Sputnik амчыбжь: акоронавирус, Пицунда аилаҩеиласра, иҷыдоу арыцхә

© Sputnik / Марианна КубраваВозложение ко дня флага
Возложение ко дня флага  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ари амчыбжь акоронавирустә инфекциа ахҭыс ҿыцқәа, Пицундатәи аилаҩеиласрақәа, Риҵатәи арыцҳара, агәалашәаратә рыцхә уҳәа рыла ибеиан.

Иаҳхысыз амчыбжь азы иҟалеит 50 коронавирус хҭыс ҿыц, аԥснытәи рколлегацәа ирыцхрааразы москвантәи аҳақьымцәа ааит, Пицунда акурорт ахада ҿыц дарҭеит, Риҵа арыцҳара ҟалеит.

Акоронавирус хҭыс ҿыцқәа

Аԥсны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара рацәахеит. Абри амчыбжь иалагӡаны 55-ҩык аҿкы шрымоу аарԥшуп. Авирус амазааразы рхы гәарҭеит 655-ҩык. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациентцәа ҩыџьеи урыстәылатәи туристки ахәышәтәразы Урыстәылаҟа иргеит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аусура шьахәуп ҳәа ахырҳәааит

Ари амчыбжь азы Гәдоуҭатәи агоспиталь иаҭааит урыстәылатәи аҟазауаа. Дара апациентцәа рыдкылареи рыхәышәтәра асхемеи ахәшьара ҳарак арҭеит.

Москватәи амедицинатә университет атерапиеи апрофессионалтә чымазарақәеи ркафедра апрофессор Елена Попова "агәахәара ҳнаҭеит ацқьара, аиҿкаашьа. Иҟоу апроблемақәа реиҳарак аекономикатә ҟазшьоуп ирымоу. Ачымазцәа апалата цқьақәа рҿы ишьҭоуп. Иахәҭоу ахархәагақәа ыҟоуп. Иҟоуп ахыхьчага маҭәахәқәа, антисептикқәа" лҳәеит.

Убри аан Попова Sputnik аинтервиу аҭо иазгәалҭеит ишазымхо ареспиратортә аппаратқәа, аҵәыҵәри аконцентраторқәа.

"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц

Ииасыз амчыбжь азы "Акурорт Пицунда" ахада ҿыцс нанҳәа 7 рзы даҭан Фрикан Гәынба. Аколлектив ахәҭак уи амаҵура иаҭара иаҿагылеит.

Здание администрации Пицунды - Sputnik Аҧсны
Пицунда акурорт адиректор ихаҭыԥуаҩразы ҩ-кандидатурак ықәдыргылеит

Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж аҿы ишаҳәо ала, аҭагылазаашьа згәамԥхаз акурорт аусзуҩцәа рыхәҭак административтә хыбра аҿаԥхьа еизеит. Аиҳарак дара иргәамԥхаз анаплакы уаанӡатәи ахада Нодар Шьаҟрыл дыҟамкәа ари аус ахьеиҿыркааз ауп. Шьаҟрыл дидгыло дықәгылеит уаанӡатәи атуризм азы аминистр Авҭандил Гарцкьиа. Иара иҳәеит Шьаҟрыл инапхгарала акурорт аекономикатәи афинанстәи рбагақәа акыр ишеиӷьхаз уаанӡа аасҭа.

Нанҳәа 10 рзы абри азҵаара иалацәажәеит аветерантә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" алахәылацәа. Даргьы Шьаҟрыл иамхра иаҿагылеит.

"Иазгәаҳҭар ҳҭахуп аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩ аан "Акурорт Пицунда" иамоу ақәҿиарақәа мбашьа шрымам. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәынҭқарра иалагалаз аԥара уаанӡа аасҭа акыр иеиҳан", - ҳәа азгәаҭоуп "Аруаа" рҳәамҭаҿы.

Иара убасгьы аҳәамҭаҿ иазгәаҭан Пицунда ишымҩаԥгаз ауаа иаҳтәу иаҳтәым ҳәа реиҟәшара, убри аан апрофессионалтә ҟазшьақәа азхьаԥшра шрыҭамыз.

