Ачымазареи ахарџьи

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в масках
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус зыхьуа, аха аҩны зҽызхәышәтәуа рхарџьқәеи, ахәынҭқарратә агәабзиарахьчаратә система аусушьеи ахатәы лабораториақәа разнеишьеи ртәы дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ачымазареи ахарџьи
Раԥхьатәи алаҵа ҟасҵеит лаҵара 18 рзы. Аҩбатәи, хымчыбжьа рышьҭахь рашәара 8 рзы. "Спутник V" захьӡу алаҵа уамак самыргәаҟит, ибзианы исхызгеит сҳәар сылшоит. Алаҵа ҟасҵеит ҳәа сгәы каршәны сызтәом, иахьынӡасылшо атранспорт, адәқьанқәа, ма аптекақәа рҿы асабрада ныҟәызгоит. Абар ҩымыз ҵит алаҵа сыласҵеижьҭеи, уажәшьҭа ацәеижьҿагылақәа (антитела) заҟа сымоу еилыскаарц азы, анализқәа асҭарц сыӡбеит.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2021
Ала шуан, аҽы ҳәуан…
Сара сахьҭаҩу актәи аполиклиникахь аҭел сасит, сынхарҭа ҭыԥ иахылаԥшуа аҳақьым Лариса Ҷкадуа исалҳәеит, уи аиԥш анализ ахатәы лабараториаҿы шакәу иахьрыдыркыло. Сашьҭалеит еилыскаарц хәыда-ԥсада иахьыҟарҵо ыҟазар ҳәа. Аиашазы, ҭаацәаныла ачымазара зхьыз, хәҩык рҟынӡа ахыԥхьаӡара ахьыҟоу, ахатәы клиникаҿы ахә ахшәааны аҭара – ус мариам. Ахатәы клиника анысҳәа аҭел сасит "Лабквест" ашҟа, дара аҭак сырҭеит анализқәа 1540 мааҭ (ахыԥхьаӡаратә), 940 мааҭ (ахаҭабзиаратә) ишаԥсоу.
Уеиҵанарӷәӷәаратәы иҟоуп ахә аҭаацәа ду рзы. Избанзар, аревакцинациа аамҭа анааиуа азы, ацәеижьҿагылақәа рыҩаӡара удырыр бзиоуп, уагымхарц, ма заа иҟаумҵарц азы. Аинформациатә хархәагақәа рҿы иқәгылало аҳақьымцәа ишазгәарҭо ала, алаҵа зегьы еиԥшны ирхыргом, иҟоуп ирласны ианынҵәо урҭ ацәеижьҿагылақәа, иҟоуп шықәсык аҟынӡа инеир аналшо. Убри аҟынтә, ауаҩы заа идырыр бзиоуп ицәеижьҿагылақәа рҭагылазаашьа.
Иахьа ҳҳақьымцәа злеилахоу ала, аинформациа аиурагьы уадаҩуп, аҭелқәа иаразнакгьы рҭак рзыҟаҵом аковид чымазцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу азы. Усгьы сҽазысшәеит аилкаара иус мариамхазгьы. Акырџьара аҭел сасит, аха аҭак соуаанӡа атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа исзылҩит абас: "Ибзыҟарҵар рылшоит ареспубликатә хәшәтәырҭа алабораториаҿы хәыда-ԥсада баҳаҭыраз" (в качестве исключения). Иҭабуп, схазы мацара сашьҭам, хшыҩзышьҭра зысҭоз ҳтәылауаа абри анализ ҟарҵарц азы, ихәыдаԥсадатәиу ыҟазар аилкаара акәын ҳәа лзызҩит.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь ԥшьышәҩык рҟынӡа аднакылахьеит
Дшеилахазгьы аҭел шьҭылхит Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева. "Иҟан программак аамҭак азы, хәыда-ԥсада ианыҟарҵоз, уажәы иҳәынҭқарратәу алабараториақәа рҿы иҟарҵом", - саҭалкит. Асанитартә ҳақьым слазҵааит, ихымԥадатәиума ари аҩыза анализ аҟаҵара ҳәа. Лара илҳәеит: "Мап. Аҩбатәи алаҵа ашьҭахь, шықәсыбжак анаҩс, алаҵа ҿыц иҟаҵатәуп", - ҳәа аҭак сылҭеит. Ус анакәха, зыхә ҳараку анализ алаҵа злазҵаз, ма излазҵарц зҭахыу иҟаимҵар ауеит, аха даҽа ганкахьала, ауаҩы идырыр бзиоуп илаҵа амч цахьоу имцахьоу, еиқәырццакны алаҵа ҟаимҵаларц азы. Схатәы сҳәозар, даҽа ԥыҭк ашьҭахь уеизгьы иҟасҵароуп, слаҵа ахьынӡасызхаз еилыскаарц азы.
Ачымазареи ахәԥсеи уанрызхәыцуа уцәа уааҭаӡыӡоит. Иахьа зегь ирҿаку ковид иадҳәалоу азҵаатәоуп. Сыуацәеи сҭынхацәеи ари зыхьхьоу маҷҩым, урҭ рахьтә иҟоуп ахәышәтәырҭақәа рҿы изхызгаз. Абраҟа иазгәаҭатәуп, астационартә чымазцәа хәыда-ԥсада ишырхәышәтәуа, амала иҟалалоит Актемра еиԥш иҟоу зыхә цәгьоу ахәшә аҭынхацәа аахәатәыс ианрымоу. Арина захьӡу, ковид Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы изхызгаз аԥҳәыс илҳәеит, изакәызаалак акы ахә шахылымшәааз. "Даара бзиа иаҳхылаԥшуан аҳақьымцәагьы егьырҭ аперсонал иаҵанакуагьы", - ҳәа еиҭалҳәоит лара акыр дрызгәыдуны.
Ишаҳдыруа еиԥш, аҩны зҽызыхәшәтәуа ковид чмазаҩцәа маҷҩым. Абраҟа ицәырҵуеит акоммерциатә хыԥша.
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
COVID-19 аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа 2021 шықәса аҩнуҵҟа 248 миллион мааҭ рықәхарџьуп
Аабыкьа ачымазара ихьит акыр исзааигәаз ахаҵа. Иԥшәма ԥҳәысгьы илыхьт, аха иара еиҳа дыӷәӷәан. Азнаказы дара аҳәынҭқарратә клиникақәа рҿы ицаны агәаран иқәгылеит, аха ргәабзиара ирнамҭеит уи аҩыза алшара. Нас, рымҩа дырхеит ахатәы лабараториақәа рахь. "Комплекск анализқәа хә-нызқь мааҭ агоит аӡәы изы", - ҳәа еиҭалҳәоит зыхьӡ зырзар зҭахым сҭынха. Дара рҭаацәара рсоциалтә ҭагылазаашьа цәгьам, ишьҭырхыртә иҟоуп азы, рҽырыхәшәтәуан ахә ахшәааны. "Акапельницақәа, ахәшәқәа, амедиаҳәшьа лыхәԥса уҳәа, сыԥшәма ихәшәтәра 50 нызқь мааҭ рҟынӡа агеит", - лҳәеит сҭынха. Убри аан иазгәаҭатәуп, дара амашьына змоу шракәу, убри аҟынтә, еиҳа ирзымариан анеиааира.
Шәазхәыц, атәанчаҩы абас аҽыхәшәтәра иқәшәар заҟа изымариамхо. Ковид-19 еиҳа имарианы изхызго ирықәҿиеит, аха маҷк иаршәо рзы аԥара маҷымкәа иагоит. Аофициалтә информациа ишаҳәо ала "Аԥсны акоронавирус рыхьхьеит 25 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, 388-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит". Астатистика ҳаназхьаԥшуа иазгәаҭатәуп, ҳтәыла анҭыҵ зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара арахь иалам, убри аҟынтә, даҽа абриаҟараҩык рдунеи рыԥсаххьазаргьы ауеит, ашьақәырӷәӷәара шымариамгьы. Аҳәынҭқарра Ковид-19 аҿагылара иақәханарџьуа атәы ҳазааҭгылозар, аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Вдадимир Делба иажәақәа рыла "Ҳазҭоу ашықәс алагамҭа инаркны, нанҳәамза аҽеҩшамҭазынӡа иныхын 247,9 млн мааҭ" (апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны зынӡа инырххьоу – 475 миллион мааҭ инареиҳауп). Ари маҷума ҳара ҳҳәынҭқарразы, аха ачымазара аҿагылара аус хьысҳаны иахьеиҿкаау азы, аҿкы аҽоунажьуеит, уи ахарџь еиԥш аԥсыҭбарагьы ацуп.
Русский Драматический театр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Искандер ихьӡ зху атеатр РУСДРАМ 40 шықәса ахыҵит
Абас шакәугьы, акарантинтә ԥҟарақәа ирықәныҟәо рацәаҩым, дасу рыҩны ачымазара неиаанӡа агәра рымгозар акәхап. Уажәы абылтәы акризис злаҟоу ала, иныҟәо амашруттә таксиқәа рхыԥхьаӡара еиҵахазар ҟалап. Иахьа ашьыжь Аҟәа аҳабла ҿыц аҟынтә иаауаз амаршрутка иҭыҵыз сҩыза лажәақәа рыла, "асабрадақәагьы аӡәгьы ихамызт, атранспртгьы кәапеишәа иҭәын". Амашьынарныҟәцаҩцәа акырынтә ргәы рыҽшанырҵахьоугьы, аԥҟарақәа ирықәныҟәом, ахылаԥшрагьы амам ари аус. Акарантин ззыҟалаз, ишаҳҳәахьоу еиԥш, атеатрқәа роуп. Русдрам 40 шықәса ахыҵит. Ирыдныҳәало, исҳәарц сҭахуп уи адиректор хада Иракли Хынҭәба акырынтә акультура аминистри аиҳабыреи рахь ааԥхьарақәа шыҟаиҵахьоугьы, макьаназы аҭак ыҟам, избан, атеатрқәа рышә аркны, иаҳҳәап, атранспорт, аџьармыкьа, амшын аԥшаҳәа, ақьафурҭақәа апандемиа иадҳәаланы иаԥҵоу аԥҟарақәа ишрықәныҟәо зумбо? Изшәарҭахазеи еиҳа атеатр? Аҭак ыҟаӡам уажәгьы.Ҽаанбзиала ҳәа расҳәоит Русдрамаа, ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам, атеатргьы ԥсеивгарак аиуп.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0