АҞӘА, ԥхынҷкәын 16– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 421-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 95-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 112-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 98-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа. Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҟны ишьҭоуп 23-ҩык.
Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 52-ҩык пациент. 47-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>