Змаршәа ктәу аполитика: ахада иконцепциа иалоу аԥсуа-ақырҭуа ҭыӡшәазы ахәҭаҷ иазкны

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит атәыла адәныҟатәи аполитиказы аконцепциа. Уа иарбоу аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа ртәы зҳәо хәҭаҷқәак ҳуаажәларраҟны еиуеиԥшым ацәажәарақәа рхылҿиааит. Урҭ рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Змаршәа ктәу аполитика: ахада иконцепциа иалоу аԥсуа-ақырҭуа ҭыӡшәазы ахәҭаҷ иазкны

Аԥсуаа ҳаҩнуҵҟатәи аимакқәа анынҵәалакгьы, нас адәахьтәи атема аашьҭаҳхуеит. Афымцалашаратә кризис ахыркәшарахь инеиуеит шаҳҳәоз, аполитикатә цәаҳәаҿы иаацәырҵит ақырҭуа тема. Ииашоуп, аибашьра ааилгазар, иҳабашьуази ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы акәаԥ ргылам, ишҳақәымло азы Қырҭтәыла ашәҟәы анапы аҵанамҩыц, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы уи хадоу зҵаараны аԥсуа ган ишықәнаргылогьы. Аамҭа-аамҭала ақырҭуа политикцәа иаацәырыргалоит "аурысқәа ракәымзар аԥсуааи ҳареи ҳааибагар ауеит" иашьашәалоу артист бызшәа. Зны-зынла "аԥсуа бызшәа Қырҭтәыла аҿиара шаҭатәу" ҳәа аҳәамҭақәагьы ҟарҵалалоит ақырҭуа политика амаа зку.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡар, ма алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ

Ус акәзаргьы, иахьа уажәраанӡа ҳара ҳазхаҵара акәым, бџьарла ишҳақәымло азы ашәҟәы анапаҵаҩра рзыгәаӷьуам Қырҭтәыла анапхгара. Аԥсуа хәыҷқәа афестивальқәа рахь ианцо, мамзаргьы Ахәаахәҭратә палата ҳтәыла анҭыҵ ҳӡыргаразы ианнеилакгьы, ақырҭуа политикцәа апротест ҟарҵоит, урҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы аус зуа Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа "раҳәа ҭыхны" иаҿагылоит. Ари зегь еицырдыруа усуп.

Иахьа ақырҭуа ган Аԥсны "аоккупациа зызуу" ҳәа атермин азырыԥшааит, шәҟәылагьы ишьҭыхны ирымоуп. Аоккупациа ҳзызуз ҳәа дара Урыстәыла ауп изҿу. Абас ишыҟоугьы, аҳәара уадаҩуп Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ашә ыҵарбаҟаца иаркуп ҳәа. Дареи ҳареи иаҳзеиԥшу усны иҟоуп ЕгрыГЕС. Иаҳҭахы, иаҳҭахым, афымцалашаразы аимадара ҳамоуп, изныкымкәа уи аганахьала аиԥыларақәагьы мҩаԥысхьеит, иара убас, ақырҭуа ган даара ҽыҳәҵәыла иазнауеит агуманитартә программақәа рыла аԥсуаа рыргәыбзыӷра аус.

Имаӡамзар акәхап, ҳчымазцәа уахь ицаны рыҽшырхәышәтәуа. Абарҭқәа рыдагьы ахәаахәҭра аганахьгьы аус цоит, официалла дареи ҳареи аҳазалхырҭаҿы абаџь ашәара шҳабжьамгьы. Ахәаахәҭра аган атәы анаҳҳәа, дареи ҳареи ҳҳәааҿы ииарго атаурқәа рзы абаџь ашәара ыҟазар еиӷьын ҳәа азҵаатәы анцәырҵлакгьы, иаҿагыло аацәырҵуеит, иара убри аамҭазы, ари аус иалабеиахаз маҷҩым ҳәа агәаанагарагьы ауаажәларра ирылоуп.

Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа анаҳҳәо, аӡәгьы иаҳхамышҭроуп аибашьраҿы аиааира згаз ҳара шҳакәу, убри аҟынтә, ҳара иҳамоуп азин ақәыӷәӷәаратә лексика зцу аполитика ахархәара.

Пресс-конференция президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны адәныҟаполитикатә концепциа шьақәирӷәӷәеит

Ҳазҭоу амза 4 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ишьақәирӷәӷәеит "Аԥсны адәныҟатәи аполитиказы аконцепциа". Ари ашәҟәаҿы, атәыла ахада хра злоу адәныҟатәи ахырхарҭақәа алкаауа, Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара шахәҭоу азгәаҭо, иара убас, "аԥсуа–ақырҭуа ҭыӡшәа, Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа" уҳәа рҭышәныртәалара иазку ахәҭаҷ аликааит.

Рацәак аԥшра аҭахызма, афымцалашара ахҟьаԥҟьақәа аауханаршҭуа аҳәамҭақәа цәырҵит. Ԥхынҷкәын 10 рзы ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" ари ишақәшаҳаҭым азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. "Ари ахәҭаҷ аус анау, Женеватәи аиҿцәажәақәа ирнахоит". Аветеранцәа ргәаанагарала, "зыҩаӡара ҳарку Женеватәи аиҿцәажәара аҩбатәи аплан ахь ицар алшоит". "Аруаа" рҳәамҭаҿы иалыркаауеит абри ала:

"Аԥсны аиҳабыра аиҿцәажәаратә процесс (Женеватәи) астатус ладырҟәуеит, избанзар Қырҭтәыла макьанагьы аус ауеит "Аоккупациа зызуу атәылақәа" захьӡу азакәан, убри аҟынтә ишиашоу ҳәынҭқарраҵас ҳара аӡәгьы дҳацәажәаӡом", - иазгәарҭоит дара ргәынамӡаратә ҳәамҭаҿы.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Амаинингуаа раамҭа, мамзаргьы лашарада аҟазаара

"Аруаа" ирҩыз анаҩс, ахьышәҭҳәа иаацәырҵит амчраҿ иҟоу ирыдгыло апартиақәа "Иаку Аԥсни" "Амцахареи" рҳәамҭақәа.

"Ҳара ҳадгылоит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адәныҟатәи аполитиказы ишьақәирӷәӷәаз аконцепциа. Агәра ҳгоит, уи амилаҭтә интересқәа ишрықәшәо", - рпозициа аадырԥшит аабыкьанӡа аоппозициа иҟаз апартиа ахаҭарнакцәа.

Даҽакала иҟоу аҳәамҭагьы ҳазыԥшымызт. Амчра иаҳәо аоппозициаа аҳәаҭыхла иаҿагылоит, уи аамҭаз, амчра иадгыло апартиа иаразнак аиҳабыра ишьҭырхуа шыхазыноу аацәырыргоит. Абас ҳааиуеит иахьанӡа.

Сгәаанагара сҳәозар, Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа иазку аполитиказы, амчрагьы аоппозициагьы еидтәаланы еицырыӡбалароуп, нас ауп уи азы ақәҵара анҭыжьтәу, адунеигьы ианарҳатәу. Даҽакала исҳәозар, абри ашәҟәы аиқәыршәараан, атәыла ахада аоппозициатә мчқәа ргәаанагара ҭиҵаар ауан. Аҳәамҭақәа урыс бызшәала еимыздо аветерантә еиҿкаарақәа роуп, ус анакәха, агеноцид ҳзызуаз атәылазы ҩ-гәаанагарак ҟалашьа амамзароуп, ҭаацәашәала аидтәаларатә культура ҳцәымӡызар.

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахадас далырхаанӡагьы, хықәкыла ажьырныҳәа мза 2020 шықәсазы иҳәахьан "Аҟәеи Қарҭи аицәажәара рыбжьалароуп" ҳәа. Аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа ҳажәлар рӷьырак рзы излахьаау ала, сгәаанагарала апрезидент аамҭа иман абри азҵаатәы азы ахыцқәа аартны, ажәлар идеилиркаарц ишибо, ҵакыс иамоу, насгьы уи Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирҿырԥшны иаҳгозар, қьарс иалоу аԥсуа ҳәынҭқарразы.

Иахьагьы еилкаам, иарбан хәҭаҷқәоу аԥсуа-қырҭуа еиҿцәажәарақәа рҿы иқәдыргыларц ргәы иҭоу. Абас азҵаарақәа цәырымҵырц азы, ақырҭқәа рацәажәаразы иаҭахуп даара змаршәа ктәу аполитика, дара ракәзар, ара еимаҳкуа зегьы рбарҭоуп, ҳара-ҳара заҟа ҳаиҿагыло еиҳагьы ирзеиӷьуп.

Икону, подаренную грузинскими политиками Илорскому храму, вывезли в Гал для последующей ее передачи грузинской стороне - Sputnik Аҧсны
Аныхачаԥеи аполитикеи, мамзаргьы ақырҭуа зҵаатәаҿы аԥсуаа хҭак ианеицҭадмыршәуа

Асоциалтә ҳа Facebook аҿы зуаажәларратә позициа еснагь иҵару Асида Агрԥҳа абас лыҩуеит ҳазлацәажәо аконцепциазы: "Аиааира агара, адунеижәларбжьаратәи азхаҵара, 30 шықәса аҭынч ԥсҭазааратә мҩа, ажәлар, аҳәынҭқарра, анаҩстәи абиԥарақәа рлахьынҵа, аҵәаӷәаҷ рыхьшьуп ари аконцепциа ала".

Аекономика аинститут аусзуҩ Ахра Арсҭаа иакәзар, идаҟьаҿы иҩуеит: "Схаҿы аагара сцәыуадаҩуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рҿы аимабзиара ҟалашьас иамоу" ҳәа. Анаҩс, аполитик иазгәеиҭеит аконцепциаҿы иара жәалагалас иҟаиҵар шилшоз "ақырҭуа ган имҩаԥнаго агрессиатә, ареванштә политика иаҿагыло ахәҭаҷ азгәаҭара". Абас еиуеиԥшым ацәажәарақәа ахылҿиааит Аслан Бжьаниа иконцепциа, уи иадгылаз шыҟоугьы.

Сгәы иаангоит, ари аконцепциа аусура иалагаанӡа, Жәлар Реизараҿы, иара убас, еиуеиԥшым астол гьежьқәа рҿы алшара ҟалароуп "аԥсуааи ақырҭқәеи реицәажәара" захьӡу Аслан Бжьаниа иконцепциа ахәҭаҷ алацәажәаразы. Ус иҟамлар, иалшоит аполитикатә цәқәырԥақәа ршоура шьҭыҵыр, уи ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоу акризис еиҳагьы иарӷәӷәоит. Иалоузеи нас баҩыс абри алацәажәаразы?

Ажәабжьқәа зегьы
0