Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Сабдуцәа рышьҭа сыхгылеит": абла ҳақьым Зеқьи Лацәышба иҭоурых

© Foto / Саида ЖибаЗеқьи Лацәышба
Зеқьи Лацәышба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ адунеи аҟны иреиӷьу абла ҳақьымцәа дырхыԥхьаӡалоуп. Иара изныкымкәа ихәшәтәхьеит Аԥснынтәи изнеихьоу ауаагьы. Зеқьи Лацәышба изанааҭ аҟны дшышьақәгылази Аԥсназы игәҭахәыцрақәеи ирызкуп анаҩстәи анҵамҭа.
Зеқьи Ремзи-иԥа Лацәышба диит Ҭырқәтәыла, Диузџье ақалақь азааигәара, амҳаџьырра иахнагаз аԥсуаа ишьақәдыргылаз Аԥсара ҳәа изышьҭоу ақыҭан. Аҭаацәараҟны ирызҳаит хҩык аишьцәеи аиаҳәшьеи. Аб Ремзи иԥшәмаԥҳәыс Шьааиан Ҭаниаԥҳаи иареи рыхшара аԥсуа ҵасла ауп ишырааӡаз. Ишыхәыҷызнатә рбызшәа ддырҵеит, аԥсуара рыларааӡеит.
Сима Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
"Шәыԥшишь, абрахь ауп Аԥсны ахьыҟоу": ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа лгәалашәарақәа
"Ҳара ҳхәыҷра шықәсқәа раан Аԥсара ақыҭан ирацәаҩын жәла-жәлала инхоз аԥсуаа. Еибазымдыруаз уаҩ дыҟамызт. Уимоу ааигәа ишьҭаз ақыҭақәа ирыланхозгьы ҳауаажәлар ҳдыруан. Ҳацәгьеи ҳабзиеи акакәын. Усҟантәи абыргцәа аҵара шрымамызгьы, ԥсабарала даара иҟәышын. Бзиа иаабон ҳанырзыӡырҩуаз, аиҳарак Аԥсны иадҳәалаз ажәабжьқәа анеиҭарҳәоз. Ҳгәы кылнаҵәон мчыла зыԥсадгьыл иахырцаз ҳаиҳабацәа атәым дгьыл аҟны ирхыргоз ауадаҩрақәа ианрылацәажәоз, аиҳарак имлашьны, иҵааны иԥсыз асабицәа гәнаҳгон", - ҳәа еиҭеиҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Зеқьи Лацәышба абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит Измир ақалақь амедицинатә университетқәа руак, абла ҳақьым изанааҭ ала аҵара ҵаны, Франциа аҳҭнықалақь Париж идыррақәа ирыциҵоит, Аофтальмологиатә академиа дҭалоит. Анаҩс Ҭырқәтәылаҟа даауеит, Сҭампылтәи амедицинатә университетқәа руак аҟны доцентс дҟалоит, убас профессорс.
Зафер Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
"Аԥсны ӡыригоит": ажурналист Зафер Ҷкотуа Ҭырқәтәыла иусура иазкны
Зеқьи Лацәышба ҩажәа шықәса инарзынаԥшуеит Сҭампыл ақалақь аҿы иаартны имоуижьҭеи ихатәы офтальмологиатә клиника "Laser Fako". Иара адунеи аҟны иреиӷьу абла ҳақьымцәа дырхыԥхьаӡалоуп. Ҳџьынџьуаҩ излеиҳәаз ала, изныкымкәа Аԥснынтәигьы зыблақәа иаргәамҵуагь изаахьеит.
Иҭаацәаратә ҭоурых дагәылало, Зеқьи еиҭеиҳәеит амҳаџьырра ҟалаанӡа иабдуцәа Очамчыра араион, Џьгьарда ақыҭа азааигәара Аӷрагәаҩа ҳәа изышьҭаз аҭыԥан ишынхоз. Иара раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа данаа, иашьцәа-ижәлантәқәа дганы идырбазаап уи аҭыԥ.
"Сгәы иҭымҵыртә ҳаҭыр ду сықәырҵеит сашьцәа. Ҩ-ҭаацәарак ашьтәа шьны ауаа адыԥхьаланы аныҳәатә аишәа сыздырхиеит. Аҳамҭақәа саҭәаршьеит. Сганы исдырбеит амҳаџьырра ҟалаанӡа ҳхәышҭаарамца ахьеиқәыз аҭыԥ. Аиаша шәасҳәап, уи адгьыл сшьапы анықәсыргылоз, сгәы сыхьуан, сабдуцәа рышьҭа сыхгылазар ҟалоит ҳәа сгәы иҭысҳәаауан. Анкьатәи рыҩны-рыдәны зегьы схаҿы иаазгон. Рышьҭыбжьқәа саҳашашәа сымҵысӡакәа сӡырҩуан", - игәалашәоит иара.
Филиз Хагәышьп,ҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
"Анемеццәа ҳџьаршьон": апрофессор Филиз Хагәышьԥҳа Германиа аԥсуара шныҟәыргоз иазкны
Зеқьи иабду иаб Иакәыб иҭаацәеи иареи ракәын Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз. Атәым дгьыл аҟны хымш ааҵуаны Иакәыб идунеи иԥсахуеит, иԥа хәыҷы Еҭем ианшьцәа Ахаа драаӡоит, Есқьишьеҳир ақалақь ахь дганы. Ианизҳалак, арԥыс дхынҳәуеит иаб иҩнахьы Аԥсара ақыҭахь.
Ҳџьынџьуаҩ иҭаацәаратә ҭоурых дахӡыӡаауеит, имыӡырц азы иԥа Бора изеиҭеиҳәоит.
2015 шықәсазы Зеқьи Лацәышба ҩаԥхьа Аԥсны дыҟан, далахәын аофтальмологцәа жәларбжьаратәи рконференциа. Уԥсадгьыл аҟны зегь раасҭа иугәаԥхеи ҳәа ҳаиҿцәажәараан саниазҵаа, "аԥсуа бызшәа цқьаӡа иахьсаҳаз ауп", - иҳәеит.
Иахьа иуадаҩуп ззанааҭ аҟны ишьақәгылаз, адунеитә ҩаӡара змоу аҳақьым изы иус кажьны Аԥсныҟа ахынҳәра, аха уеизгьы аамҭа ԥшааны дахьаауа, иҷкәын агәыбылра ахьииркуа уигьы акраҵанакуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ԥсыуак мап ицәимкыцт": Ҭырқәтәылатәи ачынуаҩ Кадыр Абаӷба иҭоурых
"Аԥсуара еиҳау адыррақәа ыҟам": апрофессор Оздан Аҩӡԥҳа лҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0