Пицунда аԥсшьаҩцәа ҩыџьа зхәыз ахаҵа иганахьала ашьаус хацыркуп

CC0 / / Архивное фото уголовного дела
Архивное фото уголовного дела - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҿы зыԥсы зшьоз ҩыџьа атуристцәа ахәрақәа роуит рашәара 15 рзы. Дара дрылахысит Аԥсны атәылауаҩ, уажәазы ацәгьоура ҟазҵаз даанкылоуп.

АҞӘА, рашәара 15– Sputnik. Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҿы зыԥсы зшьоз атуристцәа зхәыз Дмитри Ԥлиа иганахьала Аԥсны ААР Гагра араион иатәу аусеилыргаратә ҟәша ашьаус хацныркит.

Ашьаус хацыркуп 105, 217, 207 Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рзы: "Иҭҟьо абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи", "Ҩыџьа ауааԥсыра рганахьала идырны ауаҩы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло, зеиԥшшәарҭарала имҩаԥгоу агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи", "Амбжьахраны ахымҩаԥгареи, ауаажәларра рзинқәа реилагареи, ҳаҭырда рызныҟәареи".

Уажәтәи аамҭазы Ԥлиа иҭакразы аӡбамҭа рыдкыларазы аӡбра иазыԥшуп.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аԥсны ААР Пицунда иҟалаз ахҭыс ашьҭахь ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа арӷәӷәоит

Ацәгьоура ҟалеит апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы. 

Иҟоу адыррақәа рыла Урыстәыла атәылауааи Ԥлиеи ажәақәа анеимарк ашьҭахь, иара аԥсшьаҩцәа жәынтә дреихсит, ҳәа аҩуеит Апрокуратура хада. Ахәрақәа зауыз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит. Ахәра зауз руаӡәк иҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа иҳәахьан иҩыза.

Аслан Бжьаниа Пицунда иҟалаз ахҭыс ахҳәаа аиҭеит, иҳәеит Атәыла асасцәа рганахьала иаарԥшу ацәгьоурақәа, урҭ Аԥсуа ҳәынҭқарра ҵызшәаауа цәгьоуроуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0