маҷ-маҷ иаԥаҳхуеит аԥкырақәа, аҳәаа ахысрагьы абрахь иналаҵаны", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит рашәара 6 рзы Урыстәыла аиҳабыра ишдырԥсыҽыз аҳәаа ахыҵра.

Алексеи Двинианин иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган шеигәыӷуа Аԥсны ауааԥсыра еилыркаап ҳәа аҳәаа аҳәаанырцәуаа рахысра  алмыршараз аркразы ирыдыркылаз аӡбамҭа.

Самолет в Сочи, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Аусураз, аҽыхәышәтәраз, аҵаразы: Урыстәыла аҳәаақәа ззаанартуа

Уажәшьҭа Урыстәылаҟа иалалар ҟалоит:

▪️ Аҽыхәышәтәразы ицо ауаа.

▪️ Знык иалалар ҟалоит ирзааигәоу рыуацәа чмазцәа рхылаԥшразы ицо ауаа.

Иара убас иҟалоит:

▪️ Урыстәылантәи аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррахь ирзааигәоу рыуацәа чмазцәа рхылаԥшразы ицо ауаа знык иалҵыр.

▪️ Урыстәыла анҭыҵ инхо рҭаацәеи дареи ҩаԥхьа еицынхарц азы ицо ауаа знык иалҵыр.

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik аҟны апресс-конференциа
Азҵаарақәа жәпакы: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Sputnik аҿы ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Sputnik аҟны апресс-конференциа

"Акоронавирус ҳаҿагыланы иҳадаҳкыло аусмҩаԥгатәқәа рылҵшәақәа еиӷьхацыпхьаӡа аԥкрақәа хәыҷы-хәыҷла иахаҳхлоит. Агәҽанызаареи аԥырҟәҟәаарақәеи роуп хадара злоу уажәтәи ҳҭагылазаашьаҿы. Урыстәылеи Аԥсни репидемиологиатә ҭагылазаашьа уажәы-уашьҭан еиӷьымхар ауам, уаанӡеиԥш ҳаԥсҭазаара ҳазыхынҳәуеит. Урыстәыла Аԥсны ишацхраац иацхраалоит", – иҳәеит иара.

Аиааира аиубилеии Урыстәыла Амши

Апресс-конференциаҿы еиҭарҳәеит Аиааира 75 шықәса ахыҵреи Урыстәыла Амши разгәаҭаразы гәҭакқәас ирымоу. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха излеиҭеиҳәаз ала, Лаҵара 9 рзы имҩаԥыргараны иҟаз аусқәа зегьы шьаҿа-шьаҿала ашықәс зегьы иалагӡаны инарыгӡалоит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Москва имҩаԥысуа Аиааира апарад далахәхоит

Иара ишазгәеиҭаз ала, усмҩаԥгатәқәак ҟарҵахьеит. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" хәҭакахьала онлаин-ҳасабла иахысхьеит.

"Аԥсны "Ԥсра зқәым архәҭа" ԥхынгәы 26 рзы имҩаԥаагап ҳәа иазгәаҭаны иҳамоуп. Рашәара 24 рзы Аиааира Амш апарад иазку акциа ҟалоит. Сынтәа аҭыԥ рыман Аиааира Амш иазку аицлабрақәа рацәаны", – иҳәеит иара.

Чеха иажәақәа рыла, Аџьынџьтәылатә еибашьра алагареи Аҩбатәи адунеитә еибашьра ахыркәшареи ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа ирызку аинформациа Россотрудничество асаит аҟны ицәыргалахоит.

Аԥсны Урыстәыла Амшгьы азгәарҭараны иҟоуп. Ауаажәларратә еиҿкаара "Аиааира аволонтиорцәа" Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа ирзыршалоит Урыстәыла абираҟ ацәаҳәақәа хԥа зну ацахақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0