Аԥсны атуризм аҽазныкгьы атәыла абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит

© Sputnik / Асмат Цвижба Минтуризм Абхазии выбрало макеты на логотип туристического бренда республики
Минтуризм Абхазии выбрало макеты на логотип туристического бренда республики  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаалақәа жәабранмзазы имҩаԥгахоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28– Sputnik. Атуризм аминистрра аҽазныкгьы Аԥсны абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит онлаин-бжьыҭара ашьҭахь аиааира згаз аусумҭа Аԥсны ауаажәларреи апрофессионалтә дизаинертә еилазаареи рыбжьара аимак-аиҿак анцәырнага.

Аминистрреи апрофессионалтә дизаинертә еилазаареи ирыӡбеит аицлабрахь иаашьҭыз 54 усумҭа рҟынтәи аҽа 4 усумҭак алхны ажиури рыбжьара абжьыҭара мҩаԥыргарц. Уи ашьҭахь аҽазныкгьы онлаин-бжьыҭара мҩаԥгазарц.

© Sputnik / Асмат Цвижба Атуризм аминистрра аҽазныкгьы Аԥсны абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит
Аԥсны атуризм аҽазныкгьы атәыла абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит - Sputnik Аҧсны
Атуризм аминистрра аҽазныкгьы Аԥсны абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит

Аиааира згаз абренд аҽазныкгьы абжьеиҳа аиур, аус еиҭадулахоит иҟоу абжьгарақәа азыԥхьагәаҭаны ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аԥсны атуризм аминистрра ҳтәыла атуристтә бренд аус адуларазы аицлабра алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит абҵара 15 рзы. Аицлабраз иаашьҭын 54 макет. Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабраҿ иалнакааит ԥхынҷкәын 28 рзы жәа-макетк. Дара аминистрра асаит аҿы иқәыргылан.

Афинал ахь, ажьырныҳәа 22 рзы х-усумҭак неиит. Аиааира игеит абжьеиҳа зауз, Санкт-Петербургтәи автор, аха убри аан ажиури ирҳәеит амакет еиҭа аус адулатәуп ҳәа.

Зегь раасҭа иалацәажәан амакет ианыз амандарина асахьа. Ажиури алахәылацәақәак ирҳәеит акцент зҭатәу Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынхоуп, аха егьырҭ ргәаанагарала ацитрус шәыр абренд ианаалоит, иареи ареспубликеи еиԥшныршьалоит азы ҳәа.

Аилацәажәара ашьҭахь ажиури ирыӡбеит аусумҭа автор издырхынҳәырц аиҭаусадуларазы.

Аицлабра ашьҭахь аусумҭа ахцәажәара ду аиуит. Онлаин-бжьыҭара ашьҭахь аиааира згаз аусумҭа Аԥсны ауаажәларреи апрофессионалцәеи рыбжьара аимак-аиҿак цәырнагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0