Ахада ҿыц Sputnik нанҳәа 10 рзы аинтервиу анеиҭоз иҳәеит иусура ҭыԥ аҿы дшыҟоу, инапынҵақәа рынагӡара уаҩ дшаԥырхагам.

Фрикан Гәынба напхгаҩык иаҳасаб ала иаԥхьаҟатәи ипланқәа дрылацәажәеит.

"Имҩаԥысуа аремонттә усурақәа ԥхьаҟагьы ирыцҵахоит. Иҳалшо ҟаҳҵалоит акурорт ахашәала аанашьҭуа аҟаҵаразы", - иҳәеит иара.

Пицунда ауааԥсыреи ақалақь ахадареи реиқәшәара мҩаԥган нанҳәа 10 рзы. Аизара иалахәын 70-ҩык рҟынӡа. Пицунда ауааԥсыреи ақалақь ахадареи реиқәшәараан "Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба ихаҭыԥуаҩыс Ҭемыр Ҭарба икандидатура ықәыргылазарц аӡбара рыдыркылеит еизаз ауаажәлар.

Нанҳәа 15 рзы "Нужная газета" аинтервиу аҭо, Нодар Шьаҟрыл аҳәамҭа ҟаиҵеит иамхразы аӡбара дшадымгыло, Апарламенти аӡбарҭеи рҿы аиҭахәаԥшра мҩаԥгахап ҳәа дышгәыӷуа. Шьаҟрыл иазгәеиҭеит ахада ҿыц Фрикан Гәынба иара дыҟамкәа дышнаргаз.

Атуризм азы аминистрра апресс-маҵзура иазгәанаҭеит Фрикан Гәынба икандидатура еиҭахәаԥшраны ишыҟам, уи азы аминистр изинмчқәа рҳәаа иҭагӡаны аӡбара шидикылаз.

Риҵа арыцҳара ҟалеит

1998 шықәса рзы ииз арԥыси аԥҳәызбеи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит Санкт-Петербургнтә. Аквадроцикл қьырала иргеит. Атуристцәа зықәтәаз аквадроцикл Риҵаҟа узгоз амҩа иаҿҟьеит нанҳәа 11 рзы.

Третьи сутки ведутся поиски гражданки Российской Федерации 1998 г.р. из г. Санкт-Петербург. - Sputnik Аҧсны
Бзыԥ аӡы иагаз Питертәи атуристка лыԥсыбаҩ ԥшаауп

Аҷкәын ибыргәым аахақәа иоуит, аквадроцикл Бзыԥ аҟәараҿы ирбеит. Аӡӷаб амҩатә машәыр ашьҭахь дыӡит.

Аԥшаарақәа ирылагеит. Аԥшаарақәа ирылахәын Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рымцарцәара-еиқәырхаратә бригадақәеи, Аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалаҩцәеи, аволонтиорцәеи.

Ԥшьымш ааҵуаны аӡӷаб лыԥсыбаҩ ԥшаан амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи лбааҟа шә-метрак инахыганы, ацаҟьа аҵаҟа, ԥшьметрак аҵаулараҟны.

Агәалашәара амш

Нанҳәа 14 рзы Аԥсны иазгәарҭеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 28 шықәса аҵра.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа заԥхьа дгылаз атәыла анапхгара Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аԥша амемориали Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориали рҿи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Агәалашәареи ахьааи зцу: Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара амш - Sputnik Аҧсны
Агәалашәареи ахьааи зцу: Аԥсны иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара амш

Иара убасгьы абри амш аҽны имҩаԥысит Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟынтәи раԥхьатәи аиҿагылара ахьыҟалаз Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа. Уа акциа алахәылацәа ацәашьқәа адыркит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абри амш азы Аԥсныҟа иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз Нхыҵкавказтәи ҳашьцәа дырԥылеит.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы рлагала ахә ашьара шыуадаҩу.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Темур Шорданов Ҟабарда-Балкариатәи аибашьцәа рыхьӡала ашәҟәы "Ачерқьес диаспора" атәыла ахада ҳамҭас ииҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0