Аԥсныҟа абылтәы аагара Аминистрцәа реилазаараҿы иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТопливный пистолет
Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Анапаҵаҩра
Аилацәажәара аҟны атема хаданы иҟан абылтәы знапы алаку аилахәырақәа русура аахәаратә хәыԥсақәа рызҳара ашьаҭахь.

АҞӘА, рашәара 10– Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәеи, атәылахь абылтәы аазго аилахәырақәа рхаҭарнакцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ишырҳәо ала ашықәс иалагазар аахәаԥсақәа рызҳара иалагеит, абылтәы арахь аагареи аидарақәа рҳазалхратә еиҿкаареи азыԥхьагәоуҭозар, ишьақәгылоу акакалатәии аизактәии хәыԥсақәа атауар ахатәхәыԥса еиҵахоит.

Заур Шалашаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа абылтәы ахә ашьҭыхра азҵаара иазкны

Аԥхынразы абылтәы ахархәара 25-30 % ишазҳауа азгәаҭани ари аҭагылазаашьа азгәаҭани аилахәырақәа рфинанстә лшара ладырҟәуеит, ианаамҭо абылтәы аахәареи аагареи рзы.

Абри инадҳәаланы ари аусхкы ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵеит "Анефҭаалыҵқәа рыхәԥса ашьақәыргыларазы" Ақәҵара аԥсахрақәа алагалазарц, ахәԥсақәа ирыцҵазарц.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аҭагылазаашьа ахҳәаа алҭеит.

"Аиҳарак абылтәы ахьааго Урыстәылантә ауп. Аԥснытәи аимпорт уатәи ахәԥсақәа ирхьыԥшуп. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс  иаалырҟьаны анефҭаалыҵқәа рыхәԥса шьҭыҵит. Бжьаратәла 10%. Аҭыԥантәи ахәԥсақәа шьақәзыргылаша ахатә џьармыкьа ҳара иҳамам", - лҳәеит лара.

Озган илҳәеит ахәԥсақәа реизҳара анырра шарҭо: асезонтә ҭахра, ашәахтә еидара аизҳара адинамика, аҭыжьратә зауадқәа рремонтқәа, анефҭтә еилахәырақәа имҩаԥырго анефҭаалыҵқәа рҭыжьра адинамика.

Аԥсны анефҭаалыҵқәа рџьармыкьа аҳәынҭқарроуп иҳәаақәызҵо, убри аан иара аимпортиортә тәылақәа ишьақәдыргыло ахәԥсақәа ирхьыԥшуп.

"Ахәԥса аҽеиҭакра адинамика ҳахәаԥшуазар ашықәс иалагазар, АИ-92 28% ахә иацлеит,  АИ-95 – 26%,а дизельтә былтәы – 30%. Уажәы Урыстәыла ахәқәа абас ишьақәгылоуп: АИ-92 -46,06 мааҭ, уи Аԥсны ишырҭиуа аасҭа 5,06 мааҭ рыла еиҳауп, АИ-95-50,1 мааҭ, уи 7,1 мааҭк рыла еиҳауп, адизельтә былтәы - 48,02 мааҭ, уи 7,02 мааҭ рыла еиҳауп", - лҳәоит Озган.

Александр Анқәаб аминистрцәа анапынҵа риҭеит аҭагылазаашьа иныҭкааны анализ азыруырц.

"Абылтәы ахәԥса егьырҭ амаҵзурақәеи атауарқәеи рыхәԥса аиҿкаара анырра шарҭо азгәаҭаны иҵаҵӷәырку аӡбра ҳадаҳкылароуп, убри аан абылтәы адифицит аҟалара алмыршакәа. Абри инадҳәаланы аҳәара ҟасҵоит ҭакԥхықәрала ахәқәа рыԥсахра шәазнеирц", - иҳәеит Анқәаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0