Аԥсны араионқәа рҿы алашара арцәара апринципқәа ртәы рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны араионқәа рҿы аоперативтә штабқәа аԥҵоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик ыҟам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" араионтә ҟәшақәа реиҳабацәа.

"Амшынеиқәафымцамч" гагратәи афилиал аиҳабы Аслан Аиба иажәақәа рыла, араион аҿы уажәы алашара дырцәоит афымцацәаҳәақәа ирықәу аидара рзышьҭымхуа иахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы. Абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп Гал араион аҿгьы. Уа уаанӡа мышкахьы ҩынтә, сааҭк-сааҭк алашара дырцәон ҳәа азгәеиҭеит Ниаз Џьгеренаиа.

Проблема ыҟам Гәылрыԥшь араион аҿгьы ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" гәылрыԥшьтәи афилиал аиҳабы Нугзар Ҳашба. Араҟагьы алашара дырцәоит ада ԥсыхәа аныҟам. Тҟәарчал араион ауааԥсыра ракәзаргьы уадаҩра рымаӡам. Араионтә ҟәша аиҳабы Вахтанг Харчлаа иажәақәа рыла амаинингтә фермақәа анаҿырх ашьҭахь алашара шамахамзар иҟоуп.

Афымцамч агәаҭара: Аслан Бжьаниа Амшынеиқәафымцамч даҭааит - Sputnik Аҧсны
Афымцамч агәаҭара: Аслан Бжьаниа "Амшынеиқәафымцамч" даҭааит

Аҟәа араион аҿы алашара дырцәоит авариатә ҭагылазаашьақәа раан.

Аамҭа-аамҭала алашара уаанӡа идырцәон Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа рҿы, аха уажәы иаҟәыҵит.

"Амшынеиқәафымцамч" очамчыратәи афилиал аиҳабы Енрико Хораа ишиҳәо ала, аҟазауаа амаинингтә фермақәа раҿыхразы аус руеит, ажьырныҳәа 27 мацара азы иаҿыхын 5 фермак.

"Амшынеиқәафымцамч" гәдоуҭатәи афилиал аиҳабы Гарри Лабиагьы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭагылазаашьа аҽшеиҭанакыз.

Аԥсны араионқәа рҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы имҩаԥигаз аилацәажәараҟны иҟаиҵаз анапынҵала аоперативтә штабқәа аԥҵоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәразы.

Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит>>

Бжьаниа иааигаз адыррақәа рыла 2019 шықәса иаҿырԥшны 2020 шықәса рзы афымцалашара ахархәара 21 процент рыла еиҳахеит. Апроблема ӡбамхар акадртә еиҭакрақәа ҟалоит ҳәа иҳәеит ахада. Алҵшәақәагьы амчыбжь иахымгакәа иааԥшыроуп ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Ажьырныҳәа 26 рзы Аслан Бжьаниеи Михаил Логәуеи аицәажәара рыман. Логәуа иажәақәа рыла ареспубликаҿы аамҭа-аамҭалатәи аграфик ыҟам, алашара андырцәо ацәаҳәақәа аидара ианаҵало ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0