Sputnik амчыбжь: Апарламент аҿаԥхьа амитинг, амаинерцәа рзы аԥкрақәа, Гьерзмааԥҳа лконцерт

© Sputnik / Томас ТхайцукОбстановка вокруг здания Правительства
Обстановка вокруг здания Правительства  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿ аҭыԥ рыман ауаажәларратә хцәажәара ду цәырызгаз ахҭысқәа, урҭ иреиуоуп амилициа аусзуҩцәеи адепутати, аветеранцәеи рыбжьара иҟалаз аимак-аиҿак, ахҭыс агәҭынчымра зызцәырнагаз ауааԥсыра Апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит.
Уи адагьы атәылаҿы имҩаԥысит егьырҭ ахҭысқәагьы. Урҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҿы.
Sputnik

Амшынԥшаҳәаҿтәи аимаки Апарламент аҿаԥхьатәи амитинги

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара акыр ахынҭаҩынҭара аман. Уи амзызқәа иреиуоуп цәыббра 30 азы Аԥсны ААР аусзуҩцәеи адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аветеранцәеи реимак.
Прокуратура. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Аԥсны апрокуратура хада Аҟәа адепутатцәа рхысрақәа рзы агәаҭарақәа ирылагеит
Жьҭаара 4 азы аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа акәшаны игылан. Апарламент аҿы имҩаԥысит апрокурор хада Адгәыр Агрба, иара ихаҭыԥуаҩ, АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут злахәыз аусутә еилацәажәара.
Аилацәажәара алагамҭаз Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа обиективла аилыргаразы иазхоны иҟоуп имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа ҳәа.
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иҟаз ахҭыс макьаназы азинтә хәшьара ҳзаҭом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент аусутә еилацәажәараҟны.
Агрба иажәақәа рыла азакәанԥҵара инақәыршәаны Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара ҟанаҵарц азы ишьақәыргылоуп аҿҳәарақәа – 5, 15, 60 мшы.
Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусҭҵаара шымҩаԥысуа. Иҳәеит хымшуп аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара иалагеижьҭеи, макьаназы ахҭыс иалахәыз аветеранцәа зегьы рҿахәы рҿыхам ҳәа.
Адгәыр Агрба дақәгәыӷуеит 15 мшы рыҩныҵҟала Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара аҭара алшап ҳәа. Ари аамҭа иалагӡамхар аҿҳәара иацҵатәхоит ҳәа иҳәоит Агрба.
Адепутат Леонид Чамагәуа ажәалагала ҟаиҵеит, апрокурор хада Апарламент ахь лассы-лассы днаԥхьалазарц, уи ауаа аус шгәыгәҭажьым днарбоит иҳәеит иара.
Абри ашьҭахь аусутә еилацәажәара хдыркәшеит.
Гарри Кокая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Адепутат Кокаиа Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс атәы еиҭеиҳәеит
Иара убри аҽны Аӡҩыбжьатәи аветеранцәа гәыԥҩыки Аԥсны ахадеи реиԥылара мҩаԥысит. Аделегациа ахаҭарнакцәа Дмитри Дбар аминистр имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп ҳәа ишықәгылаз.
Аслан Бжьаниа аҳәара ҟаиҵеит аусҭҵаара аамҭа арҭарц. Атәыла ахада иҳәеит аусҭҵаара аамҭа рацәаны ишамго, апрокуратура аӡәгьы анырра шеимҭо, апрокурор аӡбра идикыло азы ахада адырра анииҭалак ашьҭахь шакәу ари азҵаара аныӡбхо.
"Апрокуратура алкаақәа ҟанаҵоит. Уи ашьҭахь урҭ аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳусура мҩаԥаагоит. Ҳара ҳауп ари аҩыза аинститут аԥызҵаз. Аҽа мҩак ала аныҟәара сгәы иҭам. Ҳагәра еибамгартә еиԥш акгьы ҳамам. Акомпетенттә усбарҭақәа рус дҳарҟаҵап", - иҳәеит иара.
Абри ашьҭахьгьы Апарламент аԥхьа еизаз аидыҵра ргәы иҭамызт. Амитинг алахәылацәа рахь инеиз ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи. Дара ауаа рахь ааԥхьара ҟарҵеит апрокурортә еилыргара иазыԥшырц, уажәазы еилыҵырц.
Амитинг алахәылацәақәак Дмитри Дбар имаҵура дамхтәуп ҳәа иқәгылеит, иҟоуп ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа зегьы ҭактәуп ҳәа зҳәо.
Гәынбеи Шамбеи иазгәарҭеит ахада апрокурортә ҭҵаара инҭкааны имҩаԥгахаанӡа ахыркәшаратә ӡбамҭа шидимкыло.
Еизаз рҟынтәи ахада ихаҭа дааины аделегациеи иареи реиԥылара алҵшәақәа еиҭеиҳәарц рҳәеит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Аԥсны ахада ахҭыс аполитикатә цәа аҟәнырымҵаларц ааԥхьара ҟаиҵеит
Еизаз еимпит асааҭ  15:30 рзы аибашьра аветеран Гиви Допуа иҟаиҵаз ааԥхьара ашьҭахь. Азҵаара шыӡыбхо атәы еилыркаараны иҟоуп жьҭаара 11 азы.
Жьҭаара 5 азы апартиақәа "Амцахареи"  "Аиҭаиреи" атәыла ахада Аслан Бжьаниеи, Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиеи аицҳәамҭа рзынарышьҭит ахҭыс инамаданы.
Аицҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп цәыббра 30 азы адепутат Гарри Кокаиа ихысра ашьҭахь амилициа рыдҵа дшықәымныҟәаз, аимактә ҭагылазаашьа шаԥиҵаз. Ауаажәларратә партиақәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит адепутатцәа Кокаиеи Арӡынбеи  рыстатус рхыхзарц, аусҭҵаара цонаҵгьы рнапынҵақәа шьҭарҵарц.
Абри инашьҭарххны аоппрозициатә партиақәа анашьҭымҭақәа ҟарҵеит.
"Жәлар ракзаара Афорум" ахҭыс уаанӡа зеиԥш ҟамлац акакәны иахәаԥшуеит. "Атәыла ахада амаҵуратә чынуаа русура рамхра иҭахымзар, ауаажәларраҿ ари  атәыла ахада  атәылауаа рзинқәа дрызхьамԥшыкәа идгылаҩцәа ихьчоит ауп иаанаго ҳәа  ирыԥхьаӡоит", - рҳәеит.
"Амцахареи" "Аиҭеиреи" рҳәамҭақәа Аӡҩыбжьа ақыҭауаа ахҭыс аполитикатә мҩахьы идырхеит ҳәа ахырҳәааит.
"Аҳәамҭаҿы аветеранцәа рганахь ала анапышьҭыхра аӡбахә зынӡагьы иҳәам, изыхцәажәо аминистр Дмитри Дбар ибзырӡоуп. Оумашәа иубартә иҟоуп  "Амцахара" адепутат Г. Кокаиа Аиааира амш азы ихысра абриаҟара анахырҳәаауа апартиа ахадара иреиуоу М. Зыхәба, иҩызцәеи иареи амилициа аусзуҩцәа ирықәкны  ихысуаз, ишьапы дақәиҭны дахьыҟоу  ахьазгәарымҭо. Ари аҳәамҭала иубартә иҟоуп амчра иарбанызаалак обиективтә еилыргарак аҟаҵара агәы ишҭам» ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аӡҩыбжьаа ирҳәеит иахьатәи ахада идгыло апартиақәа рҳәамҭақәа иаадырԥшит ахҭыс мзызҵәҟьаны иамоу ҳәа.
Аԥсны ауааԥсыра рзинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрылԥҳа Аԥсуа телехәаԥшраҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы цәыббра 30 азы Аҟәа азинхьчаҩцәеи адепутати аветеранцәеи злахәыз ахҭыс ахҳәаа алҭеит.
Обстановка вокруг здания Правительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Омбудсмен цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс ахҳәаа алҭеит
Лара илҳәеит Апарламент адепутатгьы, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәагьы, амаҵзурауаҩ ихымҩаԥгашьаз акодекс шеиларгаз. Шьаҟрылԥҳа иазгәалҭеит асеиԥш ҟамлар шакәыз, аха уи иҟалаз амзызқәа шамоу.
"Ҳара иаҳхықәку ауаҩытәыҩса изинқәа зыхьчо аофис ахҭыс иалацәажәеит ҳәа ауаа ирҳәарц акәӡам, ҳара иаҳҭахуп ари аҩыза ҳтәылаҿы аҭыԥ заиуз, мзызқәас иамоу аарԥшра", - ҳәа лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.
Лара лажәақәа рыла иахәҭоу зегь ҟаҵатәуп азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иара убасгьы иазгәалҭеит ари аус аполитикатә ҟазшьа аҭара иашам ҳәа.
Омбудсмен илҳәеит аминистр ахысра гәыгәҭеимыжьыр шакәыз, аха асеиԥштәи аҭагылазаашьала акәымкәа.
"Аныҳәамш азы иҷаԥшьозароуп амилицаа, ауаажәларратә зинеиҿкаара иахылаԥшуа. Иҵаатәуп, иабаҟаз арҭ ауаа? Аминистр иакәымкәа дара зракәми ари аҭыԥ аҿы иҟазар зыхәҭаз? Ари иаанаго аусура аиҿымкаароуп", - лҳәоит Шьаҟрылԥҳа.

Амаинерцәа рзы аԥкрақәа

Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь адҵа ҟаиҵеит акриптовалиута арҳаразы аусура иадҳәалоу аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵазарц.
Человек за работой у компьютера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2021
Аилак VPN аблокада азуразы: харантәыла аус зуа арахь иаҵанакӡом
Уаанӡа аԥкрақәа 2020 шықәса ԥхынҷкәын 28 инаркны 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аус руан. Ахантәаҩы идҵа инақәыршәаны абонентцәа аинформациа-телекоммуникациатә ҳа аинтернет аҿы акриптовалиута арҳара алзыршо адоменнтә хьыӡқәа, асаит адаҟьақәа рырбагақәа, аҳатә ҭыӡҭақәа рхархәара рзыԥкуп.
Аимадара аоператорцәа ргәы рҽанҵоуп иахәҭоу атехникатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара алдыршарц. Адҵа рыдкылоуп Аԥсны акриптовалиута арҳаразы аусура рыҿҳәара 2022 шықәса хәажәкырамзанӡа аанкылараз 2021 шықәса хәажәкыра 30 азтәи Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ашьаҭала.
Акриптовалиута арҳаразы аусурақәа ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит 2020 шықәса аахыс афымцатә ҳақәа реидара ахьанҭахареи афымцамч адефицити инарыдҳәаланы.

Арҵаҩцәа аҳамҭа рыҭара

Жәларбжьаратәи арҵаҩцәа рымшныҳәа азгәарҭоит есышықәса жьҭаара хәба рзы еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рыҟны, убас Аԥсынгьы.
Аҟәа имҩаԥысит Жәларбжьартәи арҵаҩцәа рымш иазкыз аныҳәатә еилатәареи аҳамҭақәа ранашьареи иазкыз аусмҩаԥгатә. Сынтәа Аԥсны еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи арҵаҩцәа ҩажәаҩык аԥсахеит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ аиура. Иреиҳаӡоу "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ранашьан ааҩык арҵаҩцәа.
Награды и поздравления: профессиональный день педагогов отметили в Абхазии   - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Аԥсны арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа ранаршьеит
"Ҳаҭыр зқәу ҳарҵаҩцәа, асасцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит арҵаҩы имш. Шәџьабаа даара ирацәоуп, пату ҳзақәуп. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аҿар реиҵааӡараҟны ачҳара ду", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр.
Арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәаларц арахь имҩахыҵит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа, Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба.
"Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, иахьа аҵара ус знапы алаку, тәанчара иҟоу, зегьы азин сышәҭ шәымшныҳәа шәыдысныҳәаларц. Ҩаԥхьа еиҳа адгылареи, ахылаԥшреи шԥаҳау ҳәа шәхы иазышәҳәо, шгәы бзиа ҽааныԥшӡала шәнеиааит", - ҳәа дрыдныҳәалеит Валери Кәарҷиа.
Адунеизегьтәи Арҵаҩ имш еиҿкаан 1994 шықәсазы ИУНЕСКО аԥшьгарала, ари аныҳәа еиднакылоит арҵара иазааԥсо зегьы.
Аҵараҟәша аусзуҩцәа рџьабааи, урҭ рзанааҭ ҭыԥс иааннакылои, ажәлар разхьарԥшра хықәкыс иҟаҵаны, 1994 шықәсазы официалла ООН ишьақәнарӷәӷәеит ари аныҳәа. Рыцхәс иазалхын жьҭаара 5. Уи арыцхә машәыршақә иалхӡамызт, 56 шықәса раԥхьа убри амш аҽны, Париж имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа иаднакылеит ашәҟәы "Арҵаҩы истатус иазку". Уаҟа раԥхьаӡа акәны иарбан "арҵаҩы" ҳәа аилкаара, уахь иаҵанакуан алагарҭатәи абжьаратәи ашколқәа рыҟны аҵаҩцәа аҵара дзырҵоз арҵаҩцәа.
Арҵаҩы имш – ари аҳаҭыри ачҳареи еиҵагылоу абиԥара рдырра иасимволуп.

COVID-19 аҭагылазаашьа

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28780-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23813-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ҩык.
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
Х-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра "Спутник Лаит" алаҵа ҟарҵахьеит
Жьҭаара 9 азтәи адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 52-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 42-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 28-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 97-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.

29 шықәса Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь

Жьҭаара 6 рзы иҵит 29 шықәса Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәуижьҭеи.
Освобождение Гагрского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
"Амҩа ԥсҭазаара" ала: Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 29 шықәса ҵит
Гагра араион ахақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра аҽны, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәара, Гагра араион анапхгара, Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа, Нхыҵ-Кавказтәи аделегациақәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи, рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи, ақалақь иаҭааз асасцәеи.
Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Жьҭаара 2, 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы аоперациа иалагеит. Жьҭаара 6, ашьыжь 6 сааҭки 40 минуҭи рзеиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Ԥсоу аҳәаа иахашәыршәыруан.
Ари раԥхьатәи иааирахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра цонаҵы, раԥхьатәи гәыӷрахеит ҳажәлар рзы, раԥхьатәи ԥышәарахеит аԥсуа хацәа рзы.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа РУСДРАМ аҿы

Жьҭаара 9 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа РУСДРАМ лконцерт.
Концерт Хиблы Герзмава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
"Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." РУСДРАМ асценаҿы
Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. Уи аахижьҭеи иара агеографиа арҭбааит. Афестиваль аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Ниу-Иорк Карнеги-холл аҿы, Вена Музикфераин азал аҿы, Швеицариа Санкт-Морице аҿы.
2021 шықәса нанҳәамзазы афестиваль мҩаԥымсӡеит акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны, ииаган жьҭаарамзахь.
Аԥсны иҟоу аепидҭагылазаашьа ҳасаб азуны атеатр аҟны аҭыԥқәа рмаҷын - 495 рҟынтәи 240-нӡа.
Гьерзмааԥҳа 16 композициа налыгӡеит аконцертмеистер, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Екатерина Ганелина лаккомпанемент ацны.

Аԥсны ахада Москваҟа дцеит

Жьҭаара 8 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2021
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Урыстәылаҟа дцеит
Иазгәаҭоуп, Бжьаниеи Урыстәыла ахада иусбрҭа аҟныи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала.
Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Бжьаниа ари идикылеит.
Аԥсны ахада уаанӡатәи иусутә ныҟәарыла Москва дыҟан ԥхынгәымзазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0