Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зпоезиа аԥсуа литература иалԥшааху: Рушьбеи Смыр 72 шықәса ихыҵуазаарын

© Foto / ГИА "Апсныпресс"Поэт Рушбей Смыр
Поэт Рушбей Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәылиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Рушьбеи Смыр 72 шықәса ихыҵуазаарын жәабран 13 аҽны.

Sputnik

Рушьбеи Смыр ирҿиара ахыҵхырҭақәа игәаларшәо, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, апоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит ажәлар ирылиааз апоет ибаҩхатәра аханатәгьы еижьарада ишцәырҵыз, ишамаз ахатәы мҩа.

Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2019
Абааш иаҩызаз ахаҵа: апоет Рушьбеи Смыр игәалашәаразы

"Рушьбеи Смыр данқәыԥшӡаз, алитератураҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа анеихигоз инаркынгьы иубарҭахахьан ажәлар ражәа, ажәлар рпоетика дшазааигәаз. Дызлиааз иуаажәлар рлахьынҵа, рхьаа, ргәыҵхақәа рызхәыцра иазкыз ипоезиа иахьагьы уаҵәгьы аԥсуа литература иалԥшаахны иаанхоит. Зегь зымчу илаиҵаз агәыбылра ҷыда апоезиа аҿеиԥш, ауаажәларратә ус аҿгьы заманала иааирԥшит. Уаҩԥсык иаҳасабала иԥсадгьыл иадибалаз аџьабаа шьардаӡоуп. Ҳара иаҳуалуп уи аԥсахара, ихьӡ акамыршәра, ипоезиа қәнагала ахә ашьара", - иҳәеит Лашәриа.

Апоет, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа Рушьбеи Смыр аԥсуа литература иазынижьыз ишьҭамҭа аҷыдара дахцәажәо, иҳәеит иара ипоезиа ииашаҵәҟьаны ажәлар ишеицыртәу.

"Аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа ибзиаӡаны ирдыруа Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа жәпакы кыр шықәса уажәаԥхьа автор ихаҭа данаԥхьоз саҳахьан. Заԥхьаҟа ипоет духараны иҟаз арҿиаҩы раԥхьатәи иаԥҵамҭақәа сахьырхаану, урҭ иара иҿаԥыц аҟнытә сахьырзыӡырҩхьаз насыԥ дууп сара сзыҳәа. Атермин "Жәлар рпоет" ҳара ҳаамҭазы маҷк иажәхьазаргьы ҟалоит, аха Рушьбеи Смыр ихаҿра ишанаало еиԥш, ҳаамҭазтәи даҽа поетк инаалаӡом ҳәа сгәы иаанагоит", - иазгәеиҭеит Денис Чачхалиа.

Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр диит жәабранмза 13, 1950 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан.

Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1965 шықәса инаркны. Апоет зааӡатәи иаԥҵамҭақәа агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа ирнылоит. 1973 шықәсазы иҭыҵуеит апоет раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа реизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Ари аизга ала апоет данылоит хьӡи-ԥшеи згымыз ирҿиаратә мҩаду.

Рушьбеи Смыр ирҿиаратә ҭынха адагьы, иԥсадгьыл алахьынҵаӡбара кыр дазааԥсеит. Апоет, 1977-1979, 1989 ашықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан аԥсуа милаҭ ринтересқәа ахьчаразы игылаз дреиуан. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

Рушбей Смыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2019
Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны

Рушьбеи Смыр ипоезиа зегьы тема хаданы иамоуп иԥсадгьыл азхәыцра, ижәлар рдоуҳатә беиара абзиабара. Иара иажәеинраалақәа рҟны хыԥхьаӡара рацәала иуԥылоит аепитетқәа, аметафорақәа, аиҿырԥшрақәа, асимволизм.

Апоет иажәеинраалақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).

XIX ашәышықәсазы Кавказ имҩаԥысуаз, аублаа жәлар рықәӡаара аазгаз атрагедиатә хҭысқәа ирызку Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Семра" 2016 шықәсазы иҭыҵит. Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 2004 шықәсазы ихҵан Адыгатәыла Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара.

Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр иԥсҭазаара далҵит 2019 шықәсазы, ԥхынгәымза 29 аҽны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0