Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауардын, амагана, аҷҟарапат: аԥсуааи аҽаҩра аингалареи

© SputnikСбор урожая кукурузы
Сбор урожая кукурузы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Анапаҵаҩра
Аҽаҩра аҭагалараҿы ацхыраара узҭо маҭәарқәак рыхҳәаа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа
Ауаҩы жәынгьы-ҿангьы адгьыл дадҳәалоуп, дықәаарыхуеит. Дзықәгылоу, дызқәаарыхуа адгьыл инаҭоит ихи иҭаацәеи зланыҟәигаша, дзырбарақьаҭша аҽаҩра.
Аԥсуаа ртрадициатә занааҭ хадақәа ираԥхьагылоуп адгьылқәаарыхра. Адгьылқәаарыхра – ари акырӡа зхыҵуа, ҳаԥсҭазаара иаласоу нхара-нҵыра хкуп.
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Аԥсуа дгьыл акыр ианааланы иазҳауеит аԥш (бзыԥын ирҳәоит-аџьықәреи). Аҽаҩра бзиа аазышьҭуа аџьықәреи иалҵуеит аџьа збо анхаҩы дзыҭәҳәаны иифаша афатә - абысҭа.
Иԥхеи-ԥхеиуа иҟоу абысҭа дарбану згәы амырҭәра! Иара аԥсуаа ирымоу ацыфақәа зегьы ирнаалоит, сасгьы-ԥшәымагьы пату ақәырҵоит.
Абыста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2019
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны
Амала, аԥсуа чысқәа ираҳу абысҭа злырхуа аџьықәреи Аԥснынӡа иааӡаанӡа акыр амҩақәа ирнысит. Раԥхьа Американтәи Европаҟа иаанагаз, нас Ҭырқәтәылантәи ҳадгьыл иқәнагалаз аџьықәреи (абжьыуаа рҿы – аԥш) Аԥсны иаадрыхуа иалагеит 18-тәи ашәышықәсазы.
Аԥсны иҟоуп еиуеиԥшым аԥш жәлақәа: аԥш шкәакәа, аԥш ҩежь, аԥш ҟаԥшь, аҩсҭаа иԥш уб.иҵ.
Амхы аныларҵоз аԥш жәла иаларыԥсон аҟабақ, амахәыда, аҟәыд ажәлақәа. Иҳәатәуп, аԥсуа икрыфараҿы даара ирацәаны ахархәара шрымоу аҟәыдлых фатәқәа. Аҟәыд жәлақәа иреиуоуп: ахаҟәыд, ашьапкьаҿ, аҟаԥшь, ашкәакәа, аиқәаҵәа уҳәа.
Уборка урожая кукурузы в Абхазии (Лонгрид) - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
"Раки-ӡаки, раки-ӡаки": Нацәкьыс амхурсҭақәа данрылоу аамҭа
Абызшәа иалоуп адгьыл, ауаҩы, аҽаҩра ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа маҷымкәа. Урҭ иадырбоит аԥсуа жәлар адгьыл ишазыҟоу, аџьа ишазнеиуа, аџьалыҵ рхы ишадырхәо. Урҭ иреиуоуп:
Анхаҩ бзиа адгьыл еигәырӷьоит.
Анхаҩы ихатә џьала имырҳаз ихаҳаӡом.
Адгьыл ахыхәаҩ ихәлаччоит.
Адгьыл ԥсыла анапы иазыҩуеит.
Аџьықәреи знык иурашәар лапҟьак ҿалоит, ҩынтә иурашәар – ҩба.
Аҽаҩрашықәс ааԥын иунарбоит.
Аҽаҩра барақьаҭхар, аҳәынаԥгьы гәырӷьоит.
Аҽаҩра ԥаса ашьҭра арӡуам.
Ҽаҩраҭагалан аҳәынаԥгьы ахәы аҵәахуеит.
Лаҵан иумҳәаз, бҵан иузҳәом.
Аца џьықәреи ҭамзар, аҳәынаԥгьы ҭалом.
Хадаратәла аарыхратә усурақәа анымҩаԥырго мзақәоуп: лаҵарамза, рашәарамза, жьҭаарамза, абҵарамза.
Уажәы ҳазҭагылоу абҵарамза аҽаҩра аингалара иашыкьымҭоуп. Аҽаҩра аҭагалара, аингалараҿы ацхыраара узҭо маҭәарқәоуп: амагана, акалаҭ, ауардын, аҷҟарапат уҳәа.
Плетение абхазских корзин - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2020
Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам
Аџьықәреи анҩалак анхацәа амхы иҩҭалан аԥш ҿыхуа каԥсара-каԥсара еиқәыԥсо рҿынархоит, анаҩс амагана нымҩанҵо аԥҳә дырхуеит. Еиқәырхәоу, аха ицҳафыруа амагана аҿы цыр-цыр рыцҳашьарак ҟамҵаӡакәа аџьықәреи ашьапы ааиҩнаҵәоит, нас иаргьы аӡара калаӡа амхы ишҭагылаз акәымкәа ахәаԥаҳәа изааӡаз адгьыл ахь инхьыдышьшьуеит.
Амхы аҩны иазааигәазар, аԥш каԥсарақәа жәҩала акалаҭ иҭаԥсаны амхы иалыргоит, ус анакәымха, ауардын ацәқәа ма акамбашьқәа ҩаҵаҳәаны амхы иаларгалоит. Еизыргаз аԥш каԥсарақәа зегь уахь ианыԥсало рҿынархоит. Ацәқәагьы излагылоу абеиара рыбла хнакын "аԥш-аԥҳә рхы налыршьыр" цәгьагьы ирбахуам, аха ауардын иаԥхьагылоу мыцхәы аҽҟьаха рымҭакәа амхы инҭигоит.
Аџьықәреи аца иҭаԥсаны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2018
"Анхаҩ бзиа ҩ-цак изгылазароуп"
Ацәқәа зҵаҳәаз ауардын хәдацәахьы аџьықәреи анԥсалан аҩныҟа иҳашьҭит. Уажәшьҭа ҭынч аԥҳә аӡбахә алацәажәара иацаҳҵап. Анхацәа амаганақәа рыла идырхыз аԥҳә нымҩа-нымҩала еихшаны ишьҭарҵоит, ирышьҭанеиуа аԥҳә нымҩақәа ҿаҳәаны амхырҭаҿы ихдыргылоит. Нас мышкы-ҩымш ирҭагӡаны аԥҳә нымҩақәа (аҿаҳәарақәа) еизганы уа амхаҿы ма арахәҭра иахьазааигәоу ҭыԥк аҟны иҳаракны еиқәырҵоит. Аԥҳә зқәырҵо аҵла аԥҳәаҟәа ҳәа иашьҭоуп. Аԥҳәеиқәҵараан рхы иадырхоит ҩ-цык ма цык змоу аҷҟарапат, иара аԥҳә ҿаҳәарақәа аҿарԥаны, ҵаҟа игылоу аҵла иқәу ииркуеит.
Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш амхырҭаҿы иҿырхыз аԥш шцәалоу жәҩала, уардынла, уажәтәи аамҭазы еиҳарак машьыналагьы иааганы аказарма иҩнарыԥсоит, нас аҭаацәа хҭацәыхак анаароулак иадтәаланы ицәдырҳәуеит. Аԥш ацәа – аԥырча рҩаны еизыркуеит, аӡын аԥҳәеиԥш аԥырчагьы арахә ирҿарҵоит. Ицәдырҳәыз аԥш ааизганы аца иҭарыԥсоит. Ианырҭаху иҿдырпуеит, ирлагоит.
Абысҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2015
Аџьықәреи иалырхуа аԥсуа бысҭа аҭоурых
Ахыркәшамҭазы иаҳҳәап аџьа иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәареи аныҳәаныԥҳьарақәеи рзы ажәақәак.
Ауардын аидара ақәҵаны иаазго дануԥылалак, иаҳәатәуп: – "Уа, аура уқәуп!", мамзаргьы "Абзиаразы инухааит!" Ҭакс иуаҳауеит: – "Бзиара убааит!"
Амхы шҭаугало аӡә духҭыгәлар, абас дуқәныҳәар алшоит:
"Агәырӷьараз иҭаугалааит!", "Ԥшӡала иуфааит", "Аҿамаҿа ԥшӡала ишәфааит!", "Иеиныжәгалаз чара чысхааит, гәырӷьа чысхааит!"
Ажәабжьқәа зегьы
0