Аҳақьым далацәажәеит абыргцәа рзы алаҵаҟамҵара шшәарҭоу

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от гриппа в Краснодаре
Вакцинация от гриппа в Краснодаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәса ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы Урыстәыла 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа рзы COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит. Арҭ ауааԥсыра ркатегориа еиҳа аԥыжәара зҭатәу ирыҵанакуеит, уи азы раԥхьа иргыланы дара роуп алаҵа ззыҟаҵатәу.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. 60 шықәса ирҭысхьоу рзы алаҵа аҟамҵара шәарҭоуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла уаанӡатәи асанитар ҳақьым хада, РАН академик Геннади Онишьенко.

Доставка вакцины Sputnik V на склад в грузовой терминал Москва Карго - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Алаҵа "Спутник V" ззыҟаҵоу зегьы ахьчаратә еффект рныԥшуеит

"COVID-19 аҟынтәи адунеи атәылақәа зегьы рҿы аԥсыҭбарақәа еиҳа еиҳауп 60 шықәса ирҭысхьоу рыбжьара, аендокриннтә, аонкологиатә, акардиологиатә статус змоу. Абыргцәа амедицинатә рбагақәа рыла еиҳа ишәарҭоуп. Убри азы дара рыла иалагатәуп алаҵаҟаҵарагьы. Егьырҭ агәыԥқәа заанаҭтә рбагала – аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, атранспорти ахәаахәҭреи русзуҩцәа", - иҳәеит аҳақьым.

Инаҵшьны иазгәеиҭеит алаҵаҟаҵара шәарҭара шалам, иҳәеит ааигәа Москва, 104 шықәса зхыҵуаз ахаҵа алаҵа шыҟаиҵаз.

Убри аан Онишьенко иҳәеит алаҵа ҟауҵаанӡа аҳақьым иконсультациа шаҭаху, уи адагьы алаҵа шыҟарымҵо.

Академик иажәақәа рыла авирус аҽшеиҭанакуагьы иааидкыланы ишконсервативтәу.

"Иеимҳәам. Уи агәыӷра ҳнаҭоит алаҵаамҭа шкьаҿымхо азы", - иҳәеит иара.

Аԥсныҟа алаҵа "Спутник V" аагара иазыԥшуп хәажәкырамза анҵәамҭазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0