"Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп": Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы

© Foto / Саида ЖибаТурция, абхазское село Акбалык
Турция, абхазское село Акбалык - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Ақбалық ҳәа изышьҭоу аԥсуа қыҭа бжьышықәса раахыс дахагылоуп Русҭем Џьенгьиз-иԥа Нанба. Иара иажәақәа рыла, араҟа 55 ҭаацәара нхоит, хыԥхьаӡарала иуҳәозар, 500-ҩык рҟынӡа. Ақыҭауаа ирыԥсҭазаашьоуи насгьы рнапы злакуи ртәы Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ақбалық ақыҭаҿы акы-ҩба ҭаацәара рыда егьырҭ зегьы аԥсыуаауп инхо. Аԥхынразы ақалақь дуқәа рҟны аус зуа ракәзар, рабацәа рынхамҩақәа рахь иаауеит, рыҩны-ргәара еиҿыркаауеит, амхқәа, ауҭрақәа рнапы рыдыркылоит. Ари ақыҭаҟны бжьышықәса раԥхьа еиҳабыс далхын иқәыԥшыз, 34 шықәса зхыҵуаз арԥыс Русҭем Нанба. Иахьа иара 41 шықәса дырҭагылоуп, аха хаҵа нагак иеиԥш ихы ааирԥшуеит, дҟәышуп, еиҳаби еиҵби иажәа иазыӡырҩуеит.

© Foto / Саида ЖибаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Ақбалық аиҳабы Русҭем Нанба
Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп: Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Ақбалық аиҳабы Русҭем Нанба

Русҭем иҳәеит ақыҭаҟны аԥсуа Дернеқь (акультуратә центр) шрымамыз. Убри азҵаара акыр ргәы иҵхон. Избанзар ауаа ирҭахын еизарҭа ҭыԥк рымазар.

"Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра аиҳабыра азин рымхны ҩышықәсеи бжаки раԥхьа ҳқыҭаҟны Адернеқь ааҳартит. Аргылара иазалхыз адгьыл аҿы шьаҭанкыла ахыбра ҿыц ргылан. Аҳәынҭқарра рыцхыраара анаҩс ақыҭауаагьы рхы иамеигӡеит, доусы излаилшоз ала дҳавагылан", - иҳәоит ақыҭа ахада.

Адернеқь аҿы аԥсуа бызшәа ддырҵоит, иаартуп аспорттә секциақәа, амузыкатәи акәашаратәи кружокқәа. Ашҭаҿы амҵәышәыпмылтә дәы ыҟоуп. Есышықәса араҟа аԥсуа қыҭақәа рыбжьара аспорттә еицлабрақәа мҩаԥысуеит. Иазгәарҭоит амҳаџьыраа ргәалашәара амш, убас ныҳәак еиԥш инеиҵыхны иаԥылоит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира амш Цәыббра 30, Аԥсуа бираҟ амш уҳәа. Еиҿыркаауеит еиуеиԥшым ҳмилаҭ ацәа зхоу афестивальқәа. Ҭырқәтәыла еицырдыруа адыга шәаҳәаҩы Гьиулџьиан Алҭан Аԥсны иазку лашәазы абраҟа аклипгьы ҭырххьеит.

© Foto / Саида ЖибаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Ақбалық имҩаԥыргоит еиуеиԥшым агәаларшәаратә мшқәеи аспорттә еицлабрақәеи.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Ақбалық имҩаԥыргоит еиуеиԥшым агәаларшәаратә мшқәеи аспорттә еицлабрақәеи. - Sputnik Аҧсны
1/2
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Ақбалық имҩаԥыргоит еиуеиԥшым агәаларшәаратә мшқәеи аспорттә еицлабрақәеи.

2/2

Адернеқь ахыбраҟны акрыфарҭа еиҿкаауп. Апандемиа аԥхьаҟа лассы-лассы аҭыԥантәи аҳәса аԥсуа чыс ҟаҵаны рқыҭауаа рзы аишәақәа дырхион. Убасгьы, раалыҵқәа рҭииртә еиԥш алшара рыман.

© Foto / Саида ЖибаАқбалық ақыҭан иҟоу Аԥсуа культуратә ҩны ахыбраҿы иаарту акрыфарҭаҿы ажәлар еибабоит, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбоит.
Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп: Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Ақбалық ақыҭан иҟоу Аԥсуа культуратә ҩны ахыбраҿы иаарту акрыфарҭаҿы ажәлар еибабоит, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбоит.

"Ақыҭауаа ирзеиԥшу ҩнуп, ихәышҭаароуп ари Адернеқь. Доусы иусқәа данрылгалак, арахь дааиуеит. Игәылацәа, иҩызцәа, иҭынхацәа ибоит. Ажәабжьқәа еибырҳәоит. Арҭ аиқәшәарақәа аԥсуа культуреи аҭоурыхи рӡыргареи реиқәырхареи рзы хәарҭара руеит. Аиҳабацәа аҿар ирылабжьоит, аҵаси, ақьабзи, алеишәеи ртәы рарҳәоит.

© Foto / Саида ЖибаАиҳабацәа аԥсуара аҵас, ақьабз, алеишәа атәы аҿар ирзеиҭарҳәоит.
Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп: Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Аиҳабацәа аԥсуара аҵас, ақьабз, алеишәа атәы аҿар ирзеиҭарҳәоит.

"Ақыҭаҟны аҭаацәара иаламлац арԥарцәа рацәаҩны иҳамоуп. Уаанӡа маҷк ҳацәыԥхашьон, аха уажәы иаартны ираҳҳәо ҳалагеит раԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара иазхәыцырц. Ҳара атәым милаҭ ҳрылаԥсоуп, ҳмаҷхар, адунеи ҳаныӡӡаауеит. Убри аҟнытә иаҳҭахуп иирц аԥсуа ҭаацәара ҿыцқәа", - иажәа иациҵоит ақыҭа ахада Русҭем Нанба.

© Foto / Саида ЖибаАдернеқь аҟны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым ахәылԥазқәа.
Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп: Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Адернеқь аҟны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым ахәылԥазқәа.

Иазгәоумҭарц залшом Ақбалық ақыҭа даҽакы иалазмырҩашьо атрадициа шамоу. 1956 шықәса раахыс араҟа аҽырыҩрақәа мҩаԥыргоит. Уигьы ныҳәа дук иашьашәаланы еиҿыркаауеит, егьырҭ аԥсуа қыҭақәа рҟынтә ажәлар аднаԥхьалоит.

© Foto / Саида ЖибаАқбалық иазгәарҭоит Аԥсны Аиааира амш, Аԥсуа бираҟ амш уҳәа аԥсуа ныҳәақәа егьырҭгьы.
Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп: Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Ақбалық иазгәарҭоит Аԥсны Аиааира амш, Аԥсуа бираҟ амш уҳәа аԥсуа ныҳәақәа егьырҭгьы.

Ақбалық ақыҭаҟны инхо аԥсуа жәлақәа иреиуоуп Нанба, Ачба, Аиқәысба, Ԥалба, Папба, Сымсым, Агрба, Ԥлиа, Ҟаитан, Иашба, Кобахьиа, Цәышба, Аиныҟәба, Ачԥхәа, Агәуа уҳәа.

Ақыҭаауаа, иаҳҳәозар аҿар, аусқәа руеит ааигәа иҟоу абатәи аӡымҩангагатәи цәаҳәақәа ахьыҟарҵо афабрикақәа рҿы. Ирацәаҩуп Европа атәылақәа рахь усура ицаз. Абыргцәа ракәзар, ақыҭанхамҩа рнапы алакуп, ирааӡоит арахә, иаадрыхуеит ауҭраҭых.

"Ҭагалан ҭаацәацыԥхьаӡа еицхыраауеит. Аџьықәреи анҭаргало, уахык аӡәы итәы аԥарч ылхны аца иҭарыԥсоит, егьи ауха - ҽаӡәы итәы. Ақыҭа ахада иаҳасабала, иара ԥсыуак иаҳасабалагьы, даара агәахәара снаҭоит сыуаажәлар рыгәқәа ахьеизыбло", - инаҵишьит Русҭем Нанба.

Русҭем иаб Џьенгьиз иакәзар, ақыҭаҿы ҳаҭыр зқәу абырг ҳәа дыԥхьаӡоуп. Иара иабжьгарақәа роуп изыбзоуроу иԥа ижәлар еибаркны иахьимоу.

© Foto / Саида ЖибаАқбалық инхо аԥсуа быргцәа рыгәҭа дгылоуп Нанба Џьенгьиз, Русҭем иаб.
Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп: Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Ақбалық инхо аԥсуа быргцәа рыгәҭа дгылоуп Нанба Џьенгьиз, Русҭем иаб.

Ақбалық иҟоу аԥсуа Дернеқь ахыбраҟны ақыҭа ахадагьы икабинеҭ азалхуп. Ари аҭыԥ ажәлар иреибабарҭоуп, убас ргәы иҵхо азҵаарақәагьы ахьырзырыӡбо ҭыԥуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0