Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәҭелиа: быжьмаҭәарк рыла арҵагашәҟәқәа ашколқәа ирызшахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кутелия
Аслан Кутелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра апресс маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа бызшәа астатус ашьҭыхреи, асанитартә шәага-загақәа рықәныҟәареи аминистрраҟны ишазнеиуа атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Қәҭелиа аҵарашықәс ҿыц иазкны

"Иахьатәи аамҭазы ишьақәырӷәӷәаны иҳамоуп цәыббра аказы ашколхәыҷқәа зегьы аҵарахьы рцара. Аԥсуа шәҟәқәа хәыда-ԥсада ишраҳҭоз еиԥш сынтәагьы ираҳҭоит. Быжьмаҭәарк рыла цәыббрамза акы азы еиҭарҿыцны ашәҟәқәа аҵаҩцәа ирыдаҳгалоит, араионқәа зегьы ирызшахоит. Аурыс шәҟәқәа рзгьы ацхыраара ҳзыҟаҵозар ҳәа аус адулара ҳаҿуп. Егьырҭ ашәҟәқәа адәқьанқәа рҟны ирҭиуеит мамзар иҿаҵатәхоит, аха уи аҭаацәа ирџьабаахоит. Арҵаҩы ихала далихуеит автор иаҳа ахәыҷы амаҭәар изнагара азы изымариоу. Аԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп ашәҟәқәа аҳәынҭқарра иалыршаны иааҳхәо ҳҟалозар ҳәа. Есышықәса аҵарашықәс анхыркәшо ашьҭахь аҵара ҟәшақәа рахь ашәҟәқәа ҳашьҭуеит. Иҟоуп еиҭарҿыцу, ириашахаз, иҵегь ихарҭәаан иҟаҵаз ашәҟәқәа. Урҭ ашәҟәқәа зегьы аҵара ҟәшақәа рҟынтәи иаҳзаауа аинформациа еизганы, аҵарашықәс аналаго ашколқәа ираҳҭоит. Иаҳзымхозар аиҭаҭыжьрахь иҳашьҭуеит араионқәа зегьы ашәҟәқәа рыла еиқәҳаршәоит.

Первый звонок в школах города Гал  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҵарашықәс цәыббра 1 азы иаладыргарц ргәы иҭоуп

Аԥсуа бызшәа арҿиара, астатус ашьҭыхра инадҳәаланы ауааԥсыра зегьы аимадара ҳабжьоуп. Аминистрра аҭакԥхықәра еиҳагьы еиҳахеит аԥсуа бызшәа аполитика ҳәа ахьӡ анадла. Иахьатәи аамҭазы аԥсуа бызшәа арҿиара, астатус ашьҭыхра адәқьанқәа, ақалақьқәа рҟын аума, ҳахьаадәылҵуа аԥуса бызшәа ҳаҳауа, ҳцәажәо, аларҵәара азы аус адулара ҳаҽуп. Ҳара аҵара аминистрраҟны ҳаҩнуҵҟатәи аусԥҟатәқәа, ицәырҵуа адокуменқәа еиҳарак зегьы аԥсышәала аҩра ҳалагеит. Ашкол аҟны иаҳбоит асанитартә ҳақьым хада иҟалҵаз аԥжьгарақәа. Хынҩажәихәба шықәса зхыҵуа зегьы аҩны шәтәароуп ҳәа акәӡам ҳшазнеиз. Иахьынӡазалшо аӡәы даҳзыԥсахуазар дҳаԥсахып, иаҳзымԥсахуа асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны ачымазара рмыхьыртә еиԥш ауп ишыҟаҳҵаз. Уажәы хынҩажәи хәба шықәса зхыҵуа зегьы аҩны шәтәа ҳәа ҳҳәар ииашахаӡом, избанзар араионқәа, ақыҭақәа рҟын еиҳарак уи ақәра иаҵанакуа роуп иҟоу. Урҭ рԥышәа рымдатәуп. Абҩарҵәыра мап ацәкышьа амаӡам, аха аурокқәа хәыҷык иркьаҿхоит",- иҳәеит Қәҭелиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0