Ҳаамҭазы аргыларатә занааҭқәа рганахьала аҭаххарақәа анмаҷым ҳҳәынҭқарраҟны ахатәы кадрқәа разыҟаҵаразы уадаҩрас иҟоу, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь ари азҵаара аӡбаразы шьаҿақәас иаднакылахьоу атәы еиҭалҳәеит аколлеџь аиҳабы Светлана Габлиаԥҳа.
"… Атехника иадҳәалоу азанааҭқәа ҳамоуп, аха урҭ зегьы абжьаратә ҩаӡара иаҵанакуа аменеџьерцәа роуп. Убри аан ҳара иаҳҭахуп анардадаҩ (прораб-аред.) даноуҳажьуа уи аус ицызуа ашьыхратә усурақәа ҟазҵо, адашьма ықәызҵо, асантехника еиқәзыршәо аусзуҩцәа. Урҭ хԥа-ԥшьба шықәса аҵара дырҵара аҭахӡам, шықәсыкгьы азхоит. Иагьа ус иҟазаргьы, урҭ азанааҭқәагьы асааҭқәа рзоужьзароуп. Ҳара иаазыԥҵәаны 17 350 сааҭ ҳзоужьуп. Иаҳҭахын сынтәа 20 нызқь сааҭ ҳбиуџьет аҟны иҟарҵарц, усҟан иалыршахон даҽа х-занааҭк рыла аҵара амҩаԥгара. Уахь иаҵанакуеит асантехникцәа, ашьыхыҩцәа… Азанааҭқәа ҳзоурмыжьит, аха убасгьы уи дзырҵо аҟазацәа аҭахуп… Хышықәса-ԥшьышықәса ҵуеит ари азҵаара аӡбара ҳҭахуижьҭеи, аха абиуџьет аҟны аԥара ыҟам. Уи еилаҳкаауеит, аха аҳәынҭқарра иаҭахуп арҭ азанааҭқәа. Анҭыҵынтә ауаа ааны аԥара дырҳауеит, убри аан ҳара ҳтәқәа усурҭада иҟоуп", - азгәалҭеит Габлиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Габлиаԥҳа еиҭалҳәеит аҵарашықәс аиҭахацыркра ашьҭахь аколлеџь аҿы аҵаратә процесс шцало