Урыстәыла жәларбжьаратәи арезервқәа аҭоурыхтә ҩаӡара еиҭахацдыркит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентральный банк – виды, таблички, логотипы.
Центральный банк – виды, таблички, логотипы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Жьҭаара 22-29 рзы Урыстәыла жәларбжьаратәи арезервқәа аҭоурыхтә ҩаӡара еиҭахацдыркит 0,3% ихаланы. Ишьақәдыртәеит 623,2 миллиард доллар, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости АХ(ЦБ) адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны..
Уаанӡатәи арекорд шьақәыргылан жьҭаара 22 рзы – 621,6 миллиард доллар.
" Жьҭаара 22-29 рзы Урыстәыла жәларбжьаратәи арезервқәа аҭоурыхтә ҩаӡара еиҭахацдыркит 0,3% ихаланы. Ишьақәдыртәеит 623,2 миллиард доллар, аиҳаракгьы аҳәаанырцә валиута аахәараз аоперациақәа рымҩаԥгарала", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Жәларбжьаратәи (ахьывалиутатә) арезервқәа зликвидҳараку аҳәаанырцә активқәа роуп. Арезерв ахьы, азин ҷыдақәа, МВФ аҿы арезервтә позициа, аҳәаанырцәтәи авалиутақәа рыла ишьақәгылоуп.
2020 шықәса рзы Урыстәыла жәларбжьаратәи арезервқәа ирызҳаит 7,5% рыла, 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 азы 595,8 миллиард доллар иҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0