Аԥсны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВ Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара мҩаԥысуеит амҽыша цәыббра 19 рзы.
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба рыҟны ашьыжь асааҭ 8:00 рзы ашәқәа аадыртит. Абжьыҭаратә ҭыԥқәа аартуп асааҭ 8:00 - 20:00 рҟынӡа.
Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартуп Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Открытое тестовое голосование в ЦИК России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Урыстәылатәи армаҵзурауаа заанаҵ Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит
Аԥсны инхо уаанӡа  Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿыркаахьан 2011, 2016 шықәсқәа рызтәи алхрақәа раан. 2016 шықәсазы абжьыҭара рхы аладырхәит 20 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 75% апартиа "Иаку Урыстәыла" азы рыбжьы рырҭеит.
2018 шықәсазы ареспубликаҿ имҩаԥысит Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭарақәа. Владимир Путин изы рыбжьы рҭиит 94,1% ма 39 427-ҩык.
Аҳәынҭқарратә Дума захьӡу аиҿкаара раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1905 шықәсазы. 1917 шықәсазы Февральтәи ареволиуциа ашьҭахь иаԥыхын.
Асовет аамҭазы азакәанԥҵаратә еиҿкаара анапынҵақәа нанагӡон СССР Иреиҳаӡоу асовет, анаҩс – РСФСР Иреиҳаӡоу асовет. 1993 шықәсазы СССР анеилаҳа ашьҭахь Борис Ельцин идҵала Иреиҳаӡоу асовет аԥыхын. Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥган ԥхынҷкәын 12, 1993 шықәсазы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа хәышықәса аҿҳәара рыманы иалырхуеит еилаԥсоу асистемала: 225-ҩык адепутатцәа апартиатә сиақәа рыла, даҽа 225-ҩык – мандатктәи аокругқәа рҟынтәи.
Сынтәа Афедералтә сиақәа ирнуп 14 партиа: КПРФ, "Зеленые", ЛДПР, "Новые люди", "Единая Россия", "Справедливая Россия - За Правду", "Яблоко", "Партия Роста, Российская партия свободы и справедливости", "Коммунисты России", "Гражданская платформа", "Зеленая альтернатива", "Родина", "Партия пенсионеров".
 
Ажәабжьқәа зегьы
0