Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагратәи ахәшәтәырҭа урыстәылатәи аковид-госпиталь анықәҵ ашьҭахь ахьанҭара ақәыӷәӷәоит

© SputnikКарета скорой помощи
Карета скорой помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Анапаҵаҩра
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿы амедусзуҩцәа разымхара ыҟоуп, аиҳаракгьы ареаниматологцәеи анестезиологцәеи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Гагратәи ахәшәтәырҭа урыстәылатәи аковид-госпиталь анықәҵ ашьҭахь ахьанҭара ақәыӷәӷәоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
"Ихыркәшахеит ареспубликаҿ иҟаз арратә госпиталь аусура. Урҭ анықәҵ ашьҭахь Гагратәи ахәшәтәырҭа ахьанҭара иаҵагылар акәхеит. Хәҩык-быжьҩык еиҳа еиҳаны ауаа неиуеит", - иҳәеит иара.
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Гагратәи ахәшәтәырҭа хада иазынашьҭуп ацхыраара ласы амашьына ҿыц
Убри аан алаҵаҟаҵара хьысҳаны имҩаԥысуеит. 30 000-ҩык араион ауааԥсыра рҟынтәи 1400-ҩык роуп алаҵа ҟазҵахьо.
"Аӡынтәи аамҭазы Гагра инхо 30 нызқьҩык роуп. Алаҵаҟаҵара еиҳа активла имҩаԥысуазароуп", - иҳәеит Барцыц.
Барцыц иара убасгьы иазгәеиҭеит Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿы амедусзуҩцәа разымхара ыҟоуп, аиҳаракгьы ареаниматологцәеи анестезиологцәеи.
Старт вакцинации от коронавируса в ДНР и ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Аԥсны
Бжьаниа алаҵа ҟазымҵо аҵарадырра аусхк аусзуҩцәа русура иамырхырц рыдигалеит
"Аҟазауаа ҳацәмаҷуп. Ауадаҩрақәа ыҟоуп. Убри азы Урыстәыла иҭоу астудентцәа рҵараҵара ахә ахаҳшәаауа, дара анаҩс арахь аусураз игьежьуа апрограмма шьақәҳаргылеит", - иҳәеит иара.
Уаанӡа абри атәы далацәажәахьан ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа.
Барцыц иҳәеит амедусҳәарҭа аџьабаа шадҵоу, аԥаразоужьра маҷымкәа ишымҩаԥгаз араион ауааԥсыреи асасцәеи аҭагылазаашьа маншәалақәа рзаԥҵахарц азы.
"Аҭыԥантәи абиуџьети афинансқәа рминистреи реицхыраарала агәабзиарахьчара аусзуҩцәа рулафахәы 20% ишьҭыхын. Урҭ уажәы бжьаратәла ироуеит 19 нызқьи 100 мааҭк. Аремонт азаауит алабораториа. 4 миллионки 200 нызқь мааҭ ахҭынҵоуп. Аковид-ҟәшахьы аҵәыҵәри ишиашоу инеиуа иҟаҵоуп. Уи иахҭынҵоуп ҩ-миллионки 100 нызқьмааҭ", - иҳәоит араион ахада ихаҭыԥуаҩ.
Барцыц иажәақәа рыла аковид-ҟәшаҿы аҭыԥқәа ирыцуҵар ауеит, аха аԥхынразы ауаа рацәа рыҟазаараан ауадаҩрақәа цәырҵуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0