Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуаԥҳа Оҭар Хәынҵариа изы: аԥсуа жәлар рашәақәа, рмелодиақәа иԥсы рыҽҳәаран

Чамагәуаԥҳа Оҭар Хәынҵариа изы: аԥсуа жәлар рашәақәа, рмелодиақәа иԥсы рыҽҳәаран
Анапаҵаҩра
Аԥсуа музыкатә культураҟны зышьҭа наунагӡа иаанзыжьыз акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа арадио Sputnik аефир аҟны дылгәалалыршәеит ибзианы дыздыруаз, аус ицызуаз Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа.
Акомпозитор Оҭар Хәынҵариа диит ԥхынҷкәын 1, 1956 шықәсазы Гагра араион, Лӡаа ақыҭан. Иара дхәыҷаахыс дрызҿлымҳан ижәытәӡатәиу аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа.
"Оҭар Хәынҵариа адырра змаз ҟаза бзиан, амузыкеи афольклори дагәылаланы иҭызҵаауаз иакәын. Иара Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә ҵараиурҭа аоркестртә ҟәша данҭала, аҵариурҭаҟны рҵаҩыс аус зуан. Едуард Бебиа амузыкатә напхгаҩыс дҟаиҵеит "Шьаратын" аҟны. Акәашарақәа ирнаалаша амелодиа бзиақәа иԥшаауан. Авокалтә –инструменталтә ансамбль "Гәында" аҵараиурҭаҟны аиҿкаара саналага, иара сыстудент иакәын, аккордеон аирҳәон, игәаанагарагьы иҳәон аҽазыҟаҵарақәа раан. Уи ашьҭахь иара дҭалеит Москва Акультура аинститут аоркестртә ҟәша. Иҵара далганы данаа, композиторк иаҳасабала дшьақәгылеит. Ҳаҩнаҭа даҭаалон, сыҷкәын Алхас динаҭит. Данааилак еснагь амузыка акәын дызлацәажәоз. Ҳажәлар рашәақәа, рмелодиақәа ԥхасҭахар ҳәа сшәоит, аӡәгьы хьаас имам ҳәа азгәеиҭон. Игәы ҭыӷьӷьаа ҳаԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыҭҵаара даҿын. Аԥсуа жәлар рмузыка, рдоуҳа, аԥсуа композиторцәа рашәақәа, аепикатә ашәақәа, жәлар рашәақәа арҭқәа зегьы иԥсы рыҽҳәаран, имырӡроуп ҳәа дҳаҵҳаҵуа дашьҭан", - лҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Акомпозитор Оҭар Хәынҵариа аҿар рааӡара ихәҭа ду алоуп, ижәытәӡатәиу ҳаԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа: абыкь, аҿарпын, аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр уҳәа, наҟ-наҟгьы рырҿиаразы абзиабара рылаиааӡон. Иара напхгара зиҭоз аколлективқәа Аԥсны анҭыҵ, жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы, изныкымкәа аиааирақәа ргахьан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иаԥиҵаз "Афырхацәа рашәа" гимнк иаҩызахеит. Оҭар Хәынҵариа 140 шәа инарзынаԥшуа авторс дрымоуп. Иҭижьхьан 15 диск. Иара давторуп раԥхьатәи аԥсуа аоператә лакә "Нан".
Оҭар Гьаргь- иԥа Хәынҵариа аԥсуа культураҿы илагалазы, Аԥсны Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ианашьан. Ихьӡ ахуп иҵаҩы Денис Арухаа напхгара зиҭо Жәлар рмузыкатә арҳәагақәа роркестр.
Оҭар Хәынҵариа ачымазара бааԥсы иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 15, 2016 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0