Баиден Еиду Америкатәи аштатқәа рхадас салырхит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

© AFP 2023 / ANGELA WEISSДжо Байден, фото из архива
Джо Байден, фото из архива  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уи аԥхьа америкатәи амассатә информациа ахархәагақәа адырра ҟарҵахьан атәыла ахадас Џьо Баиден далхуп ҳәа.

АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Адемократиатә партиаҟынтәи акандидат Џьо Баиден аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Америкатәи аштатқәа рхадас далырхит ҳәа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уи аԥхьа америкатәи амассатә информациа ахархәагақәа адырра ҟарҵахьан атәыла ахадас адемократ далхуп ҳәа.

"Сара даара ҳаҭыр ду ақәысҵоит америкаа рхадас сыгәра ганы сахьалырхыз", - иҳәеит Баиден.

Иара иазгәеиҭеит сынтәатәи алхрақәа раан еиԥш ауаа хыԥхьаӡара рацәала алхрақәа рҿы рыбжьы рҭиуа ишыҟамлацыз.

"Алхратә кампаниа анхыркәшахалак, агәынамӡарақәеи, агәыԥжәарақәеи, аҳәынҵәеиқәтәареи ҳарҟәаҵны, ҳҽеидаҳкылароуп, милаҭк злаҳакәу ала", - иҳәеит инаҵшьны Баиден.

ЕАА рхада иалхрақәа мҩаԥысит аҩаша, абҵара 3 рзы. Аиааиразы аибарххара еиҳарак изыбжьаз ҩыџьа акандидатцәа роуп - Ареспубликатә партиа ахаҭарнак, уажәтәи Америка ахада Дональд Трампи уаанӡа ахада ихаҭыԥуаҩс иҟаз, адемократ Џьо Баидени.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0