Sputnik амчыбжь: акоронавирус, асимволика амца ацраҵара, азаҭ азы аимак

© Sputnik / Бадрак Авидзба Заседание в парламенте
Заседание в парламенте  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәаақәа рҿы – акоронавирустә ҭагылазаашьа, Аиааира амш азгәаҭара, азаҭ азы аимакқәа.

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аепидемиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара инамаданы аԥкырақәа ирықәныҟәаларц, ареспубликаҿы иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа, Аԥсны аерман уаԥшьи Апарламенти Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуа иазхьаԥшит, Шәачатәи аӡбарҭа жәамш ҳәа дааннакылеит Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба.

Sputnik

"Авирустә" жәабыжьқәа

Аԥсны аҩныҵҟа акоронавирустә ҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит, ачымазара змоу рхыԥхьаӡара иазҳауеит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Башкириатәи аҳақьымцәа ацхырааразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

Ашәахьа, цәыббра 28 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь аҭыԥантәи аҳақьымцәа рыцхырааразы иааит Башкортостан аҳақьымцәа рыбригада. Дара ирыԥсахит уаанӡа ара иҟаз Нижни Новгород аҳақьымцәа ргәыԥ.

Ацхыраара цҵа аиуеит асанитар-епидемиологиатә маҵзурагьы. Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит хара имгакәа жәеизаҩык аҟазауаа ПЦР-диагностика амҩаԥгара иалагараны ишыҟоу.

Адиагностика аҷыдарақәа амоуп, иара атәы ҵатәуп, апрактика умазароуп. Аусура алагаразы аҵара-зыҟаҵаратә курс иахыстәуп. Уи азы Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториа абазаҿы аус руеит ставропольтәи амырзачымазара аҿагыларазы аинститут аҟазауаа", - ҳәа лҳәеит лара.

Уи адагьы Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба "Абаза-ТВ" аефир аҿы цәыббра 29 рзы иҳәеит жьҭаарамза инаркны Ареспубликатә асанитартә маҵзура аштат аизырҳаразы аԥаразоужьра шымҩаԥгахо. Уи алшара ҟанаҵоит анализқәа рхыԥхьаӡара аиҳатәразы.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа COVID-19 иаҿагылоу аҳақьымцәа аԥаратә гәазыҟаҵара риҭеит

Цәыббра 29 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит, ахада идҵала акоронавирустә инфекциа COVID-19 аларҵәара алмыршаразы рлагала ду азы, рыпрофессионализм ҳараки хамегӡаралатәи русурази аорден Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ранашьоуп: ԥшьҩык амедицинатә усзуҩцәа.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ареспублика ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵоит аԥкрақәа ирықәныҟәарц, COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара иазҳар, иҟоу амчқәа азымхар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡаны.

Александр Анқәаб иажәақәа рыла, аепидемиа аҽарҭбаар, амилаҭтә гәабзиарахьчаратә система уи аҿагылара иазыхиам. Иара иҳәеит атәылаҿы ишазымхо аҟазауаа-авирусологцәа, аинфекционистцәа, ареаниматологцәа уҳәа егьырҭгьы.

Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш

Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭон Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27-шықәса ахыҵра. Сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аиааира Амш 27 шықәса ахыҵразы амассатә уснагӡатәқәа инарҭбааны имҩаԥымгазарц ӡбан.

Абхазский флаг - Sputnik Аҧсны
Гал Аԥсны абираҟ амца ацразҵаз иганахьала ашьаус хацыркуп

Ус шакәызгьы, шьыжьнаҵы Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥган, имҩаԥган Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа "Афырхацәа рымҩала". Иара ареспубликаҿы есышықәса имҩаԥыргоит 2007 шықәса раахыс. Амш хыркәшан аныҳәатә концертқәа рыла.

Цәыббра 30 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит Гал араион аҿы аԥсуа бираҟ амца аркын ҳәа.

Аамҭақәак рышьҭахь Гал араион ауаҩԥсы Иракли Бебуа, Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш амца ацразҵаз дааныркылеит, иганахьала ашьаусгьы хацыркуп.

Азаҭ азы аимакқәа

Цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала азаҭ аҭараз ақәҵара рыдыркылеит. Ақәҵара ауаажәларра рҿы еиуеиԥшым агәаанагарақәа цәырнагеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аҳәамҭа ҟарҵеит азакәан ахәҭақәак рынагӡара азинхьчаратәи аӡбарҭатәи системақәа адискредитациа рзыруеит, аҳәынҭқаррахьгьы агәрамгара цәырнагоит ҳәа.

