Sputnik амчыбжь: Аиааира апарад, Артур Анқәаб ихақәиҭтәра, Аԥсуа баагәара ду

© Фотохост-агентство / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрибытие глав иностранных государств в Московский Кремль
Прибытие глав иностранных государств в Московский Кремль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵраз апарад далахәын, аӡбарҭа ихы дақәиҭнатәит уаанӡа атәыла ахадарахьы иқәгылаз акандидат Артур Анқәаб, Аԥсуа ҭӡеибаркыра аҭҵааразы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ажрақәа хдыркәшеит.

Рашәара 22 - 28 рзы ареспубликаҿы иналукааша ахҭысқәа Sputnik Аԥсны аматериалқәа рҿы.

Sputnik

Алахьеиқәра амш

Амчыбжь алагеит Агәалашәареи алахьеиқәреи рымш ала. Рашәара 22 1941 шықәса рзы иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Абри амш агәалашәаразы рашәара 21 аҽны Аҟәа имҩаԥган акца "Агәалашәара ацәашьы".

Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагара амш - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш

Рашәара 22 рзы иҭахаз ргәалашәаразы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа амитинг еиҿыркааит Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Аҟәа ақалақь ахадара.

Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иалахәын Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, араионқәа рхадацәа, Аҟәа ахадара аусзуҩцәа, Аԥсны иҟоу Россотрудничествои Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи рхаҭарнакцәа.

Рашәара 24 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра ахьӡала маланыҟәала аиԥхныҩлара мҩаԥган Аҟәа. Акциа рҽаладырхәит 30-ҩык рҟынӡа ареспублика ауааԥсыра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи русзуҩцәа.

Акциа хацыркын Москва Аҩны аҿаԥхьаҟынтә Москва имҩаԥысуаз Аиааира апарад аамҭа иақәыршәаны.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа Аԥсны амҩақәа ирнысит аидарамҩангага машьына иангыланы, аибашьраантәи ашәақәа ҳәо, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра ахьӡала. Аладатәи арратә округ аруаа автомашьынала рымҩанысра рҽаладырхәит 50 машьына рыла иҟаз аҭыԥантәи ауааԥсыра.

Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара

Рашәара 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа амҩа дықәлеит рашәара 24 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵраз апарад далахәхарц.

Аслан Бжания и Владимир Путин  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Аиааира апарад далахәуп

Аслан Бжьаниа Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин.

Аԥснытәи аофициалтә делегациа иалахәын убасгьы Апарламент адепутат Лаша Ашәбеи, ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынбеи. Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара иалагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ахаҭарнакцәа дырԥылараны дыҟан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи аиааира иазку апарадқәа традициак аҳасаб ала лаҵара 9 рзы имҩаԥыргон, аха сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны имҩаԥгаз аҳауатә мчрақәа рпарад мацароуп.

Авидеонҵамҭа: Аиааира Ду апарад Москва ишымҩаԥысыз>>

Афотосахьақәа: Аиааира Ду аҳаҭыраз: Ашҭа ҟаԥшь аҿы апарад шымҩаԥысыз>>

Аӡбарҭа азал аҟынтәи ахақәиҭтәра

Аԥсны ахадарахьы зкандидатура ықәгылаз Артур Анқәаб ихара ихыхны ихы дақәиҭнатәит Зарина Габеева лхантәаҩрала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рашәара 23 рзы.

Весы Фемиды, судейский молоток и юридическая литература - Sputnik Аҧсны
Артур Анқәаб уаанӡатәи атәыла анапхгара гәаӷшақә исышьҭан иҳәеит

Артур Анқәаб харас идырҵон Армен Григориан имҵарсра. Ашьаусҭҵаара ишаҳәо ала, уи дырӷьычит абҵара 24, 2019 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы, шасыс дызгаз иара иоушьҭразы "аԥара рацәаны ириҭарц мчыла дадырцалон". Ирӷьычыз ауаҩы дыԥшаан ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион ақыҭақәа руак аҟны.

Габеева иазгәалҭеит Артур Анқәаб иганахьала ахарадҵара ашьақәыргыларазы ахарадҵара иахәҭаз аршаҳаҭгақәа аӡбаҩцәа ишрыднамгалаз.

Ахара идызҵоз аган аҳәара ҟанаҵон ацәгьоурақәа реилаҵарала жәашықәса рҟынӡа ҭакрыла ахгара иқәҵазарц.

Аԥсны Апрокуратура хада ақәшаҳаҭым Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Артур Анқәаб иганахьала иаднакылаз аӡбамҭа, уи ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь азыҳәа нанашьҭит.

Артур Анқәаб иакәзар уаанӡатәи атәыла анапхгара гәаӷшақә исышьҭан иҳәеит.

Иаалырҟьаны аԥсра

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хада Зураб Ачба иԥсҭазаара далҵит асабша, рашәара 27 рзы. Ачба дшыцәаз игәы аангылеит.

Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Згәы разыз, аиаша бзиа избоз ауаҩы: Зураб Ачба игәалашәара иазкны

Зураб Ачба диит 1965 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны, 1989 шықәсазы далгеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә медицинатә институт ахәышәтәратә факультет.

1992 - 1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.

1993 - 1998 шықәсқәа рзы Красноиарск ақалақь аҟны Амедицинатә цхыраара ласы ахәышәтәырҭа аԥҟарҭа аҟәша аординаторс дыҟан. 1998 - 2010 шықәсқәа рзы Гәылрыԥшь араион аҳақьым хадаси, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада ахәышәтәратә ҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыси дыҟан. 2010 шықәсазы агоспиталь ҳақьым хадас дахагылеит.

Аԥсуа баагәара ду аҭҵаара

Ари амчыбжь азы ихыркәшахаз Аԥсуа баагәара аҭҵаара мҩаԥысуан афонд "Амшра" афинанстә цхыраарала. Агентра Sputnik ари апроект официалтә информациатә партниорс иазықәгылан.

Раскопки Великой абхазской стены в селе Мерхеул - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа баарыԥхрақәа рыҭҵаара аетап хада хыркәшоуп

"Ихадароу аетап анаҳҳәо адәаҿтәи аҭҵаароуп зыӡбахә ҳамоу, акультуратә ҭынха аобиект аҟны ҳнеины аҭҵаарақәа анымҩаԥаҳго – абаагәара аҭыӡқәеи абаашқәеи рҟны. Раԥхьатәи аетап ахь иаҵанакуан абарҭ абаашқәеи аҭыӡқәеи рфиксациа амҩаԥгара. Аҩбатәи аетап аан заа иалаҳхыз аҭыԥқәа рҟны ажрақәа мҩаԥаагон. Ҳара иалаҳхит х-обиектк: актәи – Гал араион иатәу Хьацҳа ақыҭан, аҩбатәи – Очамчыра араион, Џьгьарда ақыҭан, ахԥатәи – Гәылрыԥшь араион, Мархьаул ақыҭан иҟоу абааш. Иаҳҳәар ауеит археологиатә жрақәа ҳрылгеит ҳәа", – иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз апроект анапхгаҩы Шандор Ҟаитан.

Убри аан иара иазгәеиҭеит иԥшаау аматериал аҭҵаара аганахьала аусура рацәаны раԥхьаҟа ишышьҭоу.

Апроект иалахәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы Дмитри Счастныи иҳәеит, аекспедициақәа раамҭа иалагӡаны ирбаз аԥшаахқәа реиҳарак анышәаԥшьӡы (акерамика) иалху амаҭәарқәа рыԥҽыхақәа роуп ҳәа.

"Ари еиҳарак аҭыԥантәи керамикоуп, еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуеит, макьана иалкааны арыцхәқәа аҳмырбаӡацт, избанзар акамералтә ҭҵаарақәа хыркәшаӡам. Абри аҭыԥантәи акерамика инаваргыланы иаҳбеит убасгьы Ҟрымтәи адгьылбжьахабжеи Азови рҵакырақәа ирыдҳәалазар ауеит ҳәа ҳгәы иззаанаго аԥшаахқәагьы", – ҳәа азгәеиҭеит археолог.

Акерамика адагьы иԥшаан аиха иалху амаҭәарқәагьы: аҳәызбақәа, аҭса арҭәара иазку аџьаз иалху ахырҭәагақәа, ахҿақәа, ахаҳәтә алуқәа.

Агуманитартә коридор

Егры аӡиас ала Агуманитартә коридор аадыртит рашәара 22 рзы. Раԥхьатәи ԥшь-сааҭк ирылагӡаны аҳәаа иахысит 102-ҩык. Рашәара 24 рзы акоридор аркын. Агуманитартә коридор аус ауанаҵы ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа иахысит 907-ҩык ауааԥсыра.

Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Агуманитартә коридор ала Аԥсныҟа 900-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра хынҳәит

"Урҭ рҟынтәи 200-ҩык хәыҷқәоуп. Дара Аԥсны иатәылауаауп, ма ара инхоит. Рызегьы аҳәаа ахысразы азинқәа рыман", - ҳәа азгәарҭеит ашәарҭадаратә маҵзураҿы.

Аԥсны АШәМ аинформациала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла аҵакыраҿы иаанханы иҟан Аԥсны атәылауаҩра змоу реиԥш анхараз азин змоугьы жәпаҩны. Ҳтәылауаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраз алшара роурц азы еиҿкаан агуманитартә коридор.

Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауааи Аԥсны инхои рзы Аԥсны агуманитартә коридор еиҿнакаан 2020 шықәса рашәара 22 рзы, есыҽны асааҭ 9:00-19:00 рыбжьара ауаа аҳәаа иахысуан. Рашәара 24 рзы акоридор аркын.

Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп. Уи адагьы ҩымчыбжьатәи акарантин рхыргароуп. Аҳәааҿы иааиԥмырҟьаӡакәа амедусзуҩцәа гылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0