Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Сгəы иҭахаз аԥсуа қыҭа: Ҭырқəтəылатəи Џьгьарда иазкны

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаПейзаж абхазского села в Турции
Пейзаж абхазского села в Турции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәым дгьыл ахь ахҵәара иақәшәаз ҳажәлар рхылҵшьҭрақәа ирызку анҵамҭақәа равтор Сырма Ашәԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа цәа зыҟәну ақыҭа Џьгьарда иадҳәалоу лгәалашәарақәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Атəым жəҩан аҵанхара, атəымдгьыл ақəынхара акырӡа ирцəыуадаҩын зыԥсадгьыл иахыгаз ҳауаажəлар. Урҭ Аԥснытəи аԥсабара еиԥшыз аҭыԥқəа ԥшааны, излыҵыз аԥсуа қыҭақəа рыхьӡқəа еиқəырханы, рынхарҭа ҭыԥқəа алырхуан, раԥсуара излаҳəоз ала рхы ныҟəыргон. Уи арҵабыргуеит Ҭырқəтəыла инхо ҳашьцəа иахьа уажəраанӡа имырӡӡакəа иаарго ҳмилаҭтə культура атрадициақəа, ҳаԥсуара.

Сырма Ашуба - Sputnik Аҧсны
Исхамшҭуа, аԥхарра зхылҵуа амшқəа...

Агəхьаагара зцу амшқəа, 20 шықəса раԥхьа лабҿаба избаз Ҭырқəтəыла иҟоу аԥсуа қыҭақəа иахьагьы сгəы иҭыхəхəа иҭоуп. Зны-зынла хəыцрашəкы сеимаркуеит, аԥсуа қыҭақəа уа аԥсуаа рыла иҭырҭəааны ибзиахəӡа иҟазаргьы, рыԥсадгьыл аҟны рынхарҭа ҭыԥқəа изырхыбаахазеи ҳџьынџьуаа ҳəа.

Раԥхьаӡа Ҭырқəтəыла санца, хымԥада, сқыҭа Џьгьарда (ҭырқəшəала - Соуқсу) срыманы ицеит сашьцəа. Абар, Аԥснытəи ақыҭа Џьгьарда, амҩаду ахь укылызго амҩахəасҭақəа, абнарақəа, амхурсҭақəа, иаҵəабӷьыла иҭалаҳау ашəаԥыџьаԥ, арахə-ашəахə, ус шаҟа хкы? Ана-ара ашҭақəа рҿы улаԥш иҵашəоит ажəытəра шаҳаҭра азызуа аԥсуаа рыбзазаратə маҭəарқəа. Иааихҵəаны, аԥсуа шҭа аԥсуа цəа аҟəнуп.

Архнышьнақəеи ачуанқəеи ракəзар, ауаҩы илаԥш иахьыҵашəо икнаҳауп аԥсы рхаҵаны. Ажь иалхны аҩы шҭарымҭəогьы, "ҳабацəа иныҟəыргоз аӡахəажəла ауп" ҳəа ажь зыҟəныҳəҳəыла иҟаз аҵлақəагьы уԥылон.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунҬырқәтәылаҟа ихҵәаз аԥсуаа иахьнанагаз нхарҭас иалырхуан Аԥсны ианыҟаз рқыҭақәа иреиԥшыз аҭыԥқәа.
Сгəы иҭахаз аԥсуа қыҭа: Ҭырқəтəылатəи Џьгьарда иазкны - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылаҟа ихҵәаз аԥсуаа иахьнанагаз нхарҭас иалырхуан Аԥсны ианыҟаз рқыҭақәа иреиԥшыз аҭыԥқәа.