Батал Табагуа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Табаӷәуа амнистиаз ақәҵаразы: шьоукы рхы иҭашәаны, адепутатцәа рхы иархәаны иҟаҵоу усуп

Цәыббра 29 рзы апарламентарицәа атәыла ахада, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аиустициа аминистрра, Аԥсуа телехәаԥшра рахь ааԥхьара ҟарҵеит Жәлар Реизара ақәыӷәӷәара иаҟәыҵырц, амчра аихшара апринцип иқәныҟәаларц.

Жәлар Реизара алахәылацәа Аԥсуа телехәаԥшра амҩаԥгаҩ азаҭ ажәлар ирҿагыло актны ауаажәларра рҿы ирыдыркылеит ҳәа лазгәаҭара "апровокациатә цәажәара" мҩаԥылгеит ҳәа ахырҳәааит.

Апарламент атәыла ахада, Аԥсны ААР ахада, Аиустициа аминистр, Аԥсуа телехәаԥшра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Апарламент аус рхы аларымгалаларц.

"Ашьха Ҟарабах ацхыраара

Аԥсны Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа азхьаԥшра арҭеит: Аԥсны аерман уаԥшь ахада Галуст Трапизониан Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Ашьха Ҟарабах ауааԥсыра афинанстә цхыраара рырҭараны ишыҟоу атәы.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент ажәадгала ҟанаҵеит Ҟарабахтәи аимак азы Аҟәа аиҿцәажәара мҩаԥыргарц

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ареспублика араионқәа руаԥшьқәа рхаҭарнакцәа реиқәшәара.

"Арцах (Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика - аред.) хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭахны иҟаӡам, дара еизхоит. Аматериалтә цхыраара, ҳәарада, ирҭахуп. Ҳашьцәа аматериалтә цхыраара рыҭара ҳара зегьы иаҳуалԥшьоу акоуп", - иҳәеит иара.

Убри аан Аԥсны Апарламент ажәадгала ҟанаҵеит Ҟарабахтәи аимак алахәылацәа Аҟәа, инеитралтәу ҭыԥк аҿеиԥш, аиҿцәажәара мҩаԥыргарц.

Апарламентарицәа агәҭынчымра аадырԥшит Ашьха Ҟарабах иаалырҟьаны аҭагылазаашьа ахьеибарххахаз азы, мышқәак рыҩнуҵҟа аибашьраҵәҟьахь иахьыиасыз.

"Аруаа реиԥш аҭынч уааԥсырагьы ааха роуеит. Аимак аҽарҭбаауеит, Аладатәи Кавказ арегион зегьы ашәарҭара иҭанаргылоит. Аԥсны ажәлар ибзианы еилыркаауеит арҭ амшқәа рзы ауаа ирхырго", - аҳәоит адепутатцәа рҳәамҭаҿ.

Апарламент аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит амца аанкыланы аиҿцәажәаратә процесс иазыхынҳәырц.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа иара убасгьы адунеитә уаажәларра, аҳәынҭқаррақәа рхадацәа, жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит аимак аҭыԥ ақәҵараҿ ацхыраара ҟарҵарц.

Аԥсны ахада ицхырааҩ даанкылоуп

Шәача ақалақьтә ӡбарҭа административтә ӡбамҭа аднакылеит дагьааннакылеит жәамш ҳәа жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба.

Ахра Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Шәачатәи аӡбарҭа Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба дарбаандаҩит

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит Ахра Аҩӡба адипломатиатә статус шимоу афакт хырҩа шазыруз.

"Иара адипломатиатә паспорт имоуп, аха дара изларԥхьаӡо ала, иара адипломат иаҳасабала Урыстәыла аккредитациа имамзар, уи апаспорт мчыдоуп ауп иаанаго", - иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ.

Сергеи Шамба иажәақәа рыла, Ахра Аҩӡба ихала Шәача ашьаусԥшааратә усбарҭақәа рахь днеит, сынтәа нанҳәа 7 рзы аҳәааҿы иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз реиҳәарц азы.

Ахра Аҩӡба аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ агәашәқәа имашьынала дрысны дышцаз зныз авидео асоциалтә ҳақәа рҿы иҵәырҵит нанҳәа 7 рзы.

Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа нанҳәа 8 рзы Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0