Алаӷырӡ ахьыҟоу аччарагь ыҟоуп: апозициаҿы алаф иазкны

© Foto / предоставлено Музеем боевой СлавыБойцы абхазской армии отдыхают после выхода из боя
Бойцы абхазской армии отдыхают после выхода из боя - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
"Аԥсра ахьыҟоу аирагьы ыҟоуп" ҳәа шырҳәо еиԥш, алаӷырӡ ахьыҟоу аччарагьы ацуп - ус ишоуп аԥсҭазаара, аԥсҭазаара ахьыҟоу агәыӷрагьы ыҟоуп. Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа дазааҭгылоит аибашьраан алафҳәара иааннакыло аҭыԥ.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ицәырнагаз жәлар ргәалашәарақәа, афырхаҵаратә мотивқәа, ашәақәа, ажәаԥҟақәа, аҿаԥыцтә жәабжьқәа рнаҩсгьы, хыԥхьаӡарала урҭ иреиҳамзар, иреиҵам алафқәа.
Надписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Ажәа - зегьы иреиҳау бџьаруп: аибашьраан Аԥсны ацҳақәа ирнырҵаз аҩырақәа рҭоурых
Аибашьраан иҿиоз алафқәа аҷыда ҟазшьа рыман иҟоуп. Урҭ дҵәылырхуан аӷа, ачарҳәаҩ ихаҿра аадырԥшуан, иара убас еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхылҿиаауан асатиреи аиумори. Алаф ииуан апозициаҿы, нас уи аибашьцәа рыдагьы ажәлар зегьы ирылаҵәон. Иара аҿиара еиуеиԥшым аформақәа анубаалоит: жәабжьла иҳәоу еиԥш, жәеинраалала, мамзаргьы ашәаны иаԥҵоу.
Аҵыхәтәантәиқәа рҟынтәи ажәлар рахь акыр аларҵәара роуны иҟалеит ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба исатиратә ашәақәа. Аибашьра асахьақәа аарԥшуп, иара убас, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ркарикатурақәа рҿы. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, уи аганахьала азҿлымҳара рымоуп асахьаҭыхҩы Гарри Дочиа 1992-1993 шықәсқәа рзы иаԥиҵаз акарикатурақәа.
Убас иҟоуп аибашьра ашықәсқәа рзы аибашьцәа ахьтәаз апозициақәа рҿы аибашьра акорреспондент Кәасҭа Габниа ианиҵаз алафқәа. Иааҳгап ҿырԥштәқәак:
"Аԥшыхәратә пункт аҿынтә ланарԥшыгала дыԥшыхәуа дышгылаз, – Аа, абан, абан, избоит атанк аџьықәреи иахьалагылоу,– ҳәа ибжьы иргеит Гиви Хәыпориа.
Война в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
"Мышкы ииз мышкы дыԥсуеит…" – аибашьра жәлар рытрадициа ишаныԥшыз
– Уи иахагьы амхы ишалагылаз збеит, – иҳәеит Гәырам Гәынба.
– Аџьықәреи иакызар ҟалап, уи азын ауп изеиҭамҵуа, иззаӡа изгылоу, – алаф алихит Даур Ҳалуашь", – ари анҵамҭа ҟаҵан октиабр 4, 1992 шықәсазы.
Аԥсуаа иҳавагылаз ҳашьцәа кавказаа ргәымшәареи урҭ рҿаԥхьа аӷа ихьаҵреи аанарԥшуеит анаҩстәи анҵамҭа:
"Гагра аныргоз иҟалаз акоуп. Араҟа итәақәоугьы иалахәыз шәыҟоуп. Ҳаибашьыҩцәа "ураа!" ҳәа ақалақь ианалала, ақырҭцәа абжаҩык рабџьарқәа кажьны, рхы ахьынахоз ицон. Аиааира ашьҭахь (ақалақь анырга. – Е. Ҭ.), гәыԥҩык ҳаибашьцәа рыԥсы ршьон ҵлакы амҵан. Ус, еибашьҩык деидараха, иԥсахы еибакуа даарыдгылт.
– Иуаашьозеи, иҟалеи? – ҳәа иазҵааит итәақәаз.
– Арҭ уааӡам, иахьынтәаанага сыздыруам аха...
– Дарбан узҿу?
Есма Тодуаԥҳа лышәҟәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2017
Ашьа зхьыршоу амшынҵа
– Дарбанқәоу акрыздыруоу, рыхьӡ уаҩы имҳәааит! Шәыҩны шәабацои ҳәа санрызҵаа, "ачеченцәа ақалақь иалалт" рҳәеит. Сара соуп ачечен анысҳәа, иркыз рабџьарқәа нкажьны, рнапқәа ирҩахеит. Нас арҭ роума аибашьцәа, – иҳәан, дызҵаз абџьарқәа (аӷацәа ирцәыргаз. – Е. Ҭ.) ҵаҟа инкаижьит".
Ас еиԥш иҟаз алафқәа ҩ-функциа хадак нарыгӡон: ганкахьала, аӷа дҵәылхны даадырԥшуан, даҽа ганкахьала - аибашьцәа рхы-ргәы рханаршҭуан, ргәалаҟазаара шьҭнахуан. Урҭ алафқәа рыбжьара иҟоуп автортә лафқәа реиԥш, дара аибашьцәа рхаҭақәа иаԥырҵаз алафқәагьы. Аибашьцәа ишеиҭарҳәо ала, уаҵәы ажәылара ицараны иҟазар, уаха алаф ҳәо, иччо-ихәмаруа, икәашо-ишәаҳәо рҽазыҟарҵон. Уи џьоукы рзы аҵыхәтәантәи ажәылара шакәхозгьы еилыркаауан, аха ирындмырԥшкәа, ргәы дырхаҵон. Иччо аԥсра аблақәа ирҭаԥшуан иахьатәи амш ҳзааргарц!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аиааира ҳзаазгаз ҳа ҳбызшәа – аибашьра амаӡа бызшәа
"Сахьаԥсыуаз азы срыпҟон": аибашьра раԥхьатәи амш иацу агәалашәарақәа
Аибашьра шалагоз злардыруаз адыргақәеи ан лықәреи
Ажәабжьқәа зегьы
0