"Ауадаҩрақәа ҳхаҳгазаргьы иахьатәи аҭагылазаашьа маншәалоуп, ачымазара еихсыӷьт, ҳауаажәларгьы русқәа ирылагеит, ҳхеидкылақәа хәыҷы-хәыҷла ауаажәлар адеизало иалагеит", - иҳәеит Аҟәысба.
Урыстәылантәи аԥсшьаҩцәа Ҭырқәтәылаҟа рнеира, аҳаиртә еимадара ахацыркра гәахәа дула ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла ҳәа азгәеиҭеит Аҭанур Аҟәысба.
"Акыр шықәса раахыижьҭеи Ҭырқәтәыла аурыс ԥсшьаҩцәа ирызку асистема еиҿкааны иҟоуп, урҭ рыԥсшьара иадҳәалоу аҽазыҟаҵарақәа есышықәса имҩаԥыргоит. Сынтәа мызкы аҟара уи иавсит. Даара игәырӷьараны ирыдыркылеит (аҳаиртә еимадара аиҭахацыркра- аред.), избанзар рсистема аус ауа иалагеит", - иҳәеит Аҟәысба.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит атәылаҟны шаҟаҩы алаҵа ҟарҵахьоу, Ҭырқәтәыла иарбан хкқәоу ахархәара змоу.
Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: