Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҵәыџьба ацитрустә шәыр аингалара иазкны
"Сынтәа аҽаҩра 500-600 тонн рҟынӡа ҳазыԥшуп, ахаҭабзиарагьы даара ибзиоуп, ҳаигәырӷьоит. Амза 14 рзы аҭаара ҳалагарц ҳгәы иҭоуп, ачымазара иҟоу ҳԥырхагамхар, уи аамҭа ҳазыхиоуп. Урыстәылантә ацитрус зҭаху ауаа ҳрацәажәан ҳаҟоуп, ҳаалыҵ иазыԥшуп, ишаҳҭаалак иааны иргоит, уахь ҳара ианыҳашьҭуагьы ыҟоуп. Иҿызхуагьы ауаа ҳрацәажәахьеит, есышықәса Урыстәылантә, Украинынтә иаҳзаауеит, иара убас аҭыԥантәи ауааԥсырагьы, еиҳарак Очамчырынтә, Тҟәарчалынтәи, Галынтәи уҳәа, иааидкыланы 300-ҩык ауаа аус руеит", - еиҭеиҳәеит Ҵәыџьба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: