Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа араса аҽаҩразы: 15 нызқь тонна рҟынӡа аҭагаларазы аҭагылазаашьа ыҟоуп

© SputnikБеслан Джопуа
Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа араса аҽаҩра зеиԥшроу, насгьы уи ахәԥса ашьақәыргылара зхьыԥшу.
Џьапуа араса аҽаҩразы: 15 нызықь тонна рҟныӡа аҭагаларазы аҭагылазаашьа ыҟоуп

"Сынтәа араса иадҳәалоу аҽаҩра акырӡа еиӷьуп егьырҭ ашықәсқәа ирыдҳәаланы иахәаԥшуазар. 10-12 нызқь гектар рҟынтә аиҭаҳатә ахьыҟоу 15 нызқь тонна аҽаҩра ҭаргалартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Ҵыԥх 12 нызқь тоннеи 500 кьылеи анхацәа еизганы аҳәаа иахыргеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Апандемиа иахҟьаны сынтәа араса ахә маҷуп, анхацәа раалыҵ анаплакыҩцәа Урыстәылаҟа мацароуп иахьырышьҭуа ҳәа азгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аминистр.

"Ахә шьақәзыргыло иара аџьармыкьа ахаҭоуп. Аҳәынҭқарра абасҟак ахә ақәзааит ҳәа ишьақәнаргылом. Анхацәагьы рҽаҩра макьана ирҭиуам, избанзар, ахә маҷуп аҟнытә, изҭииз уи ада ԥсыхәа имам азоуп изиҭиизгьы", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0