 

Ҭырқəтəылатəи Џьгьарда инхо аԥсуа жəлақəа ракəзар, Аԥснытəи Џьгьарда иҟоу ажəлақəа роуп, иуԥылоит амҳаџьырра ихнарҵəаз ажəлақəагьы. Сара сқыҭа аиҳабацəа ирҳəо саҳахьан, Цыбааи Арҩыҭааи нхон ажəытəан ара ҳəа. Ҭырқəтəыла, Џьгьарда ақыҭан арҭ ажəлақəа нхоит. Сара сахьиз ақыҭаҿы урҭ рнышəынҭра ҭыԥқəа рҟəырҷахақəа иахьагьы еиқəханы иҟоуп, ҭыӡҭыԥла иахьынхозгьы еиҭарҳəалон аҭоурых здыруаз ауаа.

Ҭырқəтəыла иҟоу Џьгьарда ақыҭа агəаны игылоуп ажəҩан ҵзыԥссо ачамҳаҵлақəа. Уатəи аиҳабацəа изларҳəо ала, рабдуцəа Аԥснынтə ахҵəара ианақəшəа, арҭ ачамҳаҵлақəа рышəагаа зынӡа имаҷын, ркьаҿ нахадырԥар иааннакылартə еиԥш иҟан. Уижьҭеи шаҟа шықəса ныхиааланы ицахьоузеи, аамҭеиҭасра иациуаз ахҭысқəа рхаҿра шаҟа аҽеиҭанакхьоузеи, адгьыли ажəҩани зцəажəозҭгьы, заҟа маӡа ҳзаадыртрыз?

Кефкен. Турция. - Sputnik Аҧсны
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы

Амшыннырцə иҟоу аԥсуа қыҭақəа досу дара рхатə ҭоурых рымоуп, ишьақəзыргылаз аԥхьагылаҩцəа ирыбзоураны. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага, Џьгьарда ақыҭа иалҵны иааз Аԥсадгьыл ахьчаҩцəа рыхьӡқəа ирызгəыдууны исарҳəон. Убарҭ дыруаӡəкуп аӷа ихымца изацəымцаз, Ҭырқəтəылантəи иаан еибашьуаз иҭахаз арԥарцəа рахьтə раԥхьатəи ԥсҭбараны иҟалаз Ефқан Цыба иӡбахə.

Ефқан Цыба анышə дамадоуп иара дахьиз ақыҭаҿы, уи иҳаҭгəын снапы ықəысшьыртə еиԥш саргьы ислахьынҵахеит. Абыржəы сыбла иаахгылеит Ефқан иҭеиҭыԥш, аԥсҭазаара иазыҳəоз, зыблақəа еихаччоз ихаҿсахьа, издыруадаз аибашьра еилгар, Аԥсны ԥшӡа иҿыцəаахьаз ихəышьҭаарамца еиқəиҵазҭгьы, аха илахьынҵаџьбара ус еиԥш ицныҟəеит.

Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара

Акыршықəса сҩыгашəҟəы иагəылаҵəахны исыман Ефқан иҳаҭгəын иқəыршəыз аҵла иаҿшəаз абӷьыц хəыҷы, Аԥснынӡа иаазгеит, ашьҭахь Аҟəа ақалақь Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы ҳаибашьцəа анышə иахьамадоу аҭыԥ ԥшьаҿы инсыжьит, сара стəала ус сазхəыцит.

Ари ақыҭа иадҳəалоу схəыцрақəа рыҽдыртлеит, исҭахуп аԥхьаҩ иҟынӡа зегьы еидкыланы иназгарц, аха иуадаҩуп, ақыҭа агəеисыбжь лабҿаба иунырроуп, уи аԥсҭазаара хаҭала уагəылагылароуп. Ҭырқəтəылаҟа сцаны, сжурналисттə усура иахашəало аамҭа хəыҷык сыманы, Џьгьарда ақыҭа сымнеикəа схынҳəӡом. Уаҟа инхоит аҩбатəи сара сҭаацəа, ԥҳаҵас, иаҳəшьаҵас аханатə сыздызкылаз шəышықəса ирзааигəоу Феҳми Ашəба иҭаацəа, урҭ рҳақ ду сыдуп.

Сырма Ашәԥҳаи Феҳми Ашәбеи, Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа
Сгəы иҭахаз аԥсуа қыҭа: Ҭырқəтəылатəи Џьгьарда иазкны - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәԥҳаи Феҳми Ашәбеи, Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа

 

Атəымџьара сыҟоушəа ахаангьы сгəы иамбац ари ақыҭаҿы саныҟоу. Избанзар, зегьы аԥсышəала ицəажəоит, ажəытə жəабжьқəа, алакəқəа, ацуфарақəа уҳəа, инеимда-ааимданы еиҭарҳəоит. Шьыжьхьа ҳəа какалк анаҳклак, ашҭа сынҭыҵны агəарабжьара сныбжьалон, ааи сашҭахаҭа сынҭыҵны сгəылацəаҵəҟьа срызцошəа.

Амҩаду иаԥну абаҳчақəа рҿы ихьыхəаны игылоу ашəырҵлақəа ураҩсны узцарым, ашҭа аӡə дықəны дызбар дысзымдыруазаргьы, сыбжьы наиқəсыргон: "Аԥснынтə сааит, саԥсыуоуп", - абас насҳəар, шаҟа игəы иахəоз ԥхьаӡаны, анаҩс ҳаибадырра иахылҿиаауаз ажəабжьқəа, хымԥада сыуаажəлар рҟынӡа иҭаҩны аагара сылсыршон. Ах, ишԥагəхьаазгои уи иацыз ахаара, уи иацыз агəыбылра...

© SputnikСырма Ашәԥҳа Ҭырқәтәыла иҟоу Џьгьарда ақыҭан
Сгəы иҭахаз аԥсуа қыҭа: Ҭырқəтəылатəи Џьгьарда иазкны - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәԥҳа Ҭырқәтәыла иҟоу Џьгьарда ақыҭан

 

Абар, акамбашьқəа агəарабжьара ибжьаланы иахьааиуаз, иааџьасшьеит, егьырҭ ақыҭақəа рҟны иҟамкəа ҟаларымызт, аха исымбацызт. Изтəыз аԥшəмагьы Гындиан, усҟантәи ҳаицəажəара акамерагьы инанысҵеит.

Ашьхымзаҭрақəа ракəзар, улаԥш иҵамшəо аԥсуа шҭақəа хадырҭəаауан, арасаҭрақəагьы убас. Араҟа асасдкылара акəзар, даҽакы иеиԥшымызшəа збон, еихаччоз рхаҿқəа реиԥш убас иԥшӡан ргəаҭақəа. Аԥсны шаҟа ихьааны, игəхьааганы ргəаҵа иҭоузеи, шаҟа зҵаара хкы идыргəаҭеиуазеи?

© Sputnik Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рқыҭа Џьгьарда (Соуқсу), аԥсуа иҩны
Сгəы иҭахаз аԥсуа қыҭа: Ҭырқəтəылатəи Џьгьарда иазкны - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рқыҭа Џьгьарда (Соуқсу), аԥсуа иҩны

 

Џьгьарда ақыҭан сара сзықəшəаз аиҳабацəа рахьтə иҟан зыхшара Аԥсныҟа иаахьаз, ицəырганы исдырбон рыхшара хынҳəны ианнеиуаз инаргоз афотосахьақəа. Аԥснаа рашьцəа, рыжəлантəқəа иразҵаауан, ҵыҳəаԥҵəара змамыз асаламқəа аарҭиуан. Ҳанҵамҭақəа ирыбзоураны нырцəи-аарцəи инхо аижəлантəқəа аибадырреи аимадареи анрыбжьалалак, уи акырӡа ҳгəы иахəон, аус еихсыӷьрада ԥхьаҟа ишгалатəу ҳаҵанаҳəон.

Иара убас, гəахəала сазнеиуеит, аинформациатə маҵзура Sputnik аҟны ҳџьынџьуаа ирызку адаҟьа хәышықәса раахыс аус ахьауа, анҵамҭақəа ззаҳкуа ауаа аԥхьартə аҭагылазаашьа ахьрымоу. Аԥхьаҟа сақəгəыӷуеит Аԥсуа телехəаԥшреи арадиои рдырраҭарақəа ҳџьынџьуаа ирбо-ираҳауа иҟалап ҳəа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0