Ҵахнакьиа: Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа "Спутник V" аагара иазхәыцуеит

© SputnikПК Аслана Бжания
ПК Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адырра ҟаиҵеит иара иахь аҭел иасны Урыстәыла иаԥнаҵаз COVID-19 иаҿагылоу алаҵа Аԥсны иаанахәо-иаанамхәо азҵаара ширҭо азы.

АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ахада изҵаара аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ишахәаԥшуа акоронавирустә инфекциа иаҿагылоу урыстәылатәи алаҵа Аԥсныҟа аагаразы иҟоу алшарақәа шҭырҵаауа.

Городская клиническая инфекционная больница в Казахстане - Sputnik Аҧсны
Аԥсны COVID-19 аҿагылара рнапы алакуп 120-ҩык аҳақьымцәа

Иара иазгәеиҭеит алаҵа ахьҿыцу азы, атәылазы иааухәаанӡа ибзианы ишазхәыцтәу.

Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, алаҵа аагатәуп ҳәа азҵаара ӡбахар, уи алаҵаҟаҵара хымԥада ауааԥсыра рыдҵара шалымшо, хатәгәаԥхарала шакәхо ауаа ишрыларҵо.

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала иара адунеи аҿы раԥхьаӡа ашәҟәы иҭаргалаз акоронавирус SARS-COV-2 иаҿагыло лаҵоуп. Иара иахьӡырҵеит "Спутник V", 1957 шықәса рзы аҳауа иалаҵаз Адгьыл иԥсабаратәым аспутник аналогиала.

Алаҵа ауааԥсыра рхархәарахь инаргоит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0