Згәы разыз, аиаша бзиа избоз ауаҩы: Зураб Ачба игәалашәара иазкны

© SputnikЗураб Ачба
Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабша, рашәара 27 рзы иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хадас иҟаз, аибашьра аветеран Зураб Омех-иԥа Ачба.

АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Згәы ҭбааз ауаҩы лаша дҳаԥхеит, абас Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа дигәалаиршәоит асабша, рашәара 27 рзы иаалырҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Арратә госпиталь хада аҳақьым хада Зураб Ачба.

Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Иԥсҭазаара далҵит Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь аҳақьым хада Зураб Ачба

"Дҳацәцеит аофицер замана, зус здыруаз, ахәышәтәра знапы алакыз ауаҩы. Иара иџьабаа ӷәӷәан аибашьраҟны, уи ашьҭахьгьы. Даара игәы былуан инапы злакыз аус азы, ахәышәтәырҭазы, ихы-игәаҟынӡа инаганы далацәажәон аҵыхәтәанынӡа", - иҳәеит аминистр.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Зураб Ачба Мрагыларатәи афронт аҟны адәынтәи агоспиталь напхгара аиҭон. Аибашьра аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа ԥсшьарак ҟамҵакәа аус руан иҩызцәеи иареи ҳәа азгәеиҭеит Ануа, иара иажәақәа рыла, иԥсадгьыл азы иибаз аџьабаақәа рзы "Леон" иорден ианашьоуп.

Акыр шықәса игәы иҵхоз, дызмырҭынчуаз зҵаараны изықәгылан 2010 шықәса раахижьҭеи напхгара ззиуаз агоспиталь атехникатә ҭагылазаашьа. Ачба изныкымкәа ауаажәларреи атәыла анапхгареи азхьаирԥшуан ахәышәтәырҭа аремонт ахьазыҟаҵам азы уа аус зуа аҳақьымцәеи аусзуҩцәеи рҭагылазаашьа уадаҩ.

Владимир Ануа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ануа аҳақьым Зураб Ачба изы: згәы ҭбааз, зыԥсадгьыл иазхәыцуаз уаҩын

Атәылахьчара аминистр иажәақәа рыла, Зураб Ачбеи иколлегацәеи урҭ апроблемақәа рыӡбаразы ирылшоз зегьы ҟарҵон, хәыҷык иадамхаргьы рҭагылазаашьа аиӷьтәразы. Зны-зынла аҳәынҭқарра, ма Атәылахьчара аминистрра анрыцхраауазгьы ыҟан.

Владимир Ануа иажәақәа рыла, Зураб Ачба аибашьҩы иқәнагоу ҳаҭырқәҵара дула анышә дамардоит.

2011 шықәса раахижьҭеи Арратә госпиталь аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус зуа Алиас Џьынџьал Зураб Ачба дигәалаиршәоит згәы разыз, аиаша бзиа избоз уаҩны.

"Аӡәы ихьаа иара иихьаан, игәы разын, ианаҭахызгьы аџьбарара ааирԥшуан. Аусураҟны ак рцәагхар, ма еихьӡарак аӡәы иааирԥшыр, ихатәеиԥш идикылон. Иара аԥсҭазаара бзиа ибон, ҳусура ашьҭахь ҳаидтәаларақәа иара иакәын еснагь иаԥшьызгоз. Ҳара ҳколлектив иалоу еиҳарак ҿарацәоуп. Аусурахь ианҳадаҳкылоз зхәыҷқәа ирыцны иаақәоз аҭаацәа ус реиҳәон: "Шәыхшара шәхашәыршҭ, урҭ сара схәыҷқәа роуп уажәшьҭа", - ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Џьынџьал.

Иара иажәақәа рыла, Зураб Ачба иԥсҭазаара дшалҵыз азы ажәабжь бааԥс анрылаҩ, Урыстәыла, Германиа, Италиа уҳәа инхо рҩызцәа аҭел иасуа иалагеит, урҭ зегьы ргәы даара иалсит, рхатәы рыцҳарак еиԥш ирыдыркылеит уи  абас иаалырҟьаны дахьрыԥхаз. Аҳәаанырцә аҵара зҵо арратә госпиталь аординаторцәа русқәа зегьы кажьны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагаразы Аԥсныҟа ихынҳәуеит ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал.

Агудзерский военный госпиталь - Sputnik Аҧсны
Иаҳаркыр акәхоит: Агәыӡератәи агоспиталь аҳақьым хада Бжьаниа иахь аҳәамҭа ҟаиҵеит

Џьынџьал иара убас инаҵшьны иҳәеит реиҳабы акыр шықәса дшазықәԥоз агоспиталь афинансқәа азоурыжьырц, уи ахыбра аҭагылазаашьа аиӷьтәра алыршахазарц. Уи уахи-ҽни дазхәыцуан, игәы иасуан дызхагылаз аусбарҭа апроблемақәа ахьамаз. Иара изныкымкәа АИХқәа адиԥхьалон рҭагылазаашьа зеиԥшроу ажәлар, аиҳабыра иддырбарц, аха уаҳа дыззыҳәоз ацхыраара абара дахьымӡакәа иԥсҭазаара далҵит.

"Иара еснагь хәыцырҭас иман ихы-иԥсы зегьы зыхҭниҵоз игоспиталь, иколлектив. Аҭҵаарадырреи амедицинеи иҽазҵәылхны дрышьҭан", - иҳәеит Џьынџьал.

Шықәсқәак раԥхьа Зураб Ачба ахәыҷы рацәа змоу, заагамҭа маҷу Алада Ешыра инхо Џьӷамазиаа рҭаацәара рныҟәгара ихахьы игеит. Иара урҭ фатәыла-жәтәыла, маҭәаҩыҭәала еиқәиршәон, уи адагьы иара ибзоураны дара Аҟәа аҩн ҿыц роуртә иҟалеит аҳәынҭқарратә нхарҭатә программа инақәыршәаны. Уаанӡа урҭ ахьынхоз аҩны дара иртәымызт, аилаҳара иаҿын, унхартә иҟамызт.

Џьӷамазиаа рҭаацәара ацхыраара риҭоит Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара

Алиас Џьынџьал игәалаиршәеит мышқәак раԥхьагьы Зураб Ачба ҩаԥхьа уи аҭаацәара рахь дышцаз, афатәи-ажәтәи амаҭәеи иманы, уи рзеизгараҟны ҳколлективгьы ицхрааит иҳәеит.

Зураб Ачба диит 1965 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны, 1989 шықәсазы далгеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә медицинатә институт ахәышәтәратә факультет.

1992 - 1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветеранын.

1993 - 1998 шықәсқәа рзы Красноиарск ақалақь аҟны Амедицинатә цхыраара ласы ахәышәтәырҭа аԥҟарҭа аҟәша аординаторс дыҟан. 1998 - 2010 шықәсқәа рзы Гәылрыԥшь араион аҳақьым хадас, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада ахәышәтәратә ҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2010 шықәсазы агоспиталь ҳақьым хадас дахагылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0