Забацәа рус хацзыркыз: кәтолтәи ачаирҭа аԥсҭазаара ҿыц

Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны аҭыхратә гәыԥ аҭааит Кәтол ақыҭа, араҟа инхо арԥыс қәыԥш ихациркит уаанӡа иабацәа рнапы злакыз ачаи аарыхра.

Кәтол ақыҭан ииз Лаша Блабба игәыгәҭажьны иҟаз ҩ-гектарак ачаиҭра рыцқьаны сынтәа аусуцәа адиԥхьалеит. Асовет аамҭақәа рзын аԥсуа чаи ахԥша аныҳаракыз, Лаша иаби иабдуи ачаи аарыхра рнапы алакын. Аус руан Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы.

Лаша иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟа ҳҳәынҭқарра ачаи аха амаӡамызт. Ачаирҭақәа еиуыжьын, афабрика аҟны амыругақәа зынӡа иажәхьан. Аха арԥыс қәыԥш ииӡбоит иҭаацәа рнапы злакыз аус ахацыркра. Сынтәа ҩ-гектарк ачаирҭа аус адиулеит, амӷра зхаԥахахьаз 60 цәаҳәа ачаи  ирыцқьеит. Аусуцәа адыԥхьалан ачаи ахыхра иалагеит. Абарҭ аусурақәа зегьы Лаша ихатәы харџьқәа рыла инаигӡеит, уи 80 нызқь мааҭ рҟынӡа изтәеит.

Аиҳарак ачаи хызхуа аҭыԥанҭәи ауааԥсыра роуп, аха зны-зынла иҟалалоит егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи ианааҳгогьы, избанзар зегьы ирҭахӡам ари аҩыза аџьабаа. Аусуцәа ачаи ахыхра иалагоит ашьыжь асааҭ фба инаркны ахәылбаҽха асааҭ фба рҟынӡа, аԥсшьара рымоуп ҩ-сааҭк.

Ачаи ахкы зеиԥшроу иахәаԥшны кьылак азын 100-150 мааҭ ршәоит. Ҽнак ала аӡәы 20-25 кьыла иҟәшәар илшоит.

Лаша аԥхьаҟа игәы иҭоуп ачаирҭа ацҵара 10 гектарк рҟынӡа, ачаи зырԥшшо амаруга аахәаны ихатәы чаи ацәыргара. Уи анагӡараз  иаҭаху аԥара азын  аҳәынҭқарраҟынтәи ацхыраара иҭаххоит.

 

 

© Sputnik / Акоп Кущян Кәтолтәи арԥыс қәыԥш Лаша Блабба иабацәа рус хациркит.
Кәтолтәи арԥыс қәыԥш Лаша Блабба иабацәа рус хациркит.  - Sputnik Аҧсны
1/10
Кәтолтәи арԥыс қәыԥш Лаша Блабба иабацәа рус хациркит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИгәыгәҭажьны иҟаз ҩ-гектарак ачаиҭра рыцқьаны сынтәа аусуцәа адиԥхьалеит.
Игәыгәҭажьны иҟаз ҩ-гектарак ачаиҭра рыцқьаны сынтәа аусуцәа адиԥхьалеит. - Sputnik Аҧсны
2/10
Игәыгәҭажьны иҟаз ҩ-гектарак ачаиҭра рыцқьаны сынтәа аусуцәа адиԥхьалеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчаирҭақәа рыҟны аус зуа аҭыԥанҭәи ауааԥсыра роуп. Ачаи ахкы зеиԥшроу иахәаԥшны кьылак азын 100-150 мааҭ ршәоит.
Ачаирҭақәа рыҟны аус зуа аҭыԥанҭәи ауааԥсыра роуп. Ачаи ахкы зеиԥшроу иахәаԥшны кьылак азын 100-150 мааҭ ршәоит. - Sputnik Аҧсны
3/10
Ачаирҭақәа рыҟны аус зуа аҭыԥанҭәи ауааԥсыра роуп. Ачаи ахкы зеиԥшроу иахәаԥшны кьылак азын 100-150 мааҭ ршәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчаихыхра аџьабаа ацуп, аха ҽнакала аӡәы 2-нызқь инеиҳаны аԥара ирҳар илшоит.
Ачаихыхра аџьабаа ацуп, аха ҽнакала аӡәы 2-нызқь инеиҳаны аԥара ирҳар илшоит. - Sputnik Аҧсны
4/10
Ачаихыхра аџьабаа ацуп, аха ҽнакала аӡәы 2-нызқь инеиҳаны аԥара ирҳар илшоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ачаирҭақәа рҿы х-хкык ачаи рызҳауеит, зегь раасҭа зчаибӷьы ссоу иреиҳау ахкы ҳәа иԥхьаӡоуп.
 Ачаирҭақәа рҿы х-хкык ачаи рызҳауеит, зегь раасҭа зчаибӷьы ссоу иреиҳау ахкы ҳәа иԥхьаӡоуп. - Sputnik Аҧсны
5/10
Ачаирҭақәа рҿы х-хкык ачаи рызҳауеит, зегь раасҭа зчаибӷьы ссоу иреиҳау ахкы ҳәа иԥхьаӡоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАусуцәа ачаи ахыхра иалагоит ашьыжь асааҭ фба инаркны ахәылбаҽха асааҭ фба рҟынӡа, аԥсшьара рымоуп ҩ-сааҭк.
Аусуцәа ачаи ахыхра иалагоит ашьыжь асааҭ фба инаркны ахәылбаҽха асааҭ фба рҟынӡа, аԥсшьара рымоуп ҩ-сааҭк. - Sputnik Аҧсны
6/10
Аусуцәа ачаи ахыхра иалагоит ашьыжь асааҭ фба инаркны ахәылбаҽха асааҭ фба рҟынӡа, аԥсшьара рымоуп ҩ-сааҭк.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшоурақәа шыҟоугьы аусуцәа рхы иахамшшаӡакәан аус руеит. Иарак ауп аагарҭас ирымоу.
Ашоурақәа шыҟоугьы аусуцәа рхы иахамшшаӡакәан аус руеит. Иарак ауп аагарҭас ирымоу. - Sputnik Аҧсны
7/10
Ашоурақәа шыҟоугьы аусуцәа рхы иахамшшаӡакәан аус руеит. Иарак ауп аагарҭас ирымоу.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчаихыхыҩцәа рыԥшаара уадаҩуп аџьабаа ахьацу азын. Ирацәаҩуп аԥара арҳаразы ақалақьқәа рахь ицаз, убри аҟнытә егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи аусуцәа адырԥхьалоит.
Ачаихыхыҩцәа рыԥшаара уадаҩуп аџьабаа ахьацу азын. Ирацәаҩуп аԥара арҳаразы ақалақьқәа рахь ицаз, убри аҟнытә егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи аусуцәа адырԥхьалоит. - Sputnik Аҧсны
8/10
Ачаихыхыҩцәа рыԥшаара уадаҩуп аџьабаа ахьацу азын. Ирацәаҩуп аԥара арҳаразы ақалақьқәа рахь ицаз, убри аҟнытә егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи аусуцәа адырԥхьалоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИхырхуа ачаи ишаӡоу абжьахәаахәҭыҩцәа ирырҭоит. Урҭ аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу аҭыԥқәа рыҟны ирҭиуеит.
Ихырхуа ачаи ишаӡоу абжьахәаахәҭыҩцәа ирырҭоит. Урҭ аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу аҭыԥқәа рыҟны ирҭиуеит. - Sputnik Аҧсны
9/10
Ихырхуа ачаи ишаӡоу абжьахәаахәҭыҩцәа ирырҭоит. Урҭ аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу аҭыԥқәа рыҟны ирҭиуеит.
© Sputnik / Акоп Кущян Лаша аԥхьаҟа игәы иҭоуп ачаирҭа ацҵара 10 гектарк рҟынӡа, ачаи зырԥшшо амаруга аахәаны ихатәы чаи ацәыргара. Уи анагӡараз иаҭаху аԥара азын, аҳәынҭқарраҟынтәи ацхыраара иҭаххоит.
Лаша аԥхьаҟа игәы иҭоуп ачаирҭа ацҵара 10 гектарк рҟынӡа, ачаи зырԥшшо амаруга аахәаны ихатәы чаи ацәыргара. Уи анагӡараз  иаҭаху аԥара азын аҳәынҭқарраҟынтәи ацхыраара иҭаххоит.

 - Sputnik Аҧсны
10/10
Лаша аԥхьаҟа игәы иҭоуп ачаирҭа ацҵара 10 гектарк рҟынӡа, ачаи зырԥшшо амаруга аахәаны ихатәы чаи ацәыргара. Уи анагӡараз иаҭаху аԥара азын, аҳәынҭқарраҟынтәи ацхыраара иҭаххоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0