Лавров Врбетице иҟаз аԥжәарақәа рзы Чехиа аиҳабыра рҳәамҭа шизофрениоуп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧехия, Прага. Архивное фото.
Чехия, Прага. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Анапаҵаҩра
Чехиатәи ақалақь Врбетице аҿы иҟалаз аԥжәарақәа Урыстәыла рнапы алаҟьашьуп ҳәа уи атәыла аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭақәа шизоферниоуп ҳәа рхиҳәааит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров РИА Новости аинтервиу аҭо Врбетице иҟаз аԥжәарақәа рзы Чехиа аиҳабыреи ахада Милош Земани рҳәамҭа шизофрениоуп ҳәа ахиҳәааит.

"Сара ари азҵаара алацәажәарагьы сҭахым, избанзар исзеилкаауам, схы иԥнаҟом ирҭахыз. Сериал бааԥсык уахәаԥшуашәа угәы ҟалоит, ирҳәо ануаҳауа. Ари аҭоурых аҿы ашизофрениа ҵаулаӡаны аҭыԥ амоуп", - ҳәа иҳәоит Лавров.

Атәыла ахада Земан аус ҭҵаатәуп аниҳәо, аҳәаанырцәтә агентцәақәак рҟынтә адиверсиа аҭыԥ амазар шауа мап ацәикуам ҳәа иҳәоит аминистр.

Вестминстерский мост через реку Темза в Лондоне. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Британиа Ду Урыстәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ҵнашәаауеит иҳәеит Лавров

"Аха иара 2014 шықәса рзы абри абџьарҵәахырҭаҿы аусзуҩцәа инықәрыҩрны рхы мҩаԥыргоит ҳәа уажәтәи Чехиа аԥыза-министр Бабиш зхадараҿы дыҟоу аиҳабыра ирыларҳәаз ахҭыс аверсиагьы азхьаԥшра аҭахуп ҳәа ишьоит. Земан арҭ ашықәсқәа зегьы ирзаҿаԥымҽыз аверсиагьы шәазхьаԥш ҳәа азгәеиҭоит ауп. Уажәы иара аԥсадгьыл аԥсахыҩ ҳәа изырҳәоит. Апарламент ахада иҳәеит аверсиақәа зегьы азгәаҭатәуп ҳәа ҳәо Земан аҳәынҭқарратә маӡа ааиртит ҳәа", - иҳәеит Лавров.

"Абри акәӡами шизофрениа захьӡу? ", - иҳәеит аминистр.

Врбетице иҟалаз ахҭыс

Земан мшаԥы 25 рзы Врбетице иҟалаз ахҭыс иадҳәаланы дықәгылеит. Атәылауаа рахь авидеоааԥхьараҿы иҳәеит аусҭҵаара ишаҿу, ишыҟоу аверсиақәа ҩба – аҵәахырҭа аусзуҩцәа иазҟазамкәа рхымҩаԥгашьеи аҳәаанырцә маҵзура ахаҭарнакцәа аԥжәара мҩаԥыргеит ҳәеи. Убри аан иҳәеит аусҭҵаара алкаақәа ирзыԥштәуп ҳәа. Земан иҳәеит урыстәылатәи агентцәа аԥжәара иалахәуп ҳәа шьақәырӷәӷәахар Урыстәыла ахәԥса ақәҵахоит ҳәа.

Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Лавров: Урыстәылагьы Америка иаҿагылоу асанкциақәа аланагалоит

Аԥыза-министр Андреи Бабиш мшаԥы 17 рзы иҳәеит Врбетицатәи ахҭыс Урыстәылатәи амаҵзурақәа алахәуп ҳәа агәаанагара шрымоу Чехиа аиҳабыра. Кремль ари иҵаҵӷәыдоу цәажәароуп ҳәа ахнаҳәааит. Убри аан Чехиантәи 18 дипломат ықәырцеит, Москва персона нон грата ҳәа 20-ҩык Чехиа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа атәыла иалнацеит.

Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Иакуб Кулганек адипломатцәа шәырхынҳәыроуп ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Уи аҭак аныҟамла Прага Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аилазаара ркьаҿтәуп ҳәа иқәгылеит.

Сергеи Лавров РИА Новости иеиҭаз аинтервиу ду урысшәала шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0