Ҩыџьа ҭахеит: иҟоузеи Белоруссиа

© Sputnik / Alexey Maishev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДевушка с плакатом "Живе Беларусь!" у посольства Белоруссии в Москве
Девушка с плакатом Живе Беларусь! у посольства Белоруссии в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Белоруссиа аа-мшы ирықәуп аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеижьҭеи ахада иалхрақәа рышьҭахь. Алхрақәа раан, АКХ аихшьаалақәа рыла, Александр Лукашенко аиааира игеит.

АҞӘА, нанҳәа 18- Sputnik. Белоруссиатәи акциақәа раан ҩыџьа ҭахеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь, Агәабзиарахьчара аминистр Владимир Караник иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аминистр абри атәы реиҳәеит аусбарҭа ахыбра аҿаԥхьа еизаз аҳақьымцәа.

Иара иажәақәа рыла, акциақәа раан ҩыџьа ҭахеит. Ахәышәтәырҭақәа ирҭоу рхыԥхьаӡара 158-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи аӡәгьы иҭагылазаашьа шәарҭам.

Аԥхьа дҭахеит Александр Тараиковски. Аҩбатәи иҭахаз ахәышәтәырҭахь днаган, аха уа иҭагылазаашьа еицәахан, иԥсҭазаара далҵит.

Иара уаанӡа 10-мш ҳәа даанкыланы дҭакын.

Аҿагыларақәа аабатәи рымш

Ашәахьаҽны Белоруссиа ахада Александр Лукашенко абарбал зҵоу Минсктәи атрактортә зауад ахь днеиит аусуцәа дрыҿцәажәарц.

Белоруссиа ахада иалхразы алхра ҿыцқәа мҩаԥгахар ҟалоит Аконституциа ҿыц анрыдыркылалак ашьҭахь ҳәа иҳәеит Александр Лукашенко.

"Аконституциа ҿыц ҳадаҳкылароуп. Уи зегьы ишәҭахыз ауп, иаҳҿагылоугьы мап ацәыркуам. Иара ареферендум аҿы ирыдыркылароуп, избанзар уаанӡатәи Аконституциагьы ареферендум аҿоуп иахьрыдыркылаз", – ҳәа Лукашенко иажәақәа аанагоит Sputnik Беларусь.

Аԥшьашаахыс атәыла анаплак дуқәа рҟны аҿагыларатә митингқәа ирылагеит.

Асааҭ 17:40 рзы Белоруссиатәи аметаллургиатә зауад аштаттә усура хацнаркит.

Анаплакы аусуцәа анапынҵамҭақәа еизыргоит официалла нанҳәа 20 рзы официалла азабастовкақәа ирылагарц.

Асааҭ 18:38 азы Ахьыԥшымра ашҭаҿы ауаа аизара иалагеит.

Минск, СИЗО №1 аҿгьы ауаа еизеит. Уаҟа Сергеи Тихановски, Светлана Тихановскаиа лхаҵа, дҭакуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Белоруссиа ахада иалхра

Нанҳәа 9 рзы Белоруссиа атәыла ахада далырхуан. Атәыла АКХ адыррақәа рыла, аԥыжәара игеит Александр Лукашенко, 80 процент иманы, иара иоппонент хада Светлана Тихановскаиа — 10,12 процент лоуит.

Арҭ арбагақәа ирықәшаҳаҭмыз ауаа нанҳәа 9 ауха ақалақьқәа рымҩадуқәа рахь икылсит. Абри аамҭала Белоруссиа иаанкылоуп быжь-нызқьҩык рҟынӡа, ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп шәҩыла ауаа. Аҩныҵҟатәи аусқәа иҟарҵоз адыррақәа рыла, шәҩыла ауаа аахақәа рымоуп, аӡәы дҭахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0