Анқәаб: хымԥадатәи алаҵаҟаҵарахь ҳнанагар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы. 6500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.

АҞӘА, лаҵара 27– Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб лаҵара 26 азы имҩаԥысуаз Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иҳәеит ареспубликаҿы хымԥадатәи алаҵаҟаҵара мҩаԥгахар шалшо. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.

"COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара атемпқәа акыр ихьысҳауп. Иҟоуп агәаанагарақәа иуадаҩу аҭагылазаашьа ыҟам, алаҵагьы аҭахым ҳәа. Аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ҳзазҳәом. Алаҵагьы аҭахуп. Иазхо алаҵа ҳауыр, хымԥадатәи алаҵаҟаҵара авариант ҳазкылсыргьы алшоит. Ишәгәалашәоит ачымазара аҽеиҭакшьа, уи мзызны иамаз иарку аҭыԥқәа рҿы амассатә уснагӡатәқәа шракәу", - иҳәеит иара.

Аԥыза-министр угәы иамыхәаша ахыԥхьаӡарақәа ааигоит авирус аҟазаара аганахь ала.

"Ковид џьаргьы имцеит. Иацтәи аинформациала 6 процент ҳуааԥсыра аҿкыра рылоуп. Жә-нызқьҩык ауааԥсыра рыбжьара 610-ҩык чмазцәоуп. Арҭ арбагақәа урыстәылатәиқәа раасҭа еиҳауп", - иҳәеит Анқәаб.

Уи адагьы иара иазгәеиҭеит, Аслан Бжьаниа Атәыла иалигалаз аԥкрақәа ишрықәныҟәалатәу.

"Аҭагылазаашьа имариоу акәым. Ичмазаҩыз рҟынтә иԥсыз 1,6% ыҟоуп, згәы бзиахаз – 96%. 27% ауааԥсыра ачымазара рымоу ирымаму ҳәа иҭҵаауп. Аҳақьымцәа 11 000 ҭҵаара мҩаԥыргеит. Ари ус дууп", - иҳәеит иара.

Ачымазцәа рхыԥхьаӡарала актәи аҭыԥ ныркылоит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони –48,3%, Гәдоуҭа араион – 15,6%, Гагра араион – 10,3%, Очамчыра араион – 9,6%, Тҟәарчал араион – 4,0- 4,2%, Гал араион – 6,5%, ҳәа азгәеиҭеит Александр Анқәаб.

Иҟоу аҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны аминистр ҿыц инаҵшьны азхьаԥшра аиҭароуп COVID-19 апроблема, иҳәеит аиҳабыра рхада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0