Аҭыӡшәа зхылҿиааз аныҳәаҿа, ма ақырҭуа инвестициақәа Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукМитингующие у здания Парламента Абхазии
Митингующие у здания Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Аԥсны ахада уаанӡатәи иабжьгаҩ Бенур Қәираиа иумҭа иақәыӡбарц имҩаԥгаз амитинг азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Хәажәкырамза алагамҭазы Аԥсны аӷьалпал бжьы аацәырҵит. Апандемиа аамҭазы аполитика аганахь ҭынчрашәа иҟан, еиуеиԥшым аҳәамҭақәа шцәырҵызгьы. Амитингқәа рыцәаара ҳамбеижьҭеи шықәсык инахыҳәҳәон уажәшьҭа.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2020
Змаршәа ктәу аполитика: ахада иконцепциа иалоу аԥсуа-ақырҭуа ҭыӡшәазы ахәҭаҷ иазкны

Наунагӡа еибашьра ыҟам рҳәоит, аха аԥсуа-қырҭуа еизыҟазаашьақәа рҿы макьана акәаԥ ду ргылам. Акәаԥ ргылам, аха 29 шықәса раԥхьа аибашьра адәаҿы хҭак еицҭазыршәуаз аԥсуа ветеранцәа, аҭынч ԥсҭазаара аамҭазы, ҳазиааиз аҳәынҭқарра аганахь иаку стратегиак рзалымхыцт. Аветеранцәа рыдагьы, аԥсуа политика мҩақәызҵо ахадацәагьы, зеиԥшла адәныҟатәи астратегиазы аԥҟарақәа ртәы ӡырыргозаргьы, зегь акоуп Қырҭтәылеи Аԥсни рызҵааразы аполитикатә еидысларақәа аамҭа-аамҭала иҭыӡшәаны иааҟалоит.

29 шықәса раԥхьа сара исхыҵуан 29 шықәса. Усҟан исхәыцуази, иахьа сыла иабои хәыки-шьхаки рыбжьоуп.

Уажәы-уажә Қырҭтәылаа рылацәажәаразы ҳтәыла аҩнуҵҟа иҵоурам ацәажәарақәа цәырҵуеит. Амчраҿы иҟоу ирыдгыло аветеранцәеи, аоппозициа иҟоуи арҭ азҵаатәқәа рзы иаку стратегиак рымаӡам. Аҭынч ԥсҭазаараҿы амалырҳара иаанаго агәаҳәарақәа аиааира рго иалагеит. Имаӡам усуп, Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара маӡалатәи атауар еилысрақәа шымҩаԥысуа. Иҟоуп агәаанагара дареи ҳареи ҳабжьара иаҭахуп аҳазалхырҭа, абиуџьет аԥара ҭаларц азы ҳәа. Ари иаҿаапкуеит амчраҿы иҟоу ирыдымгыло аветерантә еилазаарақәа "ҳаӷа илахәаахәҭра иашам" ҳәа. Даҽа ганкахьала, маӡалатәи аԥарарҳара мҩаԥысуан, иахьа оппозициа иҟоу амчраҿ ианыҟазгьы.

Ажәакала, аибашьра аветеранцәа еизааибаганы, иахьа уажәраанӡа ирзымыӡбац мҩакы, агеноцид ҳзызуаз, иахьагьы ҳҿаҟәара иашьҭоу Қырҭтәыла аганахь. Абас иҟазаауеит, аполитикатә амбициақәа нышьҭаҵаны, ҳара иҳахәаша астратегиа алырхаанӡа аветеранцәа рхаҭа. Аҳәынҭқарра амаа зку ртәы ҳҳәозар, иахьатәи ахада адәныҟатәи истратегиаҿы зхыцқәа нагӡаны иаартым "Қырҭтәылеи Аԥсни еиуеиԥшым аҩаӡарақәа змоу реиҿцаара" ҳәа азгәаҭақәа ҳадигалеит. Араҟагьы, аоппозициатә ветеранцәа уи ӷамхәырҭаны ишьҭырхит, Апарламент аҿы инеибагеит, аха анаҩс ҭаацәашәала акгьы рзеиҿмырцааит.

Сгәанала, аԥсуаа еилкааны иҳамам ҳазну амҩаҿы, Қырҭтәыла аганахьтә ҳполитика зеиԥшрахаша. Аибашьра анцоз сҩызцәеи сареи аиааира ҳанеиԥхыӡуаз, иахьа аҭыӡшәа зхылҵыз аветеран Бенур (Акун) Қәираиа дызну авидео аҩыза збоит ҳәа сыҟамызт.

Еиуеиԥшым телеграмм-каналқәа, иара убас, феисбуктәи адаҟьақәа рҿы мышқәак раԥхьа ицәырцит аҳәамҭа "апрезидент ицхырааҩцәа руаӡәык, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы Қырҭтәылаҟа дцеит" ҳәа. Анонимтә жәабжь ахҳәаагьы асымҭеит, мцуп ҟасҵан, аха дара зегь рдыруазаап. Даҽа ԥыҭрак ашьҭахь, иаацәырҵит авидео урысшәала ицәажәо аԥсуа хаҵа иҳабашьуаз, иахьа ибизнесмену Даҭо Кәарацхелиа иныҳәаҿа ахьиҳәо. Алаламбатә. Ашьҭахь ишеилкаахаз ала, аныҳәаҿа зку аекономикатә зҵаарақәа рзы апрезидент иабжьгаҩ Бенур Қәираиа иакәзаап.

Хаҭала дсыздыруамызт, аха абизнес знапы алаку иакәны дшыҟаз саҳахьан. Аныҳәаҿа зку ахаҵа итәаны изыӡырҩуаз рахьтә аӡәгьы диҿамԥеит, уимоу аеколог Роман Дбар иеиԥшу ихы ларҟәынгьы дӡырҩуеит. Иара уа днеиааиуеит амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, аветеран Гиви Дапуа иеиԥшу ахаҵа.

Абасала, иахьатәи аныҳәаҿатә теориа иаҳәоит "Иаҳжәып сара сҩыза иныҳәаҿа, иақырҭуоу, Болгариа инхо…". Анаҩсан, аҵәца зку иажәа иациҵоит "Аибашьра анцоз сара дысҿагылан, нас 1993 шықәсазы Болгариаҟа дцеит, уа дынхоит. Иахьа сара абра апарк аасыртуеит, иара ихьыӡгьы ахьӡысҵоит". Уаҳа аиҭаҳәаргьы аҭахым. Макьаназы ҳаибашьцәа ирыхәҭоу абаҟақәа анаҳзыҟамҵац аамҭазы, Болгариа инхо, иҳабашьуаз Даҭо Кәарацхьелиа ихьӡ зху апарк ашьҭаҵара ауп иаҳзынханы иҟаз. Ари иахылҿиааит аҭыӡшәа ду.

Еиҳаракгьы, феисбук аҿы аполемика цәырҵит. Ус ишыҟаз, иҳауит апрезидент иусҳәарҭа аҟынтә аинформациа "жәабран 19 2021 шықәсазы апрезидент иабжьгаҩ Қәираиа иусура аанижьхьан" ҳәа.

Икону, подаренную грузинскими политиками Илорскому храму, вывезли в Гал для последующей ее передачи грузинской стороне - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2020
Аныхачаԥеи аполитикеи, мамзаргьы ақырҭуа зҵаатәаҿы аԥсуаа хҭак ианеицҭадмыршәуа

Хәажәкыра 2, 2021 шықәсазы амитингқәа рыцәаара цәырҵит абри ахҭыс иахҟьаны. Дарбан аоппозиционеру ари аҩыза заҩзыжьуа? Уаанӡатәи апрезидент Рауль Ҳаџьымба ихаан, 2018 шықәсазы ақырҭуа террорист Лукаа имҳәамырзаӡакәа дахьоужьыз азы, Аԥсны аӡынтәи ареволиуциатә хыԥшақәа ӷәӷәахеит. Аӡә игха алкаа азуны, егьи ибзиоу ихәшьадырц аҭыԥан, абар ҩынтәуп ақырҭуа теамазы иахьатәи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иабжьгаҩцәа иҵаркуеижьтеи: актәи - Лаша Сақаниа, Аныхачаԥа зманы ақырҭуа политикцәа Елыр ианааигаз, аҩбатәи- "ақырҭуа инвестициақәа раагаразы" Қырҭтәыла ицаз иабжьгаҩ Қәираиа.

Атәыла ахада ипресс-маҵзура "Қәираиа жәабран 19 рзы иусура аанижьхьан" ҳәа иҳаладырҵәаз ажәабжь, уи лаԥшхырԥагоуп, избанар, атәыла ахада иаандаҿы аус зуа русура аанрыжьзар, аинформациа иаразнак ауаа ирыларҳәоит. Жәабран 19 инаркны хәажәкырамза алагамҭазынӡа ари ажәабжь ауаажәларра изырзымдыруаз? Ус иҟарҵеит агәынамӡаратә хыԥша апрезидент имаахарц азы.

Бжьаниа Иусбарҭа ахҳәаа анаҭеит уаанӡатәи абжьгаҩ Қырҭтәыла иҟазааразы

Аоппозициатә мчқәа ари ахҭыс аанрыжьуазма, ауаа еизеит аԥхьа Ахақәиҭра ашҭаҿы, анаҩс Аарламент аԥхьа. Абарҭ азҵаарақәа рҿы ҩ-стандарк змоу аполитикатә кониунктуара аус шауа гәасҭоит.

"Аруаа" адҵа ҟарҵоит ҩаӡарарацәалатәи Қырҭтәыла алацәажәарақәа ирҟәаҵтәуп ҳәа

Сара апартиақәа срылам аҟынтә, еиҳа исзымариоуп уи абара. Аветерантә еиҿкаарақәа еиҩшоуп политикала. Аполитика амаа зку дзеиԥшроу еиԥш ауп, аҳәамҭақәагьы шцәырҵуа. Ус акәзаргьы, Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз дрылаҳбааит, игәаанагаргьы иҳәеит аветерантә еиҿкаарақәа ирылам, ажьырныҳәа 2020 шықәсазы "Аҿар рреволиуциа" ҳәа хьӡыс изауз ҵәатәышьаҟас иамаз Ахра Аҩӡба, "Импичмент президенту" ҳәа илексика иалаҵаны. Ԥхьатәара ицахьо, мардуанла ҵыԥх апрезидент иусурҭа иажәлоз аполитик иҳәеит "иарбан политикатә гьамоу иҳамазаалакгьы Аԥсадгьыл азҵатәы аҿы ҳара ҳаӡәыкуп" ҳәа.

Иахьатәи аԥсуа аоппозициа аҳәамҭақәа ҟанаҵеит "Аԥсни Қырҭтәылеи ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рымамзароуп" ҳәа. Ирҳәеит аха, маӡала ицо аилахәаахәҭра шынкылатәу азы, рхаҭа амчраҿы ианыҟаз акгьы рзымыӡбит, акылҳарақәа иҟаз аркны, мҩакы заҵәык ааныжьрада.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2021
Қьар злам ареволиуциа, ма "ажәлар рызгәаҟразы"

Амш иалагӡан Бенур Қәираиа ажурналистцәа ириҭеит ҩ-бызшәак рыла аинтервиу. Убраҟа абизнесмен ихала иҳәеит ииашаҵәҟьаны Қырҭтәыла дшыҟаз, Аԥсны аинвестициақәа ралагаларазы аусқәа шиӡбоз. Қырҭтәылаа ирымоу апрограмма "Еибашьрада Аԥсны аргьежьра" захьӡу, агуманитартә-економикатә зҵаарақәа рыла, ҳауаажәлар дара ирхьыԥшны аҟаҵароуп хықәкыс иамоу.

Жәабран 19-нӡа апрезидент ицхыраҩс аус зуаз Қәираиа Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит "Сара Акәын Қәираиа "Шәкәырча аԥшаҳәа" ахада соуп. Ари зхы иақәиҭу економикатә ҳәырԥссароуп (зона)" ҳәа, анаҩс, абизнес знапы алаку иҳаилиркааит Қырҭтәыла иҟазаара хықәкыс иамаз: "Сара Қырҭтәыла сыҟан, ааи. Уаҵәгьы сцоит. Ари хаҭалатәи визитуп. Сара уахь сцеит аинвестициа дуқәа Аԥсны иалазгаларц азы. Сара апорт, нас асасааирҭа дуқәа рыргылара сгәы иҭоуп, Аԥсныҟа аԥара рацәа аагара хықәкыс исымоуп".

Ииашаҵәҟьаны, Бенур Қәираиа иӡбахә есқьынагьы иҳаҳауан, амилаҭтә хақәиҭратә кәԥареи, аибашьреи рҿы ихы бзианы ишааирԥшуаз, аха иахьатәи иажәақәа рхы ахьцо, идеологиас ирымоу аилкаара сцәыуадаҩхеит. Иара ишиҳәо ала, Қырҭтәыла днеиуан аурыс бизнесмен ду, убри аҟынтә, уа хра злаз аиԥыларақәа мҩаԥигон. Даҽа ганкахьала, иҟоума абизнесмен еилеигаз азакәан? Ԥкрас иҟои, Қырҭтәылантәи аинвестициақәа Аԥсныҟа раагара иаԥырхаго? Акымзарак. Иаауҭаххар азин ылхны уцоит, уҿазҳәо закәан ыҟам, амораль ҳәа ҳазҿу, уи ашәҟәы ианым усгьы.

30 шықәса иҳазнамгаӡеит ҳара ҳхьыԥшымра аидеиа. "Сара хықәкыс исымоу анҭ (Қырҭтәылаа Е. К) иамырхырц ҳазхәаҽуа азакәанқәа, абрахь ишакәхалакгьы аԥара дуқәа, аинвесторцәа ааратәы аҟаҵара" иҳәоит Қәираиа ицәажәараҿы.

Абасала, ҳара иҳадгалоуп Қырҭтәыла ацхыраарала Аԥсны аекономика ашьҭыхра. Апарламентуаа ари азҵаатәы иахәаԥшраны иҟоуп, аха зегь ирзеиԥшу аԥҟарақәа рзыхәшьадуама? Ҳара ихадоу астратегиатә партниор ҳәа Урыстәыла аназгәаҳҭо, уахьынтәи афинанстә цхыраара анҳауа, ҳаваҵәины "аоккупациа зызу атәыла" ҳәа ҳзызҳәо, ҳхьыԥшымра азхазымҵо, иацы иҳабашьуаз рыла аекономика шьҭаҳхуеит ҳәа иаҳҳәо, сара сзы абсурдуп.

Аԥсуаа аибашьраҿы аиааира ҳгеит, аха иахьа уажәраанӡа иаҳзымыӡбеит агеноцид ҳзызуз рганахьтәи аполитикатә стратегиа. Уи аӡбара зуалу, аветеранцәа ргәаанагара хшыҩзышьҭра аҭаны, Аԥсны аиҳабыреи Апарламенти роуп.

Иҟазароуп хыԥашьа змам аԥҟарақәа. Ҳаицәажәозар ҳаззеицәажәо, уи хықәкыс иамоу. Ахәаахәҭра маӡала иҳабжьаны, аҽраԥшразы ҳаилахәаахәҭӡом ҳәа ҳҳәар уигьы хжьароуп. Иахьа ицәырҵыз азҵаатәқәа аибашьра анеилга ашьҭахь ишьақәгыло иалагеит, иара иахҟьаны аҩнуҵҟатәи аидысларақәа мҩаԥысуеит, убри аҟынтә, хара имгакәа ицәырҵроуп Аԥсни иҳабашьуази реизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо иконкреттәу аԥҟаԥҵәақәа, дасу иахьиҭаху ахы ирхо акәымкәа. Қырҭтәыла акәзар, иара ус иныбжьаршәынгьы иамҳәацт "Аԥсны ҳәынҭқарроуп" ҳәа. Женеватәи аиҿцәажәарақәа иахьанӡа "аҽаҩра аанамгацт" абџьар ахамырхәаразы, азхаҵара азҵаара акәым.

Макьаназы Аԥсны иқәынхо ауаажәларра азыҟаҵам Қырҭтәылеи ҳареи ҳаимабзиара, ҳаилахәаахәҭра дара рганахь азхаҵара ыҟамкәа. Даҽа ганкахьала, илаҟәу асоциалтә ԥсҭазаара иахҟьаны, ахныҟәгаразы, аҽыхәшәтәразы ҳауаажәлар уахь ихьаԥшуа иалагеижьҭеи маҷ ҵуама?

Қырҭтәылеи, уи иадгыло Европатәи аҳәынҭқаррақәеи Аԥсны ихьыԥшму ҳәынҭқарраны акәымкәа, Қырҭтәыла иахәҭаку акәноуп ишахәаԥшуа. Нас, ҳара изаҳзеилымкаари, ҳаицәажәарақәа, ҳаилахәаахәҭрақәа ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара иҟоу акәны ҳхаҭақәеи ҳазхазҵаз атәылақәеи рыда макьаназы аӡәгьы дшахәамԥшуа.

Ақырҭқәа ҳрацәажәозар, сгәанала, ҳара хаз иҟоу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра апозициақәа мацара рыла ҳақәгылалароуп. "Азхаҵарада Аԥсны Қырҭтәылахь аргьежьра" хықәкы хаданы иззықәгыло аҳәынҭқаара ҳара ҳинтересқәа ахаангьы иахьчом.

Абарҭқәа ҳрызхәыцноуп ҳгәылацәа ҳанрацәажәо ҳашрацәажәалаша, мамзар 1992 шықәсахьы хаиҭагьежьыр алшоит. Уажәы-уажә ақырҭуа зҵааразы ҳара - ҳара ҳаиҿаххуеит, дара уи ргәы арҭхаџьуеит. Асоциалтә ҳақәа рҿы акәзар, ақырҭцәа гәырӷьаҵәа ахҳәаақәа ҟарҵоит "Қәираиа иполитика иашоуп" ҳәа. Аӡы иаго аҳәҳәабжь иаҳаӡом…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0