Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит аҭоурых-культуратә мазара аҳәаа ахыгаразы иҟоу ауадаҩрақәа шҭиҵаауаз

Аҩӡба еиҭеиҳәеит, аҭоурыхтә мазара Аԥсны анҭыҵ ишыҟало атәы зҳәо аматериал шҭиҵаауаз
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә культуратә мазара аҳәаа ишахырго атема ҭиҵаауан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба. Арадиоефир аҿы иара еиҭеиҳәеит археолог ԥаршеицәа рзы иҟоу ауадаҩра атәы, урҭ Аԥсны ирыԥшаауа анаҩс атәыла ишалырго.
Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы шәаԥхьар шәылшоит – Ценности на вывоз: как предметы культурного наследия оказываются за границей ҳәа хьӡыс измоу акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба иазирхиаз анҵамҭа. Уаҟа иара иҽԥыишәеит Аԥсны археиолог ԥаршеицәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа иахьынӡаҵауло аилкаара.
"Атемахь ҳхьазырԥшыз ахҭыс ҟалеит ааигәа. Краснодар аиҳаирбаӷәазаҿы даанкылан Урыстәыла атәылауаҩ, иара идбалан Дранда иааихәаз ҳәа ззиҳәаз аџьазтә џьар. Анаҩс еилкаахеит, иара аҭоурыхтә культуратә ҩаӡара шамоу. Акультуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аиҳабы Шандор Ҟаитан иҳәеит, Аԥсны археолог ԥаршеицәа ааха ду шрырҭо, уи апроблема ҵарны ишықәгылоу атәы. Археологцәа аус ахьыруаз аҭыԥқәа рҿы, дара рус анхдыркәшалак ашьҭахь, археолог ԥаршеицәа неины аусура иалагоит. Лассы-лассы Аԥсны анҭыҵ аукционқәа рҿы иубоит ҳтәыла иԥшааз амаҭәарқәа, урҭ ирымоу аҷыдарақәа рыла Аԥснынтә ишнагоу убаратәы иҟоуп. Ари зыхҟьоугьы, Аԥсны аҳәааҿы, амаҭәар акультуратә ҭынхахьы иаҵанакуа, мамзаргьы мап, еилызкаауа аспециалистцәа рыҟамзаара ауп. Амаҭәар ахә зшьар зылшо аспециалистцәа даара имаҷуп", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Ажәабжьқәа зегьы
0