Асабрада, адистанциа, арзҩыдара: аурыс театр аусура хацнаркит

© Sputnik / Леон Адлейба РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина
РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 инаркны Аԥсны атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультуратә ҩнқәа, ацәыргақәҵатә залқәа русуразы азин ҟаҵоуп асанитартә нормақәеи аԥҟарақәеи ирықәныҟәаны.

Аԥкрақәа рнаҩс аусура хацнаркит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Карл Гальдони иҩымҭала ақәыргыламҭа "Кьоџьаа рҭыӡшәа" ала.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнырӷәӷәаз асанитартә ԥҟарақәа инарықәыршәаны жәабран 15 рзы аурыс театр ҩаԥхьа ашәқәа аанартит. Атыәлаҟны акультуратә усҳәарҭақәа Аԥсны аус руамызт ԥшьымз раахыс. Иубаратәы иҟан ахәаԥшцәа ари амш ишазыԥшыз, атеатр иаҭааз рхыԥхьаӡара рацәан. Ашә уахьаахыҵуаз, атеатр аусзуҩцәа ахәаԥшцәа рнапқәа арзҩыдара иахрыжьуан, ирырҭон асабрадақәа, асоциалтә дистанциагьы ахылаԥшра арҭон.

© Sputnik / Леон Адлейба Атеатр аусзуҩцәа ахәаԥшцәа рнапқәа арзҩыдара иахрыжьуан
Атеатр аусзуҩцәа ахәаԥшцәа рнапқәа арзҩыдара иахрыжьуан - Sputnik Аҧсны
1/3
Атеатр аусзуҩцәа ахәаԥшцәа рнапқәа арзҩыдара иахрыжьуан
© Sputnik / Леон Адлейба Атеатр аусзуҩцәа ахәаԥшцәа рнапқәа арзҩыдара иахрыжьуан
Атеатр аусзуҩцәа ахәаԥшцәа рнапқәа арзҩыдара иахрыжьуан - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Аурыс театр аиҳабы Иракли Хынҭәба ԥшьымз раахыс зусура аанкылаз атеатр аԥсҭазаашьа дазааҭгылеит, иҳәеит аԥҟарақәа зегьы рықәнаҟәара ишазыхиоу, избанзар аҟаза еснагь бзиа ибо иус даҿымзар, алҵшәа изалгаӡом.

"Ҳгәы иаахәеит ҩаԥхьа ҳтеатр аусура иалагартә еиԥш алшара ахьыҟалаз. Иубаратәы иҟоуп, шаҟа ргәы ацԥыҳәаны имҩахыҵуа ҳахәаԥшцәа. Иахьа идҳарбараны иҟоу аспектакль "Кьоџьаа рҭыӡшәа" ари даара апозитив зҵоу комедиоуп. Сгәы иаанагоит, иахәаԥшуа ргәалаҟазаара еизнарҳап ҳәа", - иҳәеит Хынҭәба.

© Sputnik / Леон Адлейба Иракли Хынҭәба
Асабрада, адистанциа, арзҩыдара: аурыс театр аусура хацнаркит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Иракли Хынҭәба

Игеит аҩбатәи аҵәҵәа. Аспектакль алагара рацәак агым. Ахәаԥшцәа рхы-рҿы ианубаалон шаҟа атеатр ахь амҩахыҵра ишазыԥшыз, ныҳәак ирзаҩызахеит иахьатәи амш. Ахәаԥшҩы Шьарида Қаԥшьԥҳа лгәаанагара аспектакль алагаанӡа иҳацеиҩылшеит.

"Иахьа актиортә ҟазара знапы алаку рзы, иара убас ахәаԥшцәа рзгьы гәахәаратә мшуп. Избанзар, аԥкрақәа анаԥыхха аамышьҭахь, ари раԥхьаӡатәи культуратә цәырҵроуп. Уи, хымԥада , угәалаҟазаара шьҭнахуеит. Сгәы иаанагоит, ҳазхәаԥшраны иҟоу ақәгылара "Кьоџьаа рҭыӡшәа" еиҳагьы ҳарлахҿыхап ҳәа", - лҳәоит аҭыԥҳа.

Игеит аҵыхәтәантәи ахԥатәи аҵәҵәа. Аспектакль иалагеит, ицәеит алашарбагақәа. Нак хара лашарак аакит, асценахь иаацәырҵит актиорцәа, игеит анапеинҟьабжьқәа. Аспектакль цонаҵы аччабжьқәа азал иҩныҩуан, амузыка лахҿыхи, актиорцәа рыхәмарреи ухы-угәы еизнарҳауан.

© Sputnik / Леон Адлейба Атеатр, асабрада, адистанциа: аԥҟарақәа ирықәныҟәо РУСДРАМ ашәқәа аанартит
Асабрада, адистанциа, арзҩыдара: аурыс театр аусура хацнаркит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Атеатр, асабрада, адистанциа: аԥҟарақәа ирықәныҟәо РУСДРАМ ашәқәа аанартит

Ҩ-сааҭк инареиҳаны ицоз аспектакль аашьҭахь, уи иалахәыз актиор Џьамбул Жорданиа иҳәеит, актиорцәа ишырцәыуадаҩыз акраамҭа ахәаԥшцәеи дареи аимадара ахьрымамыз.

"Аԥкрақәа ирыхҟьаны аҽазыҟаҵарақәа рзы аамҭа маҷны ишҳамазгьы, зегьы акоуп ҳаиҵамхаӡеит. Ажәытәан ауаҩы игәы анҽеимыз шәала-кәашарала игәы рҟачон, убас еиԥш ҳазнеиуеит ҳара ҳусгьы. Аԥкрақәа рышьҭахь, иаҳҭаххеит ахәаԥшцәа раԥхьатәи атеатр раҭаара лахҿыхрала ҳаԥыларц", - иҳәеит актиор.

Жәабран 16, 17 рзы аурыс театр аҟны иддырбараны иҟоуп Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" иалху аспектакль.

Ажәабжьқәа зегьы
0