Sputnik амчыбжь: ахьԥшымра амҩала, Бжьаниеи "Аруааи" реиԥылара, аҿкчымазара аԥырҟәҟәара

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит нанҳәамза 23 инаркны 29 нӡа ҳреспубликаҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит аопазициатә еиҿкара "Аруаа", еилкаахеит сынтәатәи аҵарашықәс ҿыц цәыббра акзы ишалаго, Апсны ауааԥсыра хәымш аԥсшьара рыман. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳаизгаҿы.
Sputnik
13 шықәса азхаҵара амҩала
Иҳаҩсыз амчыбжь азын иалҳкаауа рыцхәуп нанҳәа-26. Ари амш аҽны жәаха шықәса раԥхьа Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа. Ҳреспубликаҿ аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы иалагалоу аԥкрақәа инарықәыршәаны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа азгәаҭамызт.
 Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыцәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны ахада Аслан  Бжьаниа, Жәлар реизара апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Бациев, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Анаҩс ашәҭқәа шьҭарҵеит Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҟныи, Џьгьарда ақыҭан Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багапшь ибаҟа амҵани.
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы.
Хәымштәи аԥсшьара
Нанҳәа 26 Аԥсны Жәларбжьаратәи азхаҵара амш аныҳәатә ԥсшьарамшын. 
Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара рыдыркылеит нанҳәа 27 аԥсшьарамш иацҵаны иԥхьаӡазарц. Нанҳәа 28 азы Аԥсны ауааԥсыра иазгәарҭоит Нанҳәа, (мамзаргьы Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара Амш). Нанҳәа 28 асабша иахьақәшәоз ашәахьа, нанҳәа 30 ԥсшьарамшны ирыларҳәеит.
Абасала, нанҳәа  26 - 30 ԥсшьарамшқәоуп.
Цәыббра 1 аҵарашықәс ҿыц
Сынтәатәи аҵарашыкәс ҿыц ианалаго еилкаахеит нанҳәа 25 рзы. Абри азы абрифинг аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.
Убри аан аминистр иазгәеиҭеит аҵаратә процесс ишалаго аҿкы аҽацәыхьчаратә уснагӡатәқәеи аԥҟарақәеи ирықәныҟәаны.
"Атәыла анапхгареи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, ҳареи ҳаилацәажәара ашьҭахь иҳаӡбеит цәыббра 1 азы ашколқәа русура иалагазарц", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Иара убасгьы иҳәеит аԥкрақәа ҵыԥх аиԥштәи аҟазшьақәа шроуа аклассқәа реихшара ада.
Анаҩс ашколқәа рҟны асанитартә-епидемиологиатә режим аҭахрақәа ирықәныҟәалароуп ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик, агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура аинтервиу аҭо.
Иара убасгьы иазгәалҭеит, арҵаҩцәа риммунтә статус аҭҵаара иалагоит цәыббра 15 инаркны.
Бжьаниа "Аруаа" ахаҭарнакцәа идикылеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи, ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" рхаҭарнакцәа ирԥылеит нанҳәа 23 рзы.
Ахра Бжьаниа иажәақәа рыла, аиԥылара мзызны иаиуит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла аиҳабыра русура иақәыӡбо иҟарҵаз аҳәамҭа.
Аҳәамҭаҿы инаҵшьны иазгәаҭан акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәара хра амамкәа иахьыҟоу.
"Аиҳабыра рхада иусура иааубартә аиԥш алҵшәадара, шәара Аслан Гьаргь-иԥа Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ашьҭра шәазнархәыцроуп", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Ахра Бжьаниа ахада иацәажәара "иҭынчыз аиҩызаратә ҟазшьа аман" ҳәа ахиҳәааит.
Пресс-конференция общественной организации ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов Аруаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны акциақәа рҽырзыҟарҵаларц
"Иаҳҳәоз зегь аниҵон. Иҟаиҵаша атәы сызшәаҳәом, аха ҳаицәажәара дшазхәыцуа збеит. Ҳара ҳгәанала асеиԥш акгьыҟамҵара ҭакк аиуроуп. Ахада аиҳабыра ииашаз ашьаҿақәа ҟарҵоит ҳәа ишьозар ԥхьаҟа иҟаҳҵаша ҳазхәыцроуп. Ахада даҳзыӡырҩит, иҳәеит ацәажәара зҭаху зҵаарақәоуп ҳәа",  - иҳәеит иара.
Ахра Бжьания иҳәеит иара убас ишрылацәажәаз акоррупциа аҿагылара, аветеранцәа рсоциалтә зинқәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз рнырра азҵаарақәа.
COVID-19 
Ҳреспубликаҿы аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы аусуракәа ирыцҵоуп, аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24952-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 20766-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхит 372-ҩык. Иара убас иаҳхысыз амчыбжь азын 
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟынтәи х-ҩык ылрҩааит ргәабзиар шьақәыргыланы.
Аԥсны араионқәа рҟынтә ачымазцәа зегьы арахь иааргоит ацхыраара ласы амашьынақәа рыла. Агоспиталь аҿы ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Аҳақьымцәа уахгьы-ҽынгьы ршьапы иқәгыланы ачымазцәа рыдыркылоит, имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабараториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анализқәа рҭакқәа зегьы шьҭахьҟа алабораториақәа рахь инарышьҭуеит атестҟаҵара арццакразы.
Аԥсны АрМи-2021
Аԥснытәи акоманда Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2021 ирыцырҵуеит.
В Приэльбрусье состоялась жеребьевка команд-участниц «Эльбрусского кольца» - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Аԥснытәи аруаа аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" рҽаладырхәуеит
Аԥснытәи аррамаҵзурауаа рылахәын аицлабрақәа "Атактикатә хысыҩ", "Ельбрустәи амацәаз", "Атанктә биатлон" ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра арратәи аморал-ԥсихологиатәи зыҟаҵара Аусбарҭа аиҳабы Томас Ҷолариа.
Иара иажәаәқа рыла, "Атактикатә хысыҩ" аҟны Аԥсны акоманда 17 ҭыԥ рҟынтәи ажәбатәи аннакылеит, "Ельбрустәи амацәаз" аҿы 9 ҭыԥк рҟынтәи афбатәи ннакылеит.
Убас ари амчыбжь азы Аԥснытәи акоманда иҷыдоу адҵа нагӡаны ашьха ӡиас Терскол ирит жәларбжьаратәи аконкурст "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Иԥсҭазаара далҵит Манфред Петрич
Ажурналист, аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ, аблогер Манфред Петрич иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 23 рзы.
Раԥхьаӡа акәны Петрич Аԥсны аӡбахә иаҳаит 2008 шықәса нанҳәа 8 азы, Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла. Иара аинтерес икит ари атәылаҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа. 2009 шықәсазы Аԥсныҟа дааит. Анаҩс аамҭа-аамҭала арахь даалон.
Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит, Ешыра ақыҭан аҩны иргылеит.
Аԥсны далацәажәо, Манфред Петрич иҳәон зегь реиҳа ихадоу - атәыла анапхгара рхы ахьдырхаша азы аплан рымазароуп, насгьы уи мҩақәызҵо дыҟазароуп ҳәа.
Иара убас ииасыз амчыбжьазы иалкаахаз:
"Аԥсныбылтәы" агаз ахәԥса шьҭнахит
Ажәабжьқәа зегьы
0