"Ақыҭа Ԥсҳәы аӡбахә змаҳац дыҟам, аха ус баша амашьына уҭалан уахьнеиша ҭыԥым, ихароуп, шьхароуп. Атуризм аганахьала ари аинтерес ду аҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит, убри аҟнытә иаԥшьган аекскурсиатә маршрут аиҿкаара. Раԥхьатәи Аҟәантә ицаз амашьына ҭәуп, иара еиднакылеит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Ҳара лымкаала аҩныҵҟатәи атуризм азҿлымҳара аҭатәуп ҳәа азаҳаԥхьаӡоит, ҳажәлар ирдыруазароуп ртәылаҿы иҟоу аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥқәа, иара уи адагьы, иҟоу аԥшӡарақәа. Уахь инеиртә еиԥш аҭагылазаашьагьы рзаԥҵатәуп. Ари амаршрут маншәалахар, иаҳҭахуп араионқәа рҟынтә ахәыҷқәа автобусла егьырҭ араионқәагьы дҳардырырц, урҭ дҳарбарц", – ҳәа еиҭеиҳәеит Соломко.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҷыҭанаа Анхәа иазкны: уамашәа иубаратәы иҟоуп аурысцәа реиԥш аԥсуаагьы аҭаауа иалагеит
-
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны