"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны алашара ҩаԥхьа идырцәар алшоит

© Sputnik / Акоп Кущян ВЛ
ВЛ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа иҟалаз авариа иахҟьаны аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҿыхын, уи иахҟьаны Аԥсны араионқәа жәпакы лашарада иаанханы иҟан, аха апроблема аԥыхра иаарласны ирылшеит.

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Аԥсны афымцалашара аиура авариатә схемала ишьақәыргылоуп, макьана иҟоуп ашәарҭара ҩаԥхьа алашара ыцәоит ҳәа, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟалаз асистематә авариа иахҟьаны хәажәкыра 28 ашьыжь аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҿыхын, уи амшала иаразнак ала Аԥсны лашарада иаанхеит Гагра араион ахәҭак, Гәдоуҭа, Аҟәа араионқәа, Аҟәа ақалақь.

Аремонттә усурақәа хыркәшан, афымцалашара аиура еиҭашьақәыргылан. Аха убри аан, "Амшынеиқәафымцамч" излаанацҳауа ала, аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" ала иааиуа афымцалашара амҽхак абжьааԥнытәи аасҭа еиҵоуп. Убри инамаданы аҟазауаа аҳауатә цәаҳәа "Кавкасиони" ала иагу афымцалашара аарышьҭыр акәхеит.

"Амшынеиқәафымцамч" атәыла ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵеит излалшо ала алашара еиҷаҳаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0