Аԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит "Аҿар рыбжьы" аиубилеитә еицлабра

© Sputnik / Томас ТхайцукФестиваль "Молодые голоса"
Фестиваль Молодые голоса - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
20-тәи аестрадашәа анагӡаҩцәа риубилеитә Рреспубликатә еицлабра мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр еиҿнакааз аестрада шәаҳәаҩцәа Рреспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" иалкаау аконцерт актәи ахәҭа мҩаԥысит мшаԥы 28, аҩбатәи - мшаԥы 29 рзы. Аицлабра ахаҭа акәзар, уи мҩаԥган заа, шьыбжьаанӡа, афилармониа ахыбраҟны.

Жәлар рашәеи ражәеи: афестиваль Раида шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Жәлар рашәеи ражәеи: афестиваль "Раида" шымҩаԥысыз

Аиҿкааҩ-анапхгаҩы Нури Кәарҷиа аконцерт алагаанӡа иҳәеит уи шеиҿкаау, иарбан ԥҟарақәоу изықәныҟәо, насгьы алахәылаҩцәа рықәратә категориа дазааҭгылеит:

"Аицлабра ахаҭа мҩаԥган мшаԥы 28 рзы, шьыбжьаанӡа афилармониаҟны. Аԥхьатәи амш азыҳәаны еицлабуан аиҵбыратә гәыԥқәа, аҩбатәи амш азыҳәаны - аиҳабыратә гәыԥқәа. Алахәцәа рҟынтә зегьы реиҳа қәрала еиҳабу ихыҵуеит жәаа шықәса, аиҵбаӡа - ԥшьышықәса. Асцена гәхьаазгоз ахәыҷқәа ргәы хыҭхыҭуа иааит, даара иазыԥшын ари амш. Ачымазара аҽацәыхьчаразы иахәҭоу ахыхьчагатә ԥҟарақәа азыԥҵәоуп, ахәаԥшцәа 40-50 % рхыԥхьаӡара еиҳамзароуп, ҭыԥк-ҭыԥк бжьажьны иртәоуп, ирабжьгоуп асабрада шырҿаҵатәу", - иҳәеит иара.

Нури Кәарҷиа иара убас инаҵшьны иҳәеит ари аҩыза аицлабра аԥсуа ашәа ҿыц аԥҵара, аӡыргара ишазырхоу.

"Аԥсуа естрада хьысҳаны иҟан аамҭаказы, аԥсуа шәақәа маҷын. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә 20 шықәса раԥхьа ианаԥаҳҵоз, хықәкыс иҳамаз амилаҭ естрадатә ашәа аӡыргара, арҿиара, ԥхьаҟатәи амҩа азылхра акәын. Уамашәа иубаша, раԥхьаӡа ианеиҿаҳкаа, уахык ала иит 42 аԥсуа ашәа, урҭ зегьы хаданы иҟалаӡом, аха урҭ рахьынтә ԥшьба-хәба ашәа анынха, ҳхықәкы наҳагӡеит ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Аконцерт алагаанӡа, алахәылаҩцәа хәыҷқәа ргәы хыҭхыҭуа аҽазыҟаҵара иаҿын: аӡәы лан лыхцәы лԥон, даҽаӡәы асцена дықәгылоушәа лгәы иарбаны лҽазыҟалҵон, ажәакала афилармониа акәша-мыкәша иҟаз алахҿыхреи агәалаҟара бзиеи уртәыртәуан.

© Sputnik / Томас Тхайцук20-тәи аестрадашәа анагӡаҩцәа риубилеитә Рреспубликатә еицлабра
Аԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит Аҿар рыбжьы аиубилеитә еицлабра - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
20-тәи аестрадашәа анагӡаҩцәа риубилеитә Рреспубликатә еицлабра

Аконцерт актәи амш азыҳәаны еицлабуан аиҵбыратә гәыԥқәа ҩба: 4-8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәратә категориа; 9-11 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа.

Аҩбатәи амш азыҳәаны иқәгылон аиҳабыратә гәыԥ: 12-13, 14-18 шықәса зхыҵуа. Ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәа ирыцны имҩахыҵит рҭаацәа. Иҟан раԥхьаӡа акәны асценахь ицәырҵуаз ахәыҷқәагьы, убас маҷк аԥышәа змоу, ҩынтәны асцена ду ахь ицәырҵуагьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук20-тәи аестрадашәа анагӡаҩцәа риубилеитә Рреспубликатә еицлабра
Аԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит Аҿар рыбжьы аиубилеитә еицлабра - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
20-тәи аестрадашәа анагӡаҩцәа риубилеитә Рреспубликатә еицлабра

Моника Џьуӷьелиаԥҳа илхыҵуеит бжьышықәса, уи ҩышықәсоуп "Аҿар рыбжьы" лхы алалырхәуеижьҭеи. Илыцны иааит илыдгыларц лан, лаҳәшьа, ланду. Ланду лажәақәа рыла, ахәыҷы асцена даара игәхьааганы дыҟан, лгәырӷьара ҳәаак амам уажәазы:

"Иахьа смаҭа ҩынтәуп ари аицлабра лхы алалырхәуеижьҭеи. Асцена даара игәхьаалгон, ачымазара лҽазыҟаҵарақәа ирныԥшит ҳәарада. Иахьа даара деигәырӷьоит дықәгылартә еиԥш алшара ахьыҟалаз. Ҵыԥх аҩбатәи аҭыԥ даԥсахеит, сынтәа макьана иҳаздыруам лхы шаалырԥшуа. Аицлабра иалахәу зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит, ачымазара уаҳа иаҳԥырхагымхааит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәа зегьы", - ҳәа лҳәоит анду аконцерт алагамҭазы.

Афестиваль актәи амш

Амҩаԥгаҩ аконцерт аартраан, ахәаԥшцәа "бзиала шәаабеит" ҳәа раҳәо, диасит аныҳәатә хәылԥазы хада ахь. Раԥхьа асценахь ицәырҵит Кәакәасқьериа-Быҭәба Аделинеи Агрԥҳа Миланеи. Урҭ ҩынтәуп ари аицлабра рхы аладырхәуеижьҭеи. Инарыгӡеит ашәа "Ишԥабзиоу аԥсҭазаара". Аконцерт алагаанӡа ргәаанагара ҳацеиҩыршахьан ахәыҷқәа. Урҭ ирҳәеит асценахь рцәыҵра акыр ишазыԥшыз.

"Аконцерт акыраамҭа ҳазыԥшын, ҳҽазыҟаҳҵон. Ҳарҵаҩы Агәмаа Руслан иоуп. Иаҳҭахуп аԥхьахә ҭыԥ ҳаԥсахарц", - ҳәа ргәаҳәара ҳацеиҩыршеит ахәыҷқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит "Аҿар рыбжьы" аиубилеитә еицлабра
Аԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит Аҿар рыбжьы аиубилеитә еицлабра - Sputnik Аҧсны
1/6
Аԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит "Аҿар рыбжьы" аиубилеитә еицлабра
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит "Аҿар рыбжьы" аиубилеитә еицлабра
Аԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит Аҿар рыбжьы аиубилеитә еицлабра - Sputnik Аҧсны
2/6

3/6

4/6

5/6

6/6

Иқәгылоз зегьы абжьы хаа рхан, рзыӡырҩра угәы иахәон. Аконцерт актәи амш ахыркәшарахьы ианнеи, иалахәыз зегьы асценахь ицәырҵит, аҳаҭыртә бӷьыцқәа ранашьо, аиҿкааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Нури Кәарҷиа аԥхьахә ҭыԥ иаԥсахаз рыхьӡ иҳәеит. Аиҵбыратә гәыԥ, 4-8 шықәса: Алҭеиба Саломеиа, Сыҷынаа Леиа, Џьуӷьелиа Моника, Тәанба Ерасҭ. Абжьаратә гәыԥ 9-11 шықәса: Быҭәба Есениа, Сангәлиа Николь, Ҳашыг Данаҭ.

Афестиваль аҩбатәи амш

Аестрадашәа анагӡаҩцәа 20-тәи риубилеитә Рреспубликатә еицлабра аҩбатәи ахәҭа иацҵан мшаԥы 29 рзы. Иқәгылеит аиҳабыратә категориа иаҵанакуаз агәыԥқәа ҩба: 12-13 шықәсеи 14-18 шықәсеи ирыҵанакуаз. Аицлабра актәи амш азеиԥш, шьыбжьаанӡа иалкаан еиҳа еиӷьу ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа.

"Цәгьа угәы иахәоит иахьа аԥсуа ҿар акультура аганахьала азҿлымҳара ирымоу анубо. Ҳаицлабра рхы аладырхәуеит ҳәа имҩахыҵыз рхыԥхьаӡара рацәан, аха, ишыжәбо еиԥш, иалкаан иреиӷьу ашәаҳәаҩцәа. Рыбжьы бзиоуп, аха ҳгәы маҷк еихьнашьуеит атәым ашәақәа аналырхуа, аха зегьы акоуп аҿар аԥеиԥш бзиа ззыԥшу, заԥхьаҟа иартист духарц зылшо шракәу убоит", - иҳәоит аӡбаҩцәа ируаӡәкыз Авҭандил Канџьариа.

Ашәаҳәаратә ансамбль Гәында асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2017
Чамагәуаԥҳа: аҿар бзиа ибаны аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡоит

Аицлабра ааиртит Ерынба Дауҭ, иашәа иахьӡын "Аԥсынтәыла сыхаара". Иара ҩынтә аицлабра ихы алаирхәуеит:

"Ҵыԥхгьы салахәын ари аицлабра, усҟан аҩбатәи аҭыԥ саԥсахеит. Бзиа избоит асцена, маҷк сшәон, аха ашәаҳәара саналага, сшәара схашҭит", - ҳәа иҳәоит иара.

Ахәаԥшцәа ргәалаҟара бзиан, азал аҟны иҩныҩуаз амузыка бжьы хаа уарлахҿыхуан.

Аконцерт ихадоу ахәҭа хыркәшо, аӡбаҩцәа иҟарҵаз алкаа арылаҳәаразы асценахь дааԥхьан Аԥсны Жәлар рартист, аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа:

"Ҩажәа шықәса ҵуеит Аԥсны инеиԥынкыланы имҩаԥысуеижьҭеи аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы". Хықәкыс иамоу: аҿар жәлар рашәа адагьы, аестрадатә ашәа анагӡара зҭаху, зхы ԥызшәарц зҭаху зегьы алшара рыҭара ауп", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас Тхайцук20-тәи аестрадашәа анагӡаҩцәа риубилеитә Рреспубликатә еицлабра
Аԥсуа ашәа ӡырызго: имҩаԥысит Аҿар рыбжьы аиубилеитә еицлабра - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
20-тәи аестрадашәа анагӡаҩцәа риубилеитә Рреспубликатә еицлабра

Актәи аҭыԥ иаԥсахеит ақәратә категориа 12-13 шықәса иаҵанакуа: Ҭҳаиҵыкә Алан, Быҭәба Алиса, Џьергьениа Николь. Аҩбатәи агәыԥ - 14-18 шықәса зхыҵуа: Ӷәынџьиа Рада, Сыҷынаа Леон, Кожухарь Далиа, Григолиа Инесса, Бжьаниа Мариам, Хьециа Еалонна.

Нури Кәарҷиа излеиҳәаз ала, абжьаратәи абиԥара иаҵанакуа Аԥсны иҳамоу ашәаҳәаҩцәа, шамахамзар, ҳаицлабра иаушьҭымҭацәоу роуп. Сынтәа аицлабра "Аҿар рыбжьы" аиубилеи инарҭбааны амҩаԥгара азԥхьагәаҭан, аха ачымазара амшала, уи ргәы ишҭакыз еиԥш ирзынамыгӡеит, аха наҟ-наҟ ргәы иҭоуп аԥхьахәқәа ирыԥсахахьаз роушьҭымҭацәа, Аԥсны анҭыҵгьы иҟоу зегьы ааидкыланы, аныҳәатә концерт иалархәны амҩаԥгара ҳәа иҳәеит Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр Нури Кәарҷиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0