Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Agile Spirit аҽазыҟаҵарақәа рзы ахҳәаа ҟанаҵеит

© SputnikМИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Анапаҵаҩра
Есышықәса НАТО имҩаԥнаго арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021 Қырҭтәыла иалагеит сынтәа ԥхынгәы 26 азы. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 2,5 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа алианс иалахәу 15 тәыла рҟынтәи.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Аҟәа агәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи аҩызцәеи еицымҩаԥырго рырратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021, абас аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

МИД Абхазии. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2020
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла-НАТО аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рырҭеит

Аахыҵ Кавкази Амшын еиқәеи рҟны НАТО аҟазаареи, Қырҭтәыла арратә лшара аизырҳареи иарбанызаалак арратә ҭахызаарак иақәшәом, аилкаара аҳәаақәагь ирҭысуеит, ҳәа азгәарҭуеит аминистрраҿы.

Арҭ аҽазыҟаҵарақәа арегион аҿы аибарххара иацрымҵозар акала ихәарҭам, рҳәоит ААР.

"Қырҭтәыла ЕААи НАТОи рахь иаанырԥшуа аизыҟазаашьа бзиала зегьы еилызырбго амҩа иануп, убри алагьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала амч ахамырхәаразгьы ҭакԥхықәрак иаҵагылар рҭахым", - ҳәа азгәаҭоуп аминистрра ахҳәааҿы.

Аԥсны Қырҭтәылеи НАТОи рырратә ҽазыҟаҵарақәа ирышьклаԥшуеит, Қырҭтәылеи аҩызцәеи рганахь ала иарбанызаалак аичырчарак ҟалар аҭакҟаҵара иазыхиоуп рҳәоит аусбарҭаҿы. Аԥсны ААР аҟны иазгәарҭеит 2008 шықәсазы Қарҭ мраҭашәаратәи арратә алианс алахәхара аҭахны Аахыҵ Уаԥстәыла аганахь ала аибашьра ианалага иҟалаз рхадмыршҭырц.

"Уи аус иахҟьаз ахаршҭра иаԥсам", - рҳәеит Аԥсны ААР аҿы.

Agile Spirit ("Проворный дух") Қырҭтәыла имҩаԥыргоит 2011 шықәса раахыс, сынтәа жәантәуп. 2018 шықәса раахыс ҩышықәса рахь знык имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0