Асатира иазҟазаз адраматург: Шоҭа Ҷкадуа игәалашәара иазкны
13:30 20.08.2021 (ирҿыцуп: 15:31 20.08.2021)
© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаШота Чкадуа
© Foto / предоставлено семьей Шоты Чкадуа
Анапаҵаҩра
Иахьа нанҳәа 20 рзы иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 89 шықәса ихыҵуазаарын аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, асатирик Шоҭа Еугьан-иԥа Ҷкадуа. Арҿиаҩы имшира аҳаҭыр азы уи изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет Анатоли Лагәлаа.
"Аԥхьаҩ игәаанагара еиҳау ашәҟәыҩҩы изы хәшьара ыҟаӡам. Арецензент - уи аӡәы иоуп, дзыԥхьаз игьама иаҵанамкызар ауеит, агха ихьыр ауеит… Аԥхьаҩцәа, урҭ гха рыхьӡом! Урҭ жәларуп! Аԥхьаҩ иҿы имааз ажәла - уи агәы ҭамызт, алаҵара иаԥсамызт!.."
Шоҭа Ҷкадуа
Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа шамахак зегьы реиԥш, Шоҭа Ҷкадуагьы ирҿиамҭақәа апоезиа ала далагеит. Уи иажәеинраалақәа аҭыԥан иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи ирнылон, аԥхьаҩцәа ихьыӡгьы ааицгәарҭахьан, аха дук хара имгакәа, ашәҟәыҩҩы апоезиа даԥырҵит, диасит апрозеи адраматургиеи рахь.
Сара ибзиаӡан исгәалашәоит Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭақәа ирылхны ҳактиорцәа бзиақәа Сергеи Сақаниеи, Амиран Ҭаниеи, Виачеслав Аблоҭиеи, Чынчор Џьениеи, Мажара Зыхәбеи, Софа Агәмааԥҳаи "Чарирама" рыманы Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи зегьы ианрылаз, ианддырбоз. Усҟан иҟан зны-зынла авторгьы ақыҭақәа рахь актиорцәа данрыцнеилоз, иҩымҭақәа ирылхыз аспектакльқәа ажәлар ишрыдыркылоз абаразы. Ииашаҵәҟьан, урҭ даара ибзиан ирыдыркылон хәыҷгьы-дугьы, урҭ ркьатеиах ԥҵәо иахьдырччоз рнаҩсангьы, идырхәыцуан, иац иҟази, иахьа иҟоуи, уаҵәы иҟалараны иҟази ирхьдырԥшуан, иреилдыркаауан. Насгьы, усҟан ҳажәлар ирыцәтәымыз аҟазшьақәа рылырцон, рцәымӷра ддыркуан…
Сара ахаангьы исхашҭӡом "Чарирама" ҳқыҭахь Ҷлоуҟа иааӡом, ҷлоуаагьы ҭхьынаагьы ирзеиԥшны Ҭхьына иддырбоит анырҳәа, Аимара аҳаблаҟынтәи гәыԥҩык аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи ҳҽааидаҳкылан, аспектакль ахәаԥшра ҳәа Ҭхьынаҟа шьапыла ҳдәықәлеит ахәылԥаз. Ҩ-сааҭк шьапыла ҳныҟәон, аха ҳҽагмырхакәа ҳнеит аспектакль аналагамҭаз. Шәара шәазхәыц, уахьгьы арахьгьы ԥшь-сааҭк шьапыла ҳныҟәеит, ҳаимаақәа хар ҳәа ҳшәаны, ҳшьапқәа хырҟьаҟьаны, аха изакәызаалак аӡәгьы дымгәамҵӡеит, уимоу, адунеиаҿ зегь раҵкыс насыԥ змаз ҳара ҳакәушәа ҳхы ҳаԥхьаӡон!..
© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааШоҭа Ҷкадуа - армарахь игылоу
Шоҭа Ҷкадуа - армарахь игылоу
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Ашәҟәыҩҩы 1982 шықәса рзы иҭыҵыз ишәҟәы "Иалкаау" иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ипиесақәеи зну аԥхьажәаҿы академик Шоҭа Салаҟаиа иҩуеит: "Ҳазну аамҭазтәи аԥсуа драматургиеи апрозеи рҭагылазаашьа ииашаны, ихарҭәааны ауаҩы ихаҿы изаагом Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭақәа рыда. Иахьатәи ҳаԥсуа литература исахьаркны иаҿҳарԥшуазар, аамҭа кьаҿла изызҳаз, иӷьацаз аҵла ҭәӷәырԥс ду иаҩызоуп, уи аҿы еиҳа иубарҭоу, еиҳа излоу амахәҭа шәпақәа ируакхоит Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭақәа.
Аԥхьаҩи Шоҭа Ҷкадуеи рыбжьара ацҳаражәҳәаҩ даҭахӡам, ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа дара рхала рҿахәы рҳәахьеит, даара ибзиангьы ирҳәахьеит. Абар шьҭа акыршықәса ҵуеит апериодикатә кьыԥхь адаҟьақәа рҟынтә, жәохә инареиҳаны хаз шәҟәны иҭыҵхьоу иҩымҭақәа реизгақәа рҟынтә, атеатртә сценаҿынтә, аестрада, ателеекран, арадио рҟынтә, ихааӡа, ицқьаӡа, иҿацаӡа аԥхьаҩи ахәаԥшҩи рлымҳа иҭаҩуеижьҭеи еихсыӷьреи еицакреи зқәым, аҽаӡәы ибжьы иаламҩашьо, абаҩхатәра иашаҵәҟьа зыцшоу, ҳапрозаик, ҳадраматург ибжьы.
© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаБаграт Шьынқәбеи Шоҭа Ҷкадуеи
Баграт Шьынқәбеи Шоҭа Ҷкадуеи
© Foto / предоставлено семьей Шоты Чкадуа
Шоҭа Ҷкадуа ҳаԥсуа жәлар даара бзиа еицырбоз шәҟәыҩҩын, уи ипиесақәа гәахәарыла иахьрыԥхьоз анаҩсгьы, асценатә ԥсҭазаара бзиа рыман, анапеинҟьарақәа рацәаӡаны ирыцын, ирыҵан агәбылра, алаф хаа, ашҳам зҵам аиумор лаша… Абар, асатиразы ашәҟәыҩҩы иара ихаҭа ишиҩуа:
"Абахҭаҵәҟьа иацәымшәо - ахыччара дацәшәоит! Ашыла алыхәҭа шаҭаху, ахш храӡагада ишхәарҭам, амашәыр зхылҵша амца ӡыда ԥсыхәа шамам, аарҩара қәада хәшәы шазыҟам, аԥҳәыс гаӡа-ԥшӡа ахаҵа ҟәыш дшылҭаху, ацгәы аҳәынаԥ ишашьҭоу еиԥш, Аԥсҭазаара иаҭахуп Асатира! Асатира змам амилаҭ - ирыцҳау милаҭуп, зыгхақәа ҿаартыла рыхцәажәара иацәшәо, рыриашара злымшо милаҭуп… Иҟан аамҭақәак, сатиратә ҩымҭак ааумҟәыҵҟьар: "Ҳиааирақәа мбаӡакәан, иара…" ҳәа, ажәа ҭлапҟала, биурократтә бжьыла, хыхҩагас ахәда ааԥырҟон… Иахьатәи асатирик инапы аартуп, аус злоу - иҩымҭа ацҳашьа, заҟа икылкааны ацәгьа-мыцәгьақәа ирықәшәо, аԥхьаҩ иахьихьуа иахәышәтәуа ауп."
Шоҭа Ҷкадуеи ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуеи еиқәлацәан, абиԥарак иатәын, даарагьы пату еиқәырҵон. Алықьса Гогәуа раԥхьаӡатәи ишәҟәы "Аӡиас ццакуеит амшын ахь" иара Шоҭа иоуп иԥхаҵәы-ԥхаҵәуа аԥхьажәа зҩыз, ашәҟәыҩҩы ҿа дызқәылаз амҩа ҿыц дақәныҳәеит, аԥхьаҩцәа агәра диргеит даара абаҩхатәра бзиаӡа змоу ашәҟәыҩҩы ҳлитература дшааҵагылаз. Уи иаҳәо рацәоуп, уи иаҳәоит ҳлитература аизҳара, алахьынҵа ашәҟәыҩҩы уахгьы-ҽынгьы игәы ишыҵхоз, иҩыза ииааира иаргьы ишииааираз!
© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааАрмарахь - Шоҭа Ҷкадуа, агәҭаны - Алықьса Гогәуа
Армарахь - Шоҭа Ҷкадуа, агәҭаны - Алықьса Гогәуа
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Шоҭа Ҷкадуа дцәырҵит 1958 шықәсазы икомедиа "Ҳауа идагәада?" ала. Уи усҟан изызкыз атема актуалреи, уа иаԥҵоу ахаҿсахьақәа ртипреи, аперсонажцәа рбызшәа лыԥшаахи ирыбзоураны ари акомедиа еихьӡара духеит ҳаԥсуа драматургиазы, еицырдыруа иҟалеит Аԥсны анҭыҵгьы.
© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаАгәҭаны игылоу - Шоҭа Ҷкадуа
Агәҭаны игылоу - Шоҭа Ҷкадуа
© Foto / предоставлено семьей Шоты Чкадуа
Уи ашьҭахь иқәдыргылаз егьырҭ икомедиақәа иаарылыҳәҳәоит "Акьанџьа". Иазгәаҭатәуп, уи аԥсуа драматә сценаҿы ианықәдыргыла ашьҭахьгьы, ари акомедиа еиуеиԥшым атеатрқәа рылаԥш ишыҵашәаз. Уи ықәдыргылт Махачкала, Гамзат Цадаса ихьӡ зху Авартә музыкатә драматә театр аҿы авар бызшәала, Орџьеникиӡе ақалақь аҿы Нхыҵ Уаԥстәылатәи адраматә театр аҿы ауаԥс бызшәала. Ари иаҳнарбоит ашәҟәыҩҩы инарҵаулан дышхәыцуаз, имилаҭ мацара рхьаа акәӡамызт ииҳәоз, ҳаиашьаратә жәларқәа ирхьаазгьы дарҭынчӡомызт, ахара иԥшлар иҭахын ҳмилаҭқәа.
Аха зегь реиҳа ирылаҵәақәаз иреиуоуп "Чарирама". Уи еиҿкаауижьҭеи жәашықәса заҵәык анҵуаз аамҭазы, убри аамҭа кьаҿ иалагӡаны ахәаԥшцәа иднарбеит 550 спектакль инареиҳаны. Иқәнаргылахьан 70 рҟынӡа аҩымҭақәа. Иазгәаҭатәуп Шоҭа Ҷкадуа ибзоурала аԥсуа милаҭтә культураҿы раԥхьаӡа акәны ишцәырҵыз даҽа ҟазара хкык - Аминиатиурақәа ртеатр "Чарирама." Ари аколлектив еиҿкаан Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿ, сахьаркыратә напхгаҩысгьы даман СССР жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа.
Асеиԥш иҟаз ашәҟәыҩҩы-адраматург, зыда дыҟамыз аиуморист Шоҭа Ҷкадуа инысымҩа ҳнаныԥшылар иаабоит уи ихигахьази дзыхьӡази рацәак идуӡӡамыз уаҩы иқәрак иҭагӡаны. Абра ҳнагәылаԥшып иара:
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, асатирик, адраматург Ҷкадуа Шоҭа Еугьан-иԥа диит нанҳәа 20 1932 шықәсазы Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Иԥсҭазаара далҵит жәабран 2 2003 шықәса рзы Аҟәа ақалақь. Иара СССР-и (1958) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дырлахәылан. Дыҩуан аԥсышәала.
© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаШоҭа Ҷкадуа иҩызцәа рыгәҭа
Шоҭа Ҷкадуа иҩызцәа рыгәҭа
© Foto / предоставлено семьей Шоты Чкадуа
Иқыҭан иҟаз аа-шықәсатәи ашкол далгеит, нас – абжьаратә ҵара хиркәшеит Тамшьтәи ашкол аҿы (1952). Дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала, дагьалгеит 1956 шықәсазы.
1957-1969 шш. раан аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны") акультуреи абзазареи рыҟәша алитературатә усзуҩыс, нас аҟәша еиҳабыс. 1969 ш. инаркны аус иуан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, нас - С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театри рҟны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы акәзар, алитературатә ҟәша аиҳабыс дыҟан.
© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаШьалодиа Аџьынџьали Шоҭа Ҷкадуеи
Шьалодиа Аџьынџьали Шоҭа Ҷкадуеи
© Foto / предоставлено семьей Шоты Чкадуа
Арҿиамҭақәа аԥиҵо далагеит ашкол данҭаз ашықәсқәа раан. Акьыԥхь аҟны дцәырҵит (1946) ажәеинраалақәа рыла. Иажәеинраалақәа жәпакы (И. Вронски, Н. Коржавин аурысшәахь реиҭагамҭақәа) анылеит "Аԥсуа поезиа антологиа" (М., 1958). Ашьҭахь Ш. Ҷкадуа инеиԥынкыланы апрозеи адраматургиеи рахь диасуеит. Исатиратә ажәабжьқәа, иповестқәа, ипиесақәа рнылон аизгақәа "Альманах", "Ерцахә", альманах "Литературная Абхазия", ажурнал "Алашара", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Заря Востока", "Аԥсны", "Аидгылара", "Еҵәаџьаа", "Республика Абхазия" уҳәа егьырҭгьы.
Ажәабжьқәеи, аповестқәеи, апиесақәеи, акомедиақәеи, аинтермедиақәеи, аскетчқәеи уҳәа реизгақәа 20 инареиҳаны дравторуп.
Ш. Ҷкадуа илагала шьардоуп аԥсуа драматургиаҟны, еиҳаракгьы акомедиеи асатиреи ржанр аҟны. Еиҳаракгьы абарҭ ажанрқәа рҟноуп ибаҩхатәра ахьааԥшыз. Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иқәыргылан икомедиа "Ҳауа идагәада". Убри нахыс ихьӡ еицырдырит. Ари аспектакль ала Аԥсуа театр зегьеидгылоутәи ахәаԥшҩы иахь инеит. 1964 ш. Москва, Асовет Ар Ртеатр хадаҟны уи ықәыргылан "Жьулиеи Мажьулиеи" ахьӡны. Апиеса ԥыхьатәи СССР иахьаҵанакуаз атеатрқәа ҩынҩажәи хԥа рҟны иқәдыргылеит.
© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааШоҭа Ҷкадуа
Шоҭа Ҷкадуа
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Егьырҭ ажәашықәсақәа раан Аԥсуа театр асценаҿы иқәыргылан иара убас апиесақәа "Амардуан", "Алоу дгәаауеит", "Акьанџьа" уҳәа егьырҭгьы.
1970-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы иаԥҵан Асатиреи аминиатиурақәеи ртеатр. Уи ахыҵхырҭаҿы игылан Ш. Ҷкадуа, Шә. Ԥачалиа. Атеатр апрограммақәа шьақәдыргылон ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рыла. Атеатр аҿы еиуеиԥшым аамҭақәа раан ихәмаруан А. Ҭаниа, С. Сақаниа, М. Зыхәба, Ч. Џьениа, В. Аблоҭиа, Хә. Џьопуа.
Аҭыжьымҭақәа
аԥсышәала: Асатиратә пиесақәа. Аҟәа, 1958; Аилыӷраа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1960; Ашкәакәеи аиқәаҵәеи. Аповест. Ажәабжьқәа. Аиумортә жәабжьқәа. Аҟәа, 1961; Асатира. Аиумор. Ажәабжьқәа. Аминиатиурақәа. Аинтермедиақәа. Аскетчқәа. Асцена хәыҷқәа. Аҟәа, 1964; Ашьхыц. Ажәабжьқәа. Апиесақәа. Акомедиа. Аҟәа, 1965; Раԥхьатәи абзиабара. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1969; Ауаҩи аҭыԥи. Асатиратә жәабжьқәеи аповестқәеи. 1972; Сара, Уара, Ҳара, Шәара… Асатира. Аҟәа, 1974; Алоу дгәаауеит. Ажәабжьқәа. "Чарирама". Апиесақәа. Аҟәа, 1978; Ауаа злахәым аизара. Ажәабжьқәеи апиесақәеи. Аҟәа, 1979; Иалкаау. Ажәабжьқәа, аповестқәа, апиесақәа. Аҟәа, 1982; Аду лхаҳә. Аповест. Ажәабжьқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 1984; Ари лакәӡам, дад! Ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985; Анцәа исасцәа. Ароман, ажәабжьоу, ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989; Шәдырцәеи шәареи шәеибадыр. Апиеса кьаҿқәа. Аҟәа, 1991; Асатиреи аиумори. Аминиатиурақәа. Аскетчқәа. Ажәабжь кьаҿқәа. Аиуморескақәа. Алафқәа. Анекдотқәа. Асцена хәыҷқәа. Аинтермедиақәа. Жәлар иаԥырҵаз ацәаҳәақәа. Ажәеинраалақәа. Асатиратә жәабжьқәа. Аҟәа, 1998; Ахәыҷи аԥарԥалакьи. Апиесақәа. Ажәабжьқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002;
аурысшәахь аиҭагақәа: Супружеская жизнь. Повесть и рассказы. Сухуми, 1980; Чужой дом. Повести и рассказы. Сухуми, 1986.
© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаШоҭа Ҷкадуа иҩызцәеи иколлегацәеи рыгәҭаАжәлар рхы-ргәаҿы иаанхаз ашәҟәыҩҩы-адраматург ипиесақәа "Ҳауа идагәада?", "Алоу дгәаауеит", иповестқәа "Аԥҳәыс лас", "Аччара баҩ алоума?" рыда имҩызаргьы, ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы ахааназ ихьӡ камшәо даанхон Шоҭа Ҷкадуа. Ҳара иҳахәҭоуп асеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы иреиӷьӡоу иҩымҭақәа реиҭаҭыжьра, идраматә ҩымҭақәа реиҭақәыргылара, "Чарирама" иахьатәи аамҭа иақәшәо аиҭарҿыцра, ииумортә жәабжьқәа реиҭакьыԥхьра ҳжурналқәеи ҳгазеҭқәеи рҿы. Ашәҟәыҩҩы илшоз зегьы ҟаиҵеит ҳдоуҳатә культура арбеиаразы, ҳара уи аиқәырхареи, иахьатәи ҳабиԥара рыларҵәареи анҳалымша, уи ҳара ҳауп изыгха дуу, иагьзԥырхагахо…
Шоҭа Ҷкадуа иҩызцәеи иколлегацәеи рыгәҭаАжәлар рхы-ргәаҿы иаанхаз ашәҟәыҩҩы-адраматург ипиесақәа "Ҳауа идагәада?", "Алоу дгәаауеит", иповестқәа "Аԥҳәыс лас", "Аччара баҩ алоума?" рыда имҩызаргьы, ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы ахааназ ихьӡ камшәо даанхон Шоҭа Ҷкадуа. Ҳара иҳахәҭоуп асеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы иреиӷьӡоу иҩымҭақәа реиҭаҭыжьра, идраматә ҩымҭақәа реиҭақәыргылара, "Чарирама" иахьатәи аамҭа иақәшәо аиҭарҿыцра, ииумортә жәабжьқәа реиҭакьыԥхьра ҳжурналқәеи ҳгазеҭқәеи рҿы. Ашәҟәыҩҩы илшоз зегьы ҟаиҵеит ҳдоуҳатә культура арбеиаразы, ҳара уи аиқәырхареи, иахьатәи ҳабиԥара рыларҵәареи анҳалымша, уи ҳара ҳауп изыгха дуу, иагьзԥырхагахо…
© Foto / предоставлено семьей Шоты Чкадуа