Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

400 нызқьҩык Афон ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 2021 шықәса жәамз рыла

© Sputnik / Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2021
Анапаҵаҩра
Анаплакы жәамзтәи ахашәала 76 миллион 336 нызқь мааҭ шьақәнаргылоит.
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. 415 185 нызқьҩык Афон ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 2021 шықәса жәамз рыла ҳәа аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Беслан Ԥандариа.
Иааизакны имҩаԥгаз амаҵзурақәа рыхәԥса иартәеит 210 миллион 383 нызқь мааҭ. Аныхрақәа рзеиԥш хышәаҵышәа иартәеит 119 миллион 36 нызқь мааҭ.
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы 2021 шықәсазы апарк иарҳаз аҳасабырба ҟаиҵеит
Аиҳарак ахарџьқәа аулафахәахьы ирхан– 54 миллион 954 нызқь 900 мааҭ, аулафахәы азы ашәахтә– 10 миллионки 991 нызқь, НДС – 15 миллионки 383 нызқь, афонд хадақәа рамортизациазы – 6 миллионки 223 нызқь, Гәдоуҭа араион абиуџьет ахь ахыԥхьаӡала– 41 миллионки 518 нызқь.
Анаплакы ахашәала жәымз рыла иартәеит 76 миллионки 336 нызқь мааҭ.
Ԥандариа ишиҳәо ала аҳаԥы анапхгара аихамҩа аԥсахраз атехникатә лшара азҵаара иазхәыцуеит.
Беслан Ԥандариа иара убасгьы аԥыза-министр диҳәеит аекскурсиатә билеҭқәа рыхә ацҵара адгылара аиҭарц. Ахәԥсақәа рымԥсахыцт 2014 шықәса раахыс.
Афон Ҿыц ахада инапы ианҵоуп аҳаԥы ахадара алархәны ахыбра акәша-мыкәшатәи аҵакыра аҭышәныртәалараз ажәалагалақәа ҟаиҵарц.
Семейный отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
1,5 миллионҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит 2021 шықәсазы
Ажәабжьқәа зегьы
0