АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа азениттә-ракетатә системақәа С-300 рыцхыраарала "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
"Атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рҿы планла имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа азенит-ракетатә системақәа С-300 рыцхыраарала "аӷа" иавиациа ажәылара аԥдырҟәҟәааит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык аррамаҵзурауаа, 50 ак арратә техника: азенит-ракетатә системақәа С-300 "Фаворит", акомплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10", еиҭарго азенит-ракетатә комплексқәа "Игла" реиԥш иҟоу налаҵаны.
Ԥхынгәы 17, 2020 шықәса рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин иӡбрала иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥган Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа, Аҳаир-десанттә мчрақәа, Арра-мшынтә флот амшынтә пехота ахәҭақәа.
Зынӡа иаалырҟьаны агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалархәын 150 000-ҩык аруаа, 400 ԥрыга аппарат, 26 000 иҷыдоу арратә атехника, 100 рҟынӡа ӷба.
Ауснагӡатә иахықәкы хаданы иҟоуп арҟәшақәа разыҟаҵара, рдырра, ртехникатә еиқәыршәара ргәаҭара.
Агәаҭаратә уснагӡатәқәа хыркәшахеит ԥхынгәы 21 рзы.