"Раки-ӡаки, раки-ӡаки": Нацәкьыс амхурсҭақәа данрылоу аамҭа

Анапаҵаҩра
Аԥсуаа иахьагьы ражәа иалаҵаны, аџьықәреи аныҟамлалакь, "Нацәкьыс дҭагьежьма" рҳәоит. Аарыхрақәа рынцәахәы Џаџа илызкны имҩаԥырго аҵасқәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

"Нацәкьыс дҭагьежьма"

Аарыхрақәа рынцәахәы Џаџа даҽакала Нацәкьыс ҳәагьы лзырҳәоит. Џаџа илызкны аныҳәара алаҵарақәа ианрылаго, ааԥын алагамҭази аҭагалара ианалго, ҭагалан анҵәамҭази ауп ианымҩаԥырго. Аха абарҭ аамҭақәа рыбжьаразы Нацәкьыс амхурсҭақәа рҿы дцәырҵуеит, анхацәа иларҵаз аарыхрақәеи ауҭраҭыхқәеи реизҳашьа гәалҭоит, избанзар мхыи уҭреи рааӡара иахылаԥшу лара лоуп.
аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2020
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара
Нацәкьыс, мамзаргьы Џаџа дызбахьоу даараӡа имаҷуп, шамахамзар уаҩы илаԥш дыҵашәом. Аха амифологиатә ҳәамҭақәа рҟны уи лсахьа ҭырхуеит абас еиԥш: "Аҵиаақәа реиҳа иҿианы, иӷьацаӡа иҟоу аиԥш, аԥстәқәа реиҳа иӷьацаны иџаџоугьы Џаџа лоуп" ҳәа. Уи лыԥшрала дҵаӷацәам, дагьҭәцәам, лкалҭ аҵыхәа лмаҟа иавҵаҵаны, уҭреи шәырҭреи дгьагьо дрылоуп.
Аԥсуаа иахьагьы ражәа иалаҵаны, аџьықәреи аныҟамлалакь, "Нацәкьыс дҭагьежьма" рҳәоит. Нацәкьыс, ишлыҟазшьоу ала, уи дызлоу аурақәа рааӡашьа лгәамԥхазар, уи аԥшәма лахь илҭоит, иурақәа лшәиуеит, зурақәа лгәаԥхаз иакәзар, диеигәырӷьоит, дылныҳәоит.

Ажәақәа рмагиа

Аџьықәреи зшәиуа, мамзаргьы изныҳәо анцәахәԥҳәыс амагиа злоу ажәақәа лхы иалырхәоит. Урҭ рыбжьара иуԥылоит зҵакы узеилымкаауа ажәақәа реиԥш, зеилыргара мариоугьы. Ишырҳәо ала, ауаа амхқәа аныларҵо, Нацәкьыс маӡала дааины, "Мацәкьыс, Мацәкьыс, лапҟьа мацәкьыс!" лҳәоит – усҟан аџьықәреи алапҟьақәа хәыҷӡаны иҟалоит. "Раки-ӡаки, раки-ӡаки" ҳәа лҳәар, аџьықәреи алапҟьақәа духоит.
ацәаӷәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Аԥсны
Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара
"Мацәкьыс" излеилаҳкаауа ала иаанаго "анацәкьыс", "нацәкьыск еиҳаны узымҳааит" ҳәа ауп. "Раки-ӡаки" – уи ауаҩы имашьхәылҵи анацәкьыси ирыбжьоу аура иазырҳәоит. Анкьа, алаҵараан ажәла анырҟьоз "раки-ӡаки, раки-ӡаки ҳаҭ!" ҳәа рҳәон, иларҵоз бзиахарц, алапҟьақәа дуны иазҳарц азы. Аҽаҩра анҭырго аӡә дақәшәар, "Ԥшӡала, раки-ӡаки рынцәахәԥҳәыс иуаналшьаз узыҳалалхааит!" иҳәон.
Нацәкьыс амхурсҭақәа рыдагьы ашәырҭрақәа, абаҳчақәа дрыҵоуп. Нап згыу абаҳча лбар, "ҵла хәаԥса, шәыр ччиа, шәыр хәаԥса, ҵла ччиа!" ҳәа лҳәозаап. Убас ала збаҳча иахыламԥшыз дымшаҭакәа, лахь илҭоит ҳәа аҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рҟынтәи ианиҵаз аҳәамҭақәа руак аҿы.
Аԥсуаа жәытәнатәаахыс ажәақәа рмагиатә ҵакы акыр иацклаԥшуеит. Аҩны иҟа, адәны иҟа, амхы иҭоума, даҽа уск рнапы алакума, иныҳәаныԥхьаны русқәа напы адыркуеит. Убри аангьы бзиак ианазхәыцуа "аҩысҭаа илымҳа џьгәоуп" ҳәа нацырҵоит, ԥырхагак рызҭаша ак ҟамларцаз. Арҭ азгәаҭарақәа аҽыԥсахрақәа рылазаргьы иахьагьы ахархәара рыманы иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Нарҭыхә – аԥсуаа рҿы ихадароу ауҭраҭых аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Ӡиуауа – акьанџьа аӡы аҭара, мамзаргьы ақәа аруразы аныҳәа
 
Ажәабжьқәа зегьы
0