00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Абҵарамзеи ԥхынҷкәынмзеи рзы аԥсуа тәанчахәы анроуа шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДеньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа тәанчахәи асоциалтә шәарақәеи роура аграфик изахьымӡо аекономикатә усура алаҟәра ауп ҳәа ахиҳәаауеит Атәанчахәытә фонд аиҳабы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Абҵарамзатәи аԥсуа тәанчахәы изауа ирыҭахоит ԥхынҷкәынмзазы, ԥхынҷкәынтәи атәанчахәы – ажьырныҳәамзазы ҳәа иҳәеит Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

"Атәанчахәқәа, агәазҭаҵаратә шәарақәа, ашәарацҵақәа рзы аныхрақәа 2020 шықәса ԥхынҷкәын 1 азтәи адыррала, 901 527,9 нызқьмааҭ ыҟоуп. 2019 шықәса иаҿырԥшны аԥгаԥсатә лагалақәа 31 809 нызқь мааҭ рыла еиҵоуп", - ҳәа иҳәеит Гәлариа.

Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа иажәақәа рыла, 2020 шықәса ԥхынҷкәын 1 азтәи аамҭазы атәанчахәқәа, агәазҭаҵаратә шәарақәа, ашәарацҵақәа 47 085-ҩык ироуеит. Ари ԥшьнызқьҩык рыла еиҳауп ашықәс алагамҭаз аасҭа. Атәанчахәы ацҵашәара зауа рхыԥхьаӡара 8 462-ҩык ыҟоуп. Арҭгьы ашықәс иалагазар ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа еиҳахеит.

Гәылариа иара убасгьы иҳәеит аԥсуа тәанчахәи асоциалтә шәарақәеи роура аграфик изахьымӡо аекономикатә усура алаҟәра ауп ҳәа.

Денис Гулария - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәылариа 2020-тәи ашықәс атәанчаратә фонд азы: даара иуадаҩхеит

"Аԥкрақәа раамҭазы Афонд 2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи атрансфер зегьы – 137 305,6 нызқь мааҭ ннахит. Уи адагьы атрансферцҵа - 30 000,0 нызқьмааҭ ннахит. Афонд аҭахрақәа абҵарамзеи ԥхынҷкәынмзеи рзы идыртәоит 140 051,8 нызқь мааҭ", - ҳәа иҳәоит Гәылариа.

Иара иазгәеиҭеит абҵарамзазы 48 миллион 866 нызқьмааҭ ԥаразоужьра шымҩаԥгаз, ишәамкәа иаанханы иҟоуп 45 миллион 191 нызқь мааҭ. Гәылариа игәаанагарала, ашықәс анҵәамҭазы адефицит иартәоит 100 миллионк рҟынӡа.

Аԥыза-министр анапынҵа ҟаиҵеит ауалқәа рылгара еиҳа еиӷьны ишымҩаԥгалатәу, Афинансқәа рминистрра адԥхьаланы аԥгаԥсатә лагалақәа ршәаҩцәа ршәаратә леишәа ахылаԥшра дырӷәӷәарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0