Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ашәба академик Шоҭа Салаҟаиа изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ашәба академик Шоҭа Салаҟаиа изкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҵарауаҩ нага Шоҭа Хьыча-иԥа Салаҟаиа иуаҩышьа, иҟазшьа, аҭҵаарадырраҟны илагала атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Иахьа Аҟәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит академик, Ахьӡ-Аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиеи Гьаргь Ӡиӡариеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә пермиақәа рлауреат, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, афольклорҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик Шоҭа Салаҟаиа.
Алахьеиқәратә митинг иалагоит асааҭ 13 рзы Аҟәа Арҵаҩы иҩнаҿы. Аҵарауаҩ нага анышә дамардоит Очымчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
"Аԥсуа ҭҵаарадырраҟны Шоҭа Хьыча-иԥа иааникылоз аҭыԥ акыр иҳаракуп, иара дзыԥсахуа, иаҟара аҵаулара зманы, имҽхак ҭбааны даҽаӡәы ихьӡ сызҳәом. Шоҭа Хьыча-иԥа аԥсышәалагьы урысшәалагьы дыҩуазар, аҩ-бызшәак еизеиԥшны дыҟан. Аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура мацара акәымкәа, Кавказтәи акәымкәа, адунеитә идыруа аҟынӡа дыҭбаан. Иара инапы иҵихыз, амифологиатә жәарқәа ирниҵаз аԥсуаа ҳдоуҳатә культура иазку нбанк ԥсахымкәа, иара ишиҩыз еиԥш ианырҵеит. Џьашьахәыс ирыман аԥсуаа абас еиԥш иҟоу аҵарауаҩ нага дахьҳамаз. Иара еизеиԥшны аԥсуа еиԥш Кавказ жәлар рфольклор, ретнографиа, рсахьаркыратә литература бзиаӡаны идыруан", - иҳәеит Ашәба.
Иара иазгәеиҭеит аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа аԥсҭазаараҿы ахӡыргара иашьҭамыз, иаамсҭашәаз уаҩны дшыҟаз.
Иаҳа инеиҵыхны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аҵарауаҩ нага Шоҭа Салаҟаиа имҽхаикыз аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рацәан - афольклор, алитература аҭоурых, алитературатә критика, иҭиҵаауаз зегьы Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа рҭынха иаҿирԥшуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0