Барцыц: Цандрыԥшь асаӡ жәлақәа ирызку ахаҳәқәа шьақәыргылахоит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАлхас Барцыц
Алхас Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра Араионтә Еизара адепутатцәа ирыдыркылахьан аӡбамҭа, Цандрыԥшь аҳаблан Ацанбақәеи Гьечааи ахьынхоз аҭыԥқәа рҟны ахаҳәқәа шышьақәыргылахо, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ари апроект иахьанӡа инагӡамхеит.

ГАГРА, нанҳәа 8 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион, Цандрыԥшь аҳаблан инхоз асаӡ жәлақәа ирызку ахаҳәқәа шьақәыргылахоит, абри атәы иҳәеит араион ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион ахсаала
Барцыц: Цандрыԥшь асаӡ жәлақәа ирызку ахаҳәқәа шьақәыргылахоит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион ахсаала

Аҭоурыхтә литература ҭҵааны 2015 шықәса анҵәамҭазы, Гагра Араионтә Еизара адепутатцәа ирыдыркылахьан аӡбамҭа, Цандрыԥшь аҳаблан Ацанбақәеи, Гьечааи ахьынхоз аҭыԥқәа рҟны ахаҳәқәа шышьақәыргылахо, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ари апроект иахьанӡа инагӡамхеит. Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц иҳәеит акраамҭа игәыгәҭажьыз аӡбамҭа анагӡара ҷыдала хылаԥшра шаиҭо.

"Ҳҭоурых аиқәырхара иадҳәалоу апроектқәа рынагӡара иԥшьоу уалны иҳадуп зегьы. Мышкызны аамҭа аҽшаԥсахуа ҳаздыруам, убри аҟнытә иахьынӡалшо ҳмилаҭтә ҭоурых ашьаҭа ктәуп", - азгәеиҭоит Алхас Барцыц.

Ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, насгьы апоетесса Белла Барцыцԥҳа ланҵамҭақәа рҿы иуԥылоит Цандрыԥшь инхоз асаӡ жәлақәа ишреиуоу Ацанба, Гьечба, Баӷба, Чрыгба, Мқьалба уҳәа. Иахьа арҭ ажәлақәа рҭыԥхьыӡқәа ырхынҳәуп ҳәа иршьоит араион анапхгараҿы.

Горная река - Sputnik Аҧсны
Ацанбақәа раҳҭынра: асаӡқәа ахьынхоз Цандрыԥшь иазку ҳәамҭақәак

"2015 шықәсазтәи Гагра Араионтә Еизара идырыкылаз аӡбамҭаҟны зыӡбахә ҳәоу Ацанбақәеи Гьечааи роуп. Аха сара сгәы иаанагоит егьырҭ ажәлақәа шынхозгьы зырҵабыргуа адыргачаԥақәагьы рышьақәыргылара аҭахуп ҳәа", - иҳәеит иара.

Алхас Барцыц ари апроект анагӡаразы араион ахадареи, адепутатцәеи, аҵарауааи, арҭ ажәлақәа рхаҭарнакцәеи злахәу акомиссиа ҷыда шаԥҵахо иҳәеит. Иҭҵаахоит наҟ-наҟ ахаҳәқәа ахьышьақәыргылахо аҵакырақәа, излыххо амаҭәахәқәа, икыдчаԥалахо аҩырақәа уҳәа.

Цандрыԥшь инхоз аса ӡжәлақәа наӡаӡа аҭоурых иазынхарц азы иаԥшьгоу аус иалнаршоит, ҳмилаҭ шьаҿаӷәӷәала ԥхьаҟа рцара ҳәа иазиԥхьаӡоит Барцыц.

Гагра араионтә биуџьет иахьа иҭышәынтәалам, аха аҭагылазаашьа аҽшаԥсахлак, апроект хара инагахом, нап зыркхо раԥхьатәи аус хадақәа иреиуахